АЖӘАБЖЬҚӘА

19.Мшаҧы.2024

Очамчыра ақалақь аҿы иалагеит аӡиудо азы иаарту ареспубликатә турнир «Очамчыра Ахраҿа».

Аҟәа. Мшаԥымза 19, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.   Мшаԥымза 19 рзы Очамчыра ақалақь аҿы иалагеит  аӡиудо азы иаарту ареспубликатә турнир «Очамчыра Ахраҿа», ҳәа адырра ҟанаҵоит аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы асаит.

Аицлабрақәа мҩаԥысуеит 2007-2009, 2010-2011, 2012-2013 шш. рзы ииз арԥарцәеи аҭыԥҳацәеи рыбжьара. Атурнир рхы аладырхәуеит 150-ҩык инареиҳаны Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи Шәача ақалақьи рҟынтәи аспортсменцәа.  

Атурни аартра ацеремониа аҿы уи алахәылацәа ирыдныҳәалеит Очамчыра араион Ахада Беслан Бигәаа, Аԥсны аӡиудо Афедерациа апрезидент ихаҭыԥуаҩ Андреи Погосов, иара убас атурнир аӡбаҩ хада  Едишер Конџьариа.

Анаҩс Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы аспорттә ҟәша аспециалист хада Анӡор Твиӡба ӡиудо азы Ареспублика Аԥсны аспорт азҟазарахь акандидат игәышԥытә дыргеи аршаҳаҭгеи ииҭеит Едуард Меликиан. Аспортсмен аразриад ианашьахеит мшаԥымза 15, 2024 шықәса рзы.

Атурнир иҟоу жәларбжьаратәи аӡиудо аԥҟарақәа инарықәыршәаны (Аԥсны ӡиудо Афедерациа аҿы ишьақәырӷәӷәаз аӡбаратә ԥҟарақәа рыцҵақәа инақәыршәаны) хазы-хазы аҭыԥҳацәеи арԥарцәеи рыбжьара имҩаԥысуеит. Аицлабрақәа хыркәшахоит мшаԥымза 20 рзы.


Read 178 times - Ахәаша, 19 Мшаҧы 2024 17:37
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.