Акомандаҟаҵара-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵара ахықәкы хада анагӡара инақәыршәаны, ауснагӡатәқәа ркомплекс мҩаԥган.
Арратә зыҟаҵара амҩаԥгараан афицарцәа ирымоу аԥышәа рхы иархәаны арезервтә хысратә бригада аиҿкаареи, арратә комиссариат азырхианы иазԥхьагәаҭоу араион ахь рнагареи, аҽыхьчареи аҽазыҟаҵареи амҩаԥгара азы ахыдҵақәа нарыгӡеит.
Акомандаҟаҵара-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵара ахыркәшаратә етап аан ахысратә дәы «Ҵабал» аҿы еиныруа арҟәшақәа, артиллериатә, авиациатә мчрақәа рҽеидкыларала ахысрақәа мҩаԥгахеит.
Акомандаҟаҵара-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵара иара убас иалахәхеит арратә авиациагьы (аибашьыгатә ҳаирпланқәа, аҵәиԥрыгақәа), аԥырҩы дызҭам аԥырратә аппаратқәа, акәылӡтанктә ҟәшеиҵақәа, агәыцәтә артиллериа.
Ахатәы еилазаара иарбоу арратә ҽазыҟаҵараан раԥхьа иқәгылаз ахыдҵақәа рынагӡаразы зыҩаӡара ҳараку адырреи алшареи шрымоу аадырԥшит. Акомандаҟаҵара-штабтә мобилизациатә ҽазыҟаҵара анапхгараҭара иқәнаргылаз ахықәкқәа зегьы рынагӡара алыршахеит.