Аҟәа. Ажьырныҳәамза 16, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама адинмаҵзуҩцәа – аиереи Виссарион, аиереи Долмаҭ, аиеромонах Давид дырԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аиԥылараҿы Аԥсны ақьырсиан уахәамақәа рреставрациа азҵаара иалацәажәеит. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб Аԥсны анапхгара ала Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аобиектқәа реиқәырхареи рреставрациеи рзы имҩаԥгахо ауснагӡатәқәа ртәы еиҭеиҳәеит.
«Мықәтәи акафедралтә уахәама ахыб аԥсахразы аусурақәа маҷк ада ахыркәшарахь инеиуеит», – ҳәа аиԥылара иалахәыз адырра риҭеит Алеқсандр Анқәаб.
Алеқсандр Анқәаб иажәақәа рыла, ахыркәшарахь инеиуеит Мықәтәи ауахәама ахыб аԥсахразы аусурақәа, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ақырҭуа артиллериа зеихсуаз, иара убри аҟнытә ааха ӷәӷәа зауз Бедиатәи ауахәама ахыб аԥсахра иаздырхиоит.
Аԥыза-министр Аиашахаҵаратә Уахәама адинмаҵзуҩцәа аҳәынҭқарра аринахысгьы ажәлар рдоуҳатә-материалтә ҭынха аиқәырхаразы иалшо зегьы шыҟанаҵало азы агәра диргеит. Хара имгакәа, ҳәа иажәа иацҵо иазгәеиҭеит Алеқсандр Анқәаб, Аиашахаҵаратә Уахәамеи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы Аҳәынҭқарратә Усбарҭеи ирыбжьарҵаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны, ақьырсиантә ргылараҟазара иаҵанакуа егьырҭ акульттә хыбрақәа рҿгьы аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп.
Аиереи Виссарион адинмаҵзуҩцәа рыхьӡала Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби аҭоурых-культуратә ҭынхеи иааизакны Аԥсны аиашахаҵаратә уахәама аҭаххрақәа ҷыдала иарҭо ахшыҩзышьҭра азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
Аԥыза-министр Аԥсны Аиашахаҵаратә уахәама ахаҭарнакцәеи иааиз ашықәс Ҿыц азы ақәҿиарақәеи аманшәалареи рзеиӷьабашьеит, аринахысгьы хра злоу аусеицура ишазхиоугьы азгәарҭеит.