АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Мшаҧы.2024

Ҟарачы-Черқесстәи Ареспублика аҟынтәи хҩык аҵарауаа Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылацәас иалхуп.

Аҟәа. Мшаԥымза 18, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Мшаԥымза 17 рзы Аԥсны анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум аилатәара мҩаԥысит. Араҟа Анаукақәа Ракадемиа хҩык ҳаҭыр зқәу алахәылацәа ралхра мҩаԥысит, ҳәа адырра ҟаҵоуп Академиа аофициалтә саит аҿы.

Нхыҵ Кавказ аҵарауаа ркандидатурақәа рыдгалара мҩаԥыргеит академикцәа   Ианварби  Екба, Валентин  Коӷониа, Лили  Ҳагба.

Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент, академик Зураб Џьапуа аиашьаратә Ҟарачы-Черқесстә Республика аҟынтәи аҵарауаа Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылацәас ралхра акыр зҵазкуа хҭысны иҟоуп ҳәа иазгәеиҭеит.

«Акандидатцәа Пиотр Чекалов, Сергеи Пазов,  Муминаҭ Гонова доусы рнаукатә усхкқәа рҿы еицырдыруа аспециалист дуқәаны иҟоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Зураб Џьапуа.

Актәи акандидатура адгалара мҩаԥго, академик, Анаукақәа Ракадемиа амаӡаныҟәгаҩ Валентин Коӷониа, 1991 шықәсазы  Пиотр Чекалов акандидаттә диссертациа ихьчон ҳәа адырра ҟаиҵеит. 1993 шықәсазы уи аконкурс ала Ставропольтәи арҵаҩратә Институт  XX ашәышықәса азы аурыс литература акафедра адоцентс далхын. Ԥхынҷкәынмза, 2000 шықәса рзы Ставропольтәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы иара афилологиатә наукақәа рдоктор ҳәа анаукатә ҩаӡара аиуразы адиссертациа ихьчеит. Хәажәкырамза, 2006 шықәса рзы, Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра аӡбамҭа ала Пиотр Чекалов апрофессор ҳәа ахьӡ ихҵан. Уажәы уи Хапсироков ихьӡ зху Ҟарачы-Черқесстәи агуманитартә ҭҵаарақәа Ринститут Ҟарачы-Черқесстәи ажәларқәа рлитература аҟәша анаукатә усзуҩ еиҳабыс аус иуеит.  Пиотр Чекалов – 2005 шықәсазы иреиӷьу анаукатә шәҟәы азы урыстәылазегьтәи аконкурс алауреат иоуп. Уи инаукатә напхгарала ааҩык аспирантцәеи анаукатә хьӡы аиуразы иқәгылаз ркандидаттә диссертациақәа рыхьчеит.  Пиотр Чекалов Аԥсны анаукатә ԥсҭазаарагьы ихы алаирхәуеит. 2019 шықәсазы Пиотр Чекалови  академик Зураб Џьапуеи еиқәыршәаны иҭрыжьит ашәҟәы «Абазинские материалы А. Н. Генко».   Пиотр Чекалов имоуп 300 инареиҳаны анаукатә, аҵара-методикатә публикациақәа, 20 монографиеи аҵаратә цхыраагӡатәқәеи  уахь иналаҵаны.  

Сергеи Пазов – еицырдыруа аҵарауаҩ-алингвист, афразеолог, абаза бызшәа афразеологиа раԥхьатәи аҭҵааҩы иоуп. 1981 шықәса инаркны иара Ҟарачы-Черқесстәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы аус иуан, 1992 шықәса инаркны анауаатә усура азы апроректорс аус иуеит.

Сергеи Пазов – 130 инарзынаԥшуа анаукатәи аҵара-методикатәи аусумҭақәа дравторуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп амонографиа,  анаукатә статиақәа реизга, ажәар, арҵагатә хархәагақәа ԥшьба, иара убас иреиҳау аҵараиурҭақәа рыстудентцәеи абжьаратәи аҵараиурҭақәа ирҭоу аҵаҩцәеи рзы аметодигатә цхыраагӡақәа.  Иара иредакциа ала иҭыжьуп 36 монографиа, ажәарқәа, анаукатә конференциақәа рматериалқәеи анаукатә усумҭақәа реизгақәеи.

Сергеи Пазов икандидатура адгалара мҩаԥго, академик Лили Ҳагба, ҳазҭоу аамҭазы иара зегьы реиҳа авторитет змоу аспециалист-бызшәадырҩцәа дреиуоуп ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит.

Муминаҭ Гонова – апрофессор, аекономикатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟны иҟоу Урыстәылатәи жәлар рынхамҩа Академиа аҿга Нхыҵ-Кавказтәи Аинститут анаукатә усзуҩ еиҳабы. 1980 шықәсазы  Муминаҭ Гонова аполитикатә економика азы аекономикатә наукақәа ркандидат ҳәа анаукатә ҩаӡара аиуразы адиссертациа лыхьчеит. 1980 шықәса инаркны 1987 шықәсанӡа аус луан Ҟарачы-Черқесстәи Аҭҵаарадырратә Институт аекономика асектор аҿы, аамҭак ала Ҟарачы-Черқесстәи аҳәынҭқарратә технологиатә Академиа (КЧГТА) аменеџьмент акафедра аҿы адоцентс аус луан, аекономикатә теориа азы алекциақәа дрыԥхьон.

Муминаҭ Гонова иналукааша ҵарауаҩуп, зыхьӡ нагоу ауаажәларратә усзуҩуп. Уи аҭыжьра афакторқәа еффективла рхархәара азы аџьармыкьатә парадигма аиқәыршәара азы лфундаменталтә усумҭақәа урыстәылатәи аҵарауаа реиԥш хара аҳәаанырцәтәи атәылақәа рыҿгьы еицырдыруеит.   Лара илкьыԥххьеит 100 инареиҳаны анаукатә усумҭақәа, амонографиақәа жәпакы уахь иналаҵаны.  Аҭыԥантәи анаука аҿиара аҿы ллагалеи леихьӡарақәеи рзы Урыстәылатәи Иԥсабаратәу Анаукақәа Ракадемиа Апрезидиум аӡбамҭала Муминаҭ Гонова В. И. Вернадски ихьӡ зху амедал, иара убас иԥсабаратәу анаукақәа рдоктор ҳәа аҵаратә ҩаӡарагьы  ланашьхеит.

«Лкандидатура Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылас алхра азы абжьгара ҟасҵоит», – ҳәа Апрезидиум алахәылацәа рахь ихы рханы иҳәеит Аԥсны анаукақәа Ракадемиа апрезидент ихаҭыԥуаҩ, академик, афизика-математикатә наукақәа рдоктор, апрофессор Ианварби Екба.

Имаӡоу абжьыҭирала акандидатцәа рыхҩык Аԥсны анаукақәа Ракадемиа ҳаҭыр зқәу алахәылацәас иалхын.  Академиа Апрезидиум алахәылацәа реилатәара аҿы егьырҭ актуалра злоу азҵаарақәагьы ирыхәаԥшит.

 

 

 

 

 

 

 

 


Read 87 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 14:01
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.