Аҟәа. Нанҳәамза 8, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрс иҟаҵара Сергеи Шамба идиныҳәалеит Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров.
Адныҳәалараҿы иазгәаҭоуп:
«Шәара, ари аҭыԥ Аԥсны ҳаамҭазтәи аҭоурых еиҳа иуадаҩыз аҭагылазаашьақәа раан иахагылаз, аҽаӡәы еиԥшымкәа ибзианы ижәдыруеит ари амиссиа анагӡара ишаҭаху апрофессионалтәии ахаҭалатәии ҟазшьа ҷыдақәа.
Урыстәылатәи Афедерациаҟны шәара шәырдыруеит аԥышәа змоу ҳәынҭқарратә усзуҩык шәакәны, еиуеиԥшым амаҵзурақәа рҿы апрофессионализм ҳарак аазырԥшуа шәакәны. Ахә ҳаракны исшьоит шәареи сареи ҳаинырра.
Агәра ганы сыҟоуп шәҟәыӷара, шәыхараԥшра, шәполитикатә цәалашәара, аԥсадгьыл ахь шәыбзиабара ареспублика адипломатиа аҿаԥхьа иқәгылоу аусӡбатәқәа, урыстәыла-аԥснытәи аизыҟазаашьақәа рыҿиара аусхкқәа раԥхьа инаргыланы, рыӡбареи, анҭыҵ Аԥсны асуверинитет ахьчареи рзы ишхәарҭахо».
Сергеи Лавров Сергеи Шамба изеиӷьеишьеит иусураҿы ақәҿиарақәа.