АЖӘАБЖЬҚӘА

09.Нанҳәа.2024

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Галтәии Ҭҟәарчалтәии араионқәа рҿы анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит.

Аҟәа. Нанҳәамза 9, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут Галтәии Ҭҟәарчалтәии араионқәа рыҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭақәа рҿы анҭыҵтәи аусуратә еилатәара мҩаԥигеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура. Амилициа араионтә ҟәшақәа русбарҭақәа русзуҩцәа алархәны имҩаԥгаз аилатәарақәа ихы алаирхәит Беслан Ҷкадуа.

Ҳазҭоу 2024 шықәса бжьымз рыҩныҵҟа Гал араион иахьаҵанакуа ашәҟәы иҭагалан 29 цәгьоура, урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп иӷәӷәоу  ацәгьоурақәа 6. Урҭ зегьы аартуп, ҳәа аминистр адырра иҭеит Гал араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аиҳабы инапынҵақәа назыгӡо Аслан Чедиа.

Иҳаҩыз ашықәс аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалан  30 цәгьоура, урҭ рахьынтә иаартуп 25, процентла иааугозар уи 83,3% рҟынӡа инаӡоит. Иарбоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара аҟынтәи  9 иӷәӷәооу ацәгьоурақәа рахь иԥхьаӡоуп, ацәгьоурақәа раартра акәзар, уи процентла иааугозар 44,4% рҟынӡа ауп иахьынаӡо.  

Аподполковник Аслан Чедиа иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан араион амҩақәа рҿы ашәарҭадара ашьақәыргылара.

2024 шықәса аҳасабырбатә аамҭахәҭа иалагӡаны ашәҟәы иҭагалан амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа 5, урҭ рҿы ааха роуит 7-ҩык, аԥстәбара ыҟаӡам. 2023 шықәсазы аҭыԥ рыман амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа 5, урҭ ирыхҟьаны 5 - ҩык еиуеиԥшым ахәрақәеи ахәахәарақәеи роуит.

Автоҳәынҭинспекциа ахатәы еилазаара араиотә ҟәша егьырҭ амаҵзурақәа рыцырхырааны Автоҳәынҭинспекциа астационартә ԥыԥшырҭа «Канал» аҿы, Гал ақалақь аҿы, иааизакны араион аҿы ареидтәи апрофилактикатәи усмҩаԥгатәқәа мҩаԥыргоит. 2024 шықәса бжьымз рыҩныҵҟа иаарԥшуп 1 685 амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араион аҿы ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара акыр ишагхаз азгәеиҭеит. Роберт Киут иҟоу астатистика инақәыршәаны, ацифрақәа рыла уи убаратәы иҟоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аминистр ихаҭыԥуаҩ Беслан Ҷкадуа Автоҳәынҭинспекциа  араионтә ҟәша аусра аԥсыҽра азгәеиҭеит.  Иара  акадртә еилазаареи, иара убас ижәны амашьына аԥсҟы зку раарԥшра иадҳәалоу аусуреи рырӷәӷәара азы анапынҵақәа ҟаиҵеит.  

Ҭҟәарчал араион аҿы аусқәа рҭагылазаашьа азы аҳасабырба ҟаиҵеит аҩныҵҟатәи аусқәа араионтә ҟәша аиҳабы Арсен Биџьев.

Уи ишазгәеиҭаз ала, Ҭҟәарчала араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҿы ӷәӷәала акадрқәа разымхара апроблема шыҟоугьы, аусзуҩцәа зынаӡара алыршаз ацәгьоурақәа илаҟу рыҩаӡара аанкылара рылдыршоит.  

2024 шықәса бжьымз рыҩныҵҟа Ҭҟәарчал араион аҿы азинхьчаратә усбарҭақәа русзуҩцәа рыла ашәҟәы иҭагалан   ашьаустә цәгьоурақәа 5, урҭ рахьынтә иаартуп 3, уи процентла уахәаԥшуазар 60 % рҟынӡа инаӡоит. Иӷәӷәоу ацәгьоурақәа ракәзар, 2024 шықәса аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы ус еиԥш ацәгьоурақәа 2 ҟалеит, иаартуп акы.

Араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аҟәша аиҳабы ишазгәеиҭаз ала, араион аҿы аҭыԥ аман иҭҟьо амцабџьар изакәанымкәа аҵәахра, Аԥсны иахьаҵанакуа зеиҭаҳара ҟамло анаркотикатә маҭәашьар злоу аҵиаа хкқәа раарыхра, иара убас ақәылара иадҳәалоу афактқәа хԥа.  Аҵыхәтәантәи ацәгьоура ала аоператив-усеилыргаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥысуеит.

2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы Ҭҟәарчал араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша ала ашәҟәы иҭагалан  азеиԥшьаустә ҟазшьа змоу ацәгьоурақәа 2, урҭ рахьынтә иаартуп 2.

Автоҳәынҭинспекциа аусзуҩцәа 2024 шықәса 7 мыз рыҩныҵҟа ашәҟәы иҭаргалеит амҩа-транспорттә машәыртә хҭысқәа 3, урҭ рҿы 4-ҩык еиуеиԥшым ахәрақәеи ахәахәарақәеи роуит, зегьы Ҭҟәарчал ақалақь араионтә хәышәтәырҭахь инаган.   2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы ашәҟәы иҭагалан амҩа-транспорттә машәыртә хҭыск (1), уи иахҟьаны ахәрақәеи ахәахәарақәеи роуит ҩыџьа ауаа.

Зынӡа иааизакны иаарԥшхеит 714 амҩатә ԥҟарақәа реилагара иадҳәалоу афактқәа.

Аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут араион ахь иаауа атуристцәа ршәарҭадара аиқәыршәара иадҳәалоу аусура арӷәӷәара азы анапынҵақәа ҟаиҵеит.

«Аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рзы араион аҿы атуризм активла аҿиара иаҿуп, ауаа арахь аара иаҿуп, иҿыцу атуристтә маршрутқәа аатуеит. Убри инамаданы, зегьы ирыцку ауаа ишәарҭадам аԥсшьара рзеиҿкаара ауп», - ҳәа иажәа хыркәшо инаҵшьны иазгәеиҭеит Роберт Киут.  

 

 

 

 

 

 


Read 141 times - Асабша, 10 Нанҳәа 2024 23:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.