АЖӘАБЖЬҚӘА

10.Мшаҧы.2024

Ашьапылампылтә клуб «Риҵа» Гәдоуҭа – 30 шықәса ахыҵит.

Аҟәа. Мшаԥымза 10, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Мшаԥымза 10 рзы  30 шықәса ҵит гәдоуҭатәи ашьапылампылтә Клуб «Риҵа» аԥҵеижьҭеи.

Ашьапылампылтә Клуб «Риҵа» раԥхьатәи аофициалтә матч рашәарамза 10, 1994 шықәса рзы  1994 шықәсазтәи ашьапылампылтә сезон азы Аԥсны ашьапылампыл азы Аԥсны ачемпионат аҳәаақәа ирҭагӡаны  имҩаԥысит.

Гәдоуҭатәи ашьапылампылтә Клуб усҟан акоманда «Аҟәа» (ВМС) акоманда иацхәмаруан.  Ахәмарра асчиот 8:1 ала акоманда «Риҵа» аиааирала ихыркәшахеит.  

Акоманда «Риҵа» 2001/2002, 2022 шш. рзы Аԥсны иачемпионуп, 2015, 2022 шш. Аԥсны Ахраҿа анашьан,  2019 ш. Аиааира Ахраҿа анашьан.

Аклуб Апрезидент –  Беслан Гәыблиа, азыҟаҵаҩ Хада  – Рафаель Багаҭелиа, амбахьчаҩцәа разыҟаҵаҩ – Баграҭ Ахба, азыҟаҵаҩ –  Вадим Ҳагәышь.

Аҿари аспорти рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы акоманда иадҳәалоу зегьы – анапхгараҭара, азыҟаҵаҩцәа рыштаб, административтә еилазаара, аветеранцәа, ашьпылампыласыҩцәа, аклуб апартниорцәа, иара убас, жәаҳәарада ари аспорт абзиабаҩцәа – аклуб 30-шықәса ахыҵра арыцхә инамаданы ирыдныҳәалоит.

«Ашьапылампылтә Клуб «Риҵа» иазеиӷьаҳшьоит иналукааша иҿыцу аспорттә еихьӡарақәа, иқәдыргылаз ахықәкқәа зегьы рынагӡара, хыԥхьаӡара рацәала иҟоу аспорт абзиабаҩцәа – бзиа ирбо акоманда аиаиирақәеи  аихьӡарақәеи рҟынтәи агәырӷьареи хра злоу аемоциа шьахәқәеи», - ҳәа иазгәаҭоуп атәыла аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵаз адныҳәалара аҿы.


Read 26 times - Аԥшьаша, 18 Мшаҧы 2024 12:49
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.