Аҟәа. Ԥхынгәымза 30, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. 2024 шықәса актәи азыбжазы зықәра наӡам рыла иҟаҵаз ацәгьоурақәа хԥа ашәҟәы иҭагалоуп, ҳәа 2024 шықәса актәи азыбжа азы апрокуратура аусбарҭақәа русура аихшьаалақәа рыҟаҵара иазкны имҩаԥысыз апрокуратура Хада аколлегиа аилатәара аҿы дықәгыло адырра ҟаиҵеит Апрокуратура Хада Аӡбаратә Усбарҭа аиҳабы, атәыла апрокурор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Даур Амҷба.
Ацәгьоурақәа ҩба Аҟәа ақалақь аҿы иҟалеит, акы – Гәдоуҭа араион аҿы. Цәгьоурак гәыԥҩык алархәны иҟалеит.
2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы 19 цәгьоура ҟалеит, урҭ рахьынтә 10 – зықәра наӡам рыла иҟалеит.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ауаажәларратә шәарҭадара Аусбарҭа иҟанаҵо адыррақәа рыла, ашәҟәы иҭагалоу ацәгьоурақәа рхыԥхьаӡара 12 рҟынӡа инаӡоит, урҭ рҿы зықәра наӡам ааха роуит. Урҭ рахьынтә ԥшьҩык амҩа-транспорттә машәыртә хҭыс аҿы ааха роуит.
Автоҳәынҭинспекциа Аусбарҭа аҟынтәи иҟоу адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс фымз рыҩныҵҟа Ареспублика Аԥсны административтә закәанԥҵара анормақәа реилагара азы административтә ҭакԥхықәра иақәыршәан хҩык зықәра наӡам атәылауаа.
«Ареспублика аҿы зықәра наӡам рыла ацәгьоурақәа рыҟаҵара аиҳарак ауааԥсыра рхашәалахәы алаҟәра, аҿар усурада раанхара, аиланхарҭатә пунктқәа жәпакы рҿы аԥсшьраамҭа ахгаразы аҭыԥқәа рыҟамзаара, уҳәа реиԥш иҟоу асоциал-економикатә мзысқәа роуп изыдҳәалоу», – ҳәа иҳәеит Даур Амҷба.
Аҳасабырбатә аамҭахәҭа азы зааӡара цәгьоу ахбыџқәа рҟынтәи аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аҩныҵҟатәи аусқәа Рыҟәша зықәра наӡам русқәа рзы аҟәшеиҵақәа рҿы ашәҟәы иҭагалоуп 39-ҩык зықәра наӡам атәылауаа, аоперативтә хылаԥшра аҵаҟа иҟоуп 18 – ҩык зықәра наӡам атәылауаа, даҽа 21-ҩык ахсаалагатә ҳасаббара иаҵанакуеит.
Иара убас зықәра наӡам русқәа рзы аҟәшеиҵақәа рҿы иқәгылоуп 26-ҩык аҭаацәаратә ԥхықәра анагӡара зҽахызго аҭаацәа. Доусы рзы аҳасабырба-профилатикатә хсаалага аартуп.
Апрофилактиатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәаақәа ирҭагӡаны, зықәра наӡам русқәа рзы аҟәшеиҵақәа рахь инаган 7-ҩык зықәра наӡам атәылауаа.