Аҟәа. Нанҳәамза 1, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Иԥсҭазаара далҵит Аԥсны абаҩарҵәыратә культуреи аспорти Зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, амҵәышәмпыл азы Аԥсны ҳаҭыр зқәу аспорт азҟаза, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара акавалер, Аԥснытәи АССР абаҩарҵәыратә культуреи аспорти рзы Акомитет (1963-1977 шш.) ахантәаҩы Џьансыхә Шатыгә-иԥа Гәыбаз.
Џьансыхә Шатыгә-иԥа ареспублика аспорти абаҩарҵәыратә культуреи рыҿиара аҿы илагала дууп. 14 шықәса инарзынаԥшуа иара абаҩарҵәыратә культуреи аспорти рзы ареспубликатә Комитет ахантәаҩыс дыҟан, ари аамҭахәҭа азы ареспублика иреиӷьу аспортсменцәа еиуеиԥшым аспорттә хкқәа рыла Асовет Еидгыла еизгоу акомандақәа алахәылацәаны, Асовет Еидгыла, Европа, адунеи, Аолимпиатә хәмаррақәа иачемпионцәаны иҟалахьан, аҟәатәи «Динамо» ахәмарыҩцәа Асовет Еидгыла ачемпионат иалахәылацәаны иҟалахьан, Ешыра ақыҭан Асоветеидгылазегьтәи аспорткомитет аолимпиатә база аргылара иалагеит
Дҳаԥхеит зуси зыуаажәлари гәыкала ирзыҟаз ауаҩы бзиа.
Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә Еилакы Џьансыхә Шатыгә-иԥа иуацәеи иҭынхацәеи ирыдышшылоит.
«Иахьа ишәоуз агәырҩеи ахьааи шәыцеиҩаҳшоит. Џьансыхә Шатыгә-иԥа иԥсҭазаара алҵа – аспорттә еилазаара зегьы азы цәыӡ дуп. Даараӡа ҳгәы иалсит ҳҩыза еиҳабы иԥсҭазаара алҵра! Илашазааит игәалашәара! Џьанаҭ гыларҭас иоуааит!», – ҳәа иаҳәоит адышшыларатә шәҟәы аҿы.