АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Мшаҧы.2024

Аӡиа Риҵа ааигәа-сигәа иҟоу аӷбашахатә лбаашьҭрақәа быжьба рҟынтәи акоуп ашәарҭадара анормақәа ирықәшәо.

Аҟәа. Мшаԥымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны атуризм Аминистрреи Аҳәынҭстандарти рыспециалистцәа  планла иазԥхьагәаҭаз «зиплайн» ҳәа изышьҭоу  аӷбашахатә лбаашьҭрақәа раттракционқәа ргәаҭара мҩаԥыргеит.  

Аԥсуа телехәаԥшра иҟанаҵо адыррақәа рыла, иарбоу аобиектқәа ргәаҭараан хыԥхьаӡара рацәала  ашәарҭадара атехника аилагарақәа аарԥшхеит. Азиплаинқәа реиҳарак ашәарҭадара анормақәа ирықәшәаӡом.

Аӡиа Риҵа ахь инагоу амҩала игылоу раԥхьатәи азиплаинқәа руак аусура аанкылоуп. Агәаҭараан аргыларазы азин зырҵабырго аусшәҟәқәеи реиԥш апроект ахаҭагьы шыҟам еилкаахеит.  Иара аобиект ахаҭагьы аԥсҭазаара азы ишәарҭадам ҳәа алкаа ҟаҵан. Аттракцион зтәу ироуз азԥхьанҵақәа зегьы нарыгӡароуп.

4-тәи акилометр аҿы игылоу азиплаин макьана аус ауӡом, избан акәзар атуристтә сезон аламгаӡацт, аха уаанӡа игәарҭаз аттракцион аҿы еиԥш араагьы аӷбашахатә лбаашьҭырҭа аԥсҭазаара азы ашәарҭара аҵоуп ҳәа алкаа ҟаҵан. Араҟа ашәарҭадара анормақәа зегьы еилагоуп.

Аҳәынҭстандарт атехникатәи аенергетикатәи хылаԥшра адепартамент аҳәынҭинспектор Сергеи Потиомкин, иарбоу аобиект азы иҳаҩсыз ашықәс азгьы азԥхьанҵақәа ҟаҵан ҳәа иазгәеиҭеит.  

Сергеи Потиомкин ишазгәеиҭаз ала, аилагарақәа раарԥшраан аттракцион аԥшәмацәа мызкы аҽҳәара аҭаны аилагарақәа рырҽеира азы азԥхьанҵа рырҭоит, аилагарақәа ӷәӷәазар, усҟан жәмш рыҩныҵҟа зегьы арҽеира алыршазароуп хымԥада.

Аӡиа Риҵа ахь инагоу амҩаду 6-тәи – 7-тәи акилометр аҿы игылоу аттракцион «зиплаин» убасҵәҟьа аҭагылазаашьа иахьеиӷьу ҳәа акгьы ыҟам.  Аӷбашахатә лбашьҭыга амҿы иалху аӷәы мацарала иакуп.

8-тәи  акилометр аҿы аӷбашахатә лбаашьҭыга звольҳараку афымцацәаҳәақәа рыҵаҟа инашьҭуп, анаԥшратә плошьадка ԥҽуп, изеиԥшразаалак аусура азы ақәиҭратә усшәҟәқәеи апроекти ыҟаӡам. Аспециалистцәа ражәақәа рыла, ари аобиект анаҩстәи ахархәара залыршахом.

9-тәи акилометр аҿы игылоу аӷбашахатә лбаашьҭыгагьы убасҵәҟьа  ашәарҭадара анормақәа ирықәшәаӡом. Уажәы уаҟа аусурақәа мҩаԥысуеит.

13-тәи акилометр аҿы игылоу аобиектгьы аҿы аҭагылазаашьа убасҵәҟьа иҟоуп: аҭахкаара, аусуразы азин рызҭо аусшәҟәқәеи апроекти  ыҟаӡам иҟоуп имаҷымкәа егьырҭ аилагарақәагьы. Аспециалистцәа аобиект аамҭала аусура аанкыларазы акт еиқәдыршәеит.

Аҳәынҭстандартә аусзуҩцәа иарбоу аобиектқәа рҿы хымԥада аҭахкаагақәеи агәҽанызааратә ҭыӡҩырақәагьы шьақәыргылазароуп ҳәа иазгәарҭеит.

