АЖӘАБЖЬҚӘА

31.Ԥхынгәы.2024

196 млрд. мааҭ – абас ала ишьақәгылоуп 2025 шықәсазы атауарқәа рҭыжьреи аусурақәеи амаҵзурақәеи рымҽхаки.

Аҟәа. Ԥхынгәымза 31, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны аминистрцәа Реилазаара 2025 шықәсазы Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азы Аиндикативтә план шьақәнарӷәӷәеит.

Убас, атауарқәа рҭыжьра рымҽхаки, аусурақәеи амаҵзурақәеи рымҽхаки 2025 шықәсазы иартәоит 196 миллиард 283 млн. 984,7 нызықь мааҭ. Убри аан 11 миллиарди 591 млн.  914 нызықь мааҭ ақыҭанхамҩа иазырхахоит, 59 миллиард 351 млн. 000 нызықь мааҭ – адәныҟаекономикатә усура.

Иҟоу азгәаҭарақәа рыла, 2025 шықәсазы ақыҭанхамҩа аалхны ааглыхреи адәныҟа-економикатә усура арбагақәеи идыртәоит 125 млрд. 341 млн. 070,3 нызықь мааҭ. Уи 2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭаз аиԥш-зеиԥшу арбагақәа раасҭа 34,4% рыла еиҳауп,  2023 шықәсазы фактла иҟаз арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшазар – 30,2% рыла еиҳауп.

Аплан ҷыдарас иамоу — раԥхьаӡа акәны  хазхаҭалатәи анаплакыҩцәа азгәаҭоуп.

2025 шықәсазы иазԥхьагәаҭоу аекономика аусхкқәа зегьы рыла еизаку ахашәалахәы 8 млрд. 790 млн. 965,5 нызықь мааҭ иартәоит, уи  2024 шықәсазы иазԥхьагәаҭаз арбагақәа раасҭа 121,8% рыла еиҳауп, 2023 шықәсазы фактла иҟаз арбагақәа ирҿырԥшны уахәаԥшуазар – 49,6% рыла еиҳауп.

Еиҳау ахәҭаа зықәшәо ахәаахәҭра (61%), ааглыхра (9%), иара убас акурортқәеи атуризми (9%) роуп.

Аекономика аусхкқәа зегьы рыла еизаку ахашәалаху еиҳау ахәҭаа ахәаахәҭара (35%), ааглыхра (15%), акурортқәеи атуризми (22%), иара убас аимадареи (10%) ирықәшәоит.

Аԥсны Аҳәынҭстандарт адыррақәа рыла, 2023 шықәсазы Аԥсны атауарқәа рҭыжьра рымҽхаки, аусурақәеи амаҵзурақәеи рымҽхаки рзы азԥхьагәаҭаратә рбага 69 млрд 388,9 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Араҟа ахәҭаа аиҳарак абарҭ аусхкқәа ирықәшәоит: ахәаахәҭра (24,7%), аргылара (15,8%), ааглыхра (14,7%), ақыҭанхамҩа (6,1%), аимадара  (5,0%).


Read 97 times - Ахаша, 31 Ԥхынгәы 2024 22:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.