Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Пушин имҩала игылоу анџьныр Даль иҩны амуниципалтә хатәраны ишыҟц иаанхоит. Ас еиԥш аӡбамҭа рыдырылеит Ақалақьтә Еизара адепутатцәа.
Аҭоурыхтә хыбра еилаҳаны иҟоуп. Ари ахыбра Акультура аминистрра иаҵанакуеит, аха асоветтә аамҭақәа раахыс уа ауаа ҭаҩын, уи азы иара аиҭашьақәыргылараз аԥаразоужьра мҩаԥыргомызт.
Аиҳабыра азинтә зҵаарақәа рзы рабжьгаҩ Лаша Цаава иажәақәа рыла, аӡбратә еилатәарақәа жәаха мҩаԥысхьеит. Аибашьра ашьҭахь Аԥсныҟа имааз ауаа ашәҟәы иҭыган, егьырҭ рыхәҭа аахәан. Убри аан иаразнак ауадақәа аҳәынҭқарра иазгомызт, дара ақалақь ахадара иахатәтәны иҟаҵазар акәын.
«Иахьа ахыбра аиуристтә хәҭа ареспубликатә хатәроуп ҳәа иԥхьаӡоуп, егьи ахәҭа - муниципалтә хатәраны ишьоуп. Ҳара ари ахыбра иаку мазаратә комплексны иҟаҳҵар ҳҭахуп", — иҳәеит, иагьациҵеит ахыбра аиқәырхаразы Аминистрцәа реилазаара ахыб ақәҵара ргәы ишҭоу.
Абжьыҭара аихшьаалақәа рыла хәҩык адепутатцәа ақәшаҳаҭхеит, фҩык — мап ацәыркит, аҽа хәҩык — рҽацәхьаркит.