АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2024

«Аԥсны астратегиатә апланҟаҵаразы аҳәынҭқарратә аинформациатә система аԥҵаразы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара аҿы  «Аԥсны астратегиатә апланҟаҵаразы аҳәынҭқарратә аинформациатә система аԥҵаразы» Ақәҵара рыдыркылеит.

Аусшәҟәы астратегиатә апланҟаҵаразы аҳәынҭқарратә аинформациатә система аусура, атехнологиатәи алингвисттәи ахархәагақәа рзы ахыдҵақәа,  аинформациа аизгара, аус адулара,  автоматизациа апроцессқәа ралыршара уахь иналаҵаны, астратегиатә апланҟаҵаразы аҳәынҭқарратә аинформациатә системеи егьырҭ аинформациатә системақәеи  ринформациатә нырра аҭшәынтәалареи, уҳәа ахырхарҭақәа ҳәаақәнаҵоит.  

Асистема аҭахны иҟоуп аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусхк аҟны хра змоу аӡбрақәа рыдкыларазы, ихымԥадатәиу аҳәынҭқарратә аинформациатә ресурсқәеи аҳәынҭқарратә статистикеи рырбагақәа реизгареи аус рыдулареи рзы.

 

 


Read 108 times - Ахаша, 31 Ԥхынгәы 2024 23:26
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.