Аӡиа Иаҵәа ааигәара игылоу азиплаин араҟа аус зуа зегьы иреиҳау аттракционқәа иреиуоуп. Уи аҭагылазаашьа агәаҭараан аспециалистцәа аилагарақәа рымԥшааӡеит. Иара убас, араҟа анаԥшратә плошьадка ду аргылара иаҿуп.

Аӡиа Иаҵәа ахыхь даҽа ӷбашахатә лбаашьҭырҭа ыҟоуп. Уи иҳараку анаԥшратә плошьадка аҿы игылоуп, аха араҟа шамахамзар аҭааҩцәа уԥылаӡом.  Аспециалистцәа ражәақәа рыла, ари аобиектгьы ашәарҭадара анормақәа ирықәшәаӡом.

Иааизакны, агәаҭарақәа рымҩаԥгараан, аӡиа Риҵа ахь инагоу амҩала игылоу аӷбашахатә лбаашьҭрақәа быжьба рҟынтәи акоуп ашәарҭадара анормақәа ирықәшәо.  Егьырҭ аԥсҭазааразы ишәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡоуп.

Сергеи Потиомкин ишазгәеиҭаз ала, зиплаин заҵәык ауп зхархәара ҟало, уи Аӡиа Иаҵәа аҿы игылоу ауп.

Атуризм Аминистрреи Аҳәынҭстандарти рыспециалистцәа «зиплаин» ҳәа изышьҭоу аттракционқәа рҿы уажәаԥхьагьы  изныкымкәа хыԥхьаӡара рацәала аилагарақәа аадырԥшхьан, аха, аттракционқәа рыԥшәмацәа ирырҭо азԥхьанҵақәа аиҳарак аан инагӡамкәа иаанхон.

Аҳәынҭстанданрт атехникатәи аенергетикатәи ахылаԥшра адепартамент аиҳабы Ерик Кокосқьериа, иарбоу аобиектқәа рзы уаанӡагьы азԥхьанҵақәа ҟаҵан ҳәа иазгәеиҭеит.

«Ҳара даҽазныкгьы агәаҭарақәа мҩаԥаагеит. Ишеилаҳкааз ала, уаанӡа иҟаҵаз азԥхьанҵақәа азхьаԥшра рмоуӡеит. Ҳара араион Ахадара ахь ашәҟәқәа дәықәаҳҵар ҟалап, иаарԥшыз аилагарақәа рырҽеира алыршахаанӡа иарбоу аобиектқәа русура аанкылазарц азы.  Иарбан аттракционзаалакгьы иацзароуп атехникатә усшәҟәқәа. Даҽакала иуҳәозар, иалкаау аусура ахкы азы аргылара азы азин узҭо ақьаадқәа, адгьыл ахәҭа азоужьра азы ақьаадқәа, анаҩс апроекттә ӡбамҭа еиқәыршәахоит, уи  апрофильтә усбарҭа аҿы ақәыршаҳаҭра аиуроуп. Ари аусбарҭа  – атехникатә хылаԥшра ҳәа изышьҭоу ауп. Атехникатә хылаԥшра аинспекторцәа аҭыԥ ахь инеины рхала ирбароуп аобиект Аҳәынҭстандарт анормақәа ишрықәшәо, анаҩс аобиект аусура ахацыркра азы алкаа зну аусшәҟәы рыҭара мҩаԥгахоит», – ҳәа иҳәеит иара.

Аԥсны атуризм аминистр ихаҭыԥуаҩ Асҭамыр Барцыц, Аԥсны иаауа атуристцәа ршәарҭадара, ахьарбоу атуризм Аминистрра Аԥҟара инақәыршәаны, есышықәса, акурорттә сезон алагаанӡа аттракционқәа рҭагылазаашьа агәаҭара хымԥадатәны иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

«Егьырҭ амчра аусбарҭақәа аус рыцурала «зиплаин» ҳәа изышьҭоу аттракционқәа атехникатә ҭагылазаашьа анормақәа иахьынӡарықәшәо аилкааразы амониторинг мҩаԥаагоит», - ҳәа иҳәеит иара.

Планла иазԥхьагәаҭоу аттракционқәа ргәаҭара есышықәса, акурорттә сезон аламҭалазы имҩаԥысуеит.

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 163 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 15:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.