АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2024

Аенергетикеи атранспорти Рминистрра абылтәи ахьшьтәи автомашьынатә транспорт ала рыиагареи еизакны рыҭиреи иадҳәалоу аусура азы алицензиа аҭара мҩаԥнагалоит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Аминистрцәа Реилазаара аҿы апассаџьыртәи жәларбжьаратәи аидарамҩангаратә автомашьынатә аиагара  иадҳәалоу аусура азы алицензиа аҭареи ахьшьтәи абылтәи рыҵәахреи еизакны рыҭиреи иадҳәалоу аусура амҩаԥгара азы алицензиа аҭареи рганахьала аминистрцәа Реилазаара уаанӡатәи азакәантә шәҟәнҵақәак аиҭакрақәа аларгалеит.  

Убас, ирыдыркылаз аӡбамҭа инақәыршәаны, Аԥсны аенергетикеи атранспорти Рминистрра алицензиақәа рыҭара мҩаԥнагалоит:

– автомашьынақәа рыла апассаџьырцәа рыиагара, жәларбжьаратәи автомашьынатә аидарамҩангара азы (аиуристтә хаҿы, мамзаргьы хазхаҭалатәи ахаҿы ихатә ҭаххрақәа рзы иарбоу аусура амҩаԥгара уахь иналамҵакәа);

– абылтәи ахьшьтәи рыҵәахреи еизакны аҭиреи;

Уаанӡа, Аԥсны аенергетикеи атранспорти Рминистрра аԥҵара ҟалаанӡа иарбоу аусура ахкқәа рзы алицензиақәа рыҭара мҩаԥнагон атәыла аекономика Аминистрра.

 


Read 108 times - Ахаша, 31 Ԥхынгәы 2024 23:44
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.