
pressadmin-2
Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорттә Усбарҭа атәылауаҩшәҟәқәеи анхаразы азиншәҟәқәеи рхаҭалатәра иалагеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 12 рзы атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апаспорттә Усбарҭа ахаҭалатәра аҟәша амодернизациа хыркәшахеит, аҷыдалкаатә ҟазшьа змоу апринтер-ахаҭалатәгақәа аужьҭра-гәаҭаратә усурақәа рышьҭахь ахархәарахь ирыҭан. Абри азы адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра аофициалтә саит.
Иарбоу ахархәагақәа аахәан, иара убас апрограмматә модернизациа иахысит Москва ақалақь аҿы иҟоу амаҵ азызуа аилазаара «МЕГАИНФО» атехникатә плошьадкақәа рҿы. Уи ашьҭахь, иара амаҵуратә автотранспорт ала Аԥсныҟа иаашьҭын. Иара убас иаахәан аҷыдалкаатә ҟазшьа змоу апринтер-ахаҭалатәгақәа рзы аныхтә материалқәагьы.
Зҽалызкааз аԥснытәи арҵаҩцәа аныҳәатә усмҩаԥгатә аҿы аорденқәеи аҳаҭыртә хьӡқәа шроуз ала аршаҳаҭгақәеи ранашьахеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 12 рзы Аҟәа ақалақь аҿы Аԥсны аҵарадырра Аминистрра 100-ахыҵра аныҳәа азгәарҭеит. Аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥгахеит С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы. Иара уааҵәҟьа зҽалызкааз аԥснытәи арҵаҩцәа аорденқәеи «Ареспублика Аԥсны Зҽаԥсазтәыз арҵаҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡқәа шроуз ала аршаҳаҭгақәеи ранашьахеит.
Аҵарадыра асистема аҿиара, Аԥсны еиҵагыло аҿар реиҵааӡаеи аҵара дырҵареи рҿы рлагалеи шықәсырацәа инеиԥынкыланы хра злоу аусуеи рзы – «Ахьӡ-Аԥша» ІІ аҩаӡара аорден ланашьахеит Гагратәи абжьаратәи ашкол №2 аматематика арҵаҩы Аделаида Леонти-иԥҳа Қаԥба.
«Ахьӡ-Аԥша» III аҩаӡара аорденқәа ранашьахеит Б. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аиҵбыратә классқәа рырҵаҩы Нонна Герхьелиа, Е.Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №5 аиҵбыратә классқәа аҵаратә ҟәша аиҳабы Нелли Ҭаркьылԥҳа.
Гәдоуҭа ақалақь аҿы Асовет Еидгылеи Европеи ачемпион Рашь Хәытаба иаԥхьахә агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысраны иҟоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 15-16 рзы Гәдоуҭа ақалақь, Михаил Чачба ихьӡ зху ахәыҷтәы-қәыԥштә школ аҿы жәларбжьаратәи акласс аспорт азҟаза, Асовет Еидгылеи Европеи ачемпион Рашь Хәытаба иаԥхьахә агаразы зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Жәларбжьаратәи атурнир мҩаԥысраны иҟоуп.
Аицлабрақәа 2007-2008; 2009-2010 шш. рзы ииз аспортсменцәа рыбжьара имҩаԥгахоит.
Аԥсны 2023 шықәса, 11 мзы рыҩныҵҟа атәанчаҩратә Фонд ала иахыԥхьаӡалоу атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи ацҵақәеи рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд. мааҭ еиҳауп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәса алагара инаркны ԥхынҷкәынза 1 аҟынӡа атәанчаҩратә Фонд ала иахыԥхьаӡалоу атәанчахәқәеи ацхыраагӡатә шәатәқәеи ацҵақәеи рзеиԥш еицҵалыҵ 1 млрд 177,1 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит, уи иҳаҩсыз ашықәс азы иҟаз арбагақәа рааҭа 15,6 млн. мааҭ рыла еиҳауп, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент диҿцәажәо еиҭеиҳәеит Аԥсны Атәанчаҩратә Фонд ахантәаҩы Денис Гәылариа.
2022 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы инагӡаз ашәатәқәа реицҵалыҵ 1 млрд. 161,5 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡон.
«Ҳазҭоу ашықәс, 11 мзы рыҩныҵҟа Атәанчаҩратә Фонд ашәахтә лагалақәа раҳасабала иалагалахеит 1 млрд 212,9 млн. мааҭ, уи 2022 шықәсазы аасҭа 194,3 млн. мааҭ рыла еиҳауп. Ареспубликатә биуџьет аҟынтәи адотациақәа раҳасабала 2023 - тәи ашықәс азы абиуџьет иарбаз 140 млн. мааҭ рҟынтәи 15 млн. мааҭ ахыԥхьаӡалан, убри аан 2022-тәи ашықәс азы адотациақәа реицҵалыҵ 140 млн. мааҭ рыла ишьақәгылеит» , - иҳәеит Денис Гәлариа.
Башар Асад арабтә тәылақәа Аԥсны ахьыԥшымра азхарҵарц илшо зегьы шыҟаиҵо азы аҳәамҭа ҟаиҵеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Башар Асад Шьамтәыла усуратә визитла иҟоу Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба дидикылеит. Аиԥылара Дамаск иҟоу ахан «Аль-Мухаджирин» аҟны имҩаԥысит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра Амедиацентр.
Инал Арӡынба Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала Шамтәыла Ахада асалам ииҭеит.
Шьамтәыла Ахада Башар Асад иааиуа ашықәс азы Аԥсны даҭаарц ирҭаз ааԥхьара идикылеит.
Аганқәа Урыстәылатәи Афедерациа Украина имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда ишадгыло атәы рҳәеит. Иара убас Асади Арӡынбеи Еиду Америкатәи Аштатқәа Ааигәатәи Мрагылара, Кавказнҭыҵ, иара убас адунеи егьырҭ арегионқәа рҿы аконфликтқәа раларгара азы аҽазышәарақәа рыԥхьырҟәҟәаара хымԥадатәиуп ҳәа иазгәарҭеит. Аганқәа Урыстәыла еиҳа ииашоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара, аглобалтә економикеи аполитикеи рҿы азинеиҟарареи мчык мацара адҳәаламзаареи рыпринцип ала иҳәаақәҵоу жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рсистема ашьақәыргылара азы имҩаԥнаго аусура азгәарҭеит.
Алеқсандр Анкәаб агәырҵлақәа рыхьчара арӷәӷәара азы Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб «2023 шықәсазы ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа амзаҵлақәеи аԥсаҵлақәеи рыхьчара азы ауснагӡатәқәа рырӷәӷәара азы» Ақәҵара инапы аҵаиҩит.
Агәырҵлақәа реиҭаҿиара, рхылаԥшра, рыхьчара хықәкыс иҟаҵаны, ашықәсҿыцтәи аныҳәақәа рзы Аԥсны иахьаҵанакуа амзаҵлақәеи аԥсаҵлақәеи зинда рыԥҟара рзы ақәиҭымтәра алагалара азы Ақәҵара анагӡара азы:
Абнатә нхамҩа азы аҳәынҭқарратә Усбарҭа, аекологиа азы аҳәынҭқарратә Еилакы, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра агәырҵлақәа рыхьчара арӷәӷәареи, Иаку аҳәынҭқарратә абнатә фонд иахьаҵанакуа, апаркқәа, аскверқәа рҿы аԥсаҵлақәа хаҳәатәала аԥҟареи изакәанымкәа рыҭиреи рыԥхьырҟәҟәаареи рзы адҵа рыҭоуп.
Ҭхьына ақыҭан хара имгакәа ашьапылампыл-маҷ азы астадион аадыртуеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Ҭхьына ақыҭан хара имгакәа аспорттә обиект ҿыц – ашьапылампыл-маҷ азы астадион аадыртуеит.
Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала, аспорти агәабзиара аиҷаҳарала анхареи рпопулиаризациа хықәкыс иҟаҵаны, Очамчыра арион ақыҭақәа рҿы аспорттә обиектқәа дыргылоит.
Убас иҟоу ақыҭақәа иреиуоуп Ҭхьына ақыҭагьы. Араҟа ахыркәшарахь инеихьеит ашьапылампыл-маҷ азы астадион аргылара.
Ақыҭа ахада Роман Кәыркәнаа иажәақәа рыла, уаанӡа аҭыԥантәи ауааԥсыра аспорт аҽазыҟаҵаразы, ахәҭакахьала ашьапылампыл асразы аҭагылазаашьеи алшареи рымаӡамызт.
Ашьапылампылтә дәы азы иазоужьыз адгьыл аҿы жьҭаарамза аҩшамҭа инаркны аиларҭәаратә усурақәа мҩаԥгоуп, аплошьадка абетон аҭырҭәаара нагӡоуп, атерриториа апланркра ҟаҵоуп.
«Иара убас аӡцарҭақәа ахьыҟаҵаз иабзоураны, ақәаӡы адәы аҿы иҭатәаӡом. Иаанханы иҟоу арлашаратә усуақәеи иԥсабаратәын ақәҵа ашьҭаҵареи мацара ауп», - ҳәа иазгәеиҭеит аилазаара «Очамчыраргылара» аиҳабы Саид Адлеиба.
Аҳәынҭқарра Ахадеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи реиԥлара аҿы аҩныҵҟатәии адәныҟатәи аполитика иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2023 шықәса. Аԥныпресс. Ашәахьа, ԥхынҷкәынмза 11 рзы Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент аҟны имҩаԥысыз Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи реиԥлара аҿы аҩныҵҟатәии адәныҟатәи аполитика иадҳәалоу актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аԥсны Жәлар Реизара – Апарламент Аиҳабы Ашәба Лаша иазгәеиҭеит Ахадеи Апарламенти реиԥылара абҵарамзазы имҩаԥысраны ишыҟаз.
«Сгәы иаанагоит иаарту, иконструктивтәу аицәажәара мҩаԥаҳгап ҳәа. Алшара ыҟоуп ҳгәы иҵхо азҵаарақәа зегьы рықәыргыларазы, иара убас аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика иазку иактуалтәу азҵаарақәа рзы иҟоу агәаанагарақәа ҳаҳаразы», - ҳәