Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара Аԥсны аҳәынҭқарратә статистика аусхкы аҿы аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭа хада – Аҳәынҭқарратә статистика азы Аҳәынҭқарратә Еилакы ахь астатистикатә згәаҭарақәа рынашьҭра зыхәҭоу аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рсиа шьақәнарӷәӷәеит.
Атәыла Анапхгара алахәылацәа иара убас ареспублика аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рнапхгаратә (аусхкытә) статистикатә згәаҭарақәа Аҳәынстандарт ахь рынашьҭра аԥҟара шьақәдырӷәӷәеит.
Аминистрцәа Реилазаара Ақәҵара адгалара мҩаԥылгеит астатистика азы Аҳәынқарратә Еилакы аиҳабы Кама Гогиа.
Анапхгаратә (аусхкытә) статистикатә згәаҭарақәа Аҳәынстандарт ахь рынашьҭра зыхәҭоу ареспублика аҳәынҭқарратә напхгараҭара аусбарҭақәа рсиа иалагалоуп адәныҟатәи аусқәа Рминистрра, атәылахьчара Аминистрра, аекономика Аминистрра уахь иналамҵакәа иҟоу егьырҭ аминистррақәеи аҳәынҭқарратә Еилакқәеи, иара убас Амиграциатә Маҵзуреи.