Аҟәа. Нанҳәамза 26, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Ахьӡ-Аԥша апарк аҿы, Урыстәылатәи Афедерациа ала Аԥсны аҳәынҭқарратә хьыԥшымра азхаҵара ҟалеижьҭеи 16-шықәса аҵра инамаданы, 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы иҭахаз Рмемориал амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.
Аибашьраан иҭахаз ҳаҭырла иргәаладыршәарц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәа, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Ахеилак ахантәаҩы Рауль Лолуа, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиа, атәыла Анапхгара алахәылацәа, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны иҟоу Аахыҵ Уаԥстәыла ацҳаражәҳәаҩ Олег Боциев, Аахыҵ Уаԥстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Асхар Џьиоев, Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума адепутат Константин Затулин, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.
Нанҳәамза 26 рзы Аԥсны иахьаҵанакуа ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара Амш азгәарҭоит.
16 шықәса раԥхьа, нанҳәамза 26, 2008 шықәса рзы Аҳәынҭқарра Ахада Дмитри Медведев Иусԥҟа ала Урыстәылатәи Афедерациа Ареспублика Аԥсни Ареспублика Аахыҵ Уаԥстәылеи официалла иазханаҵеит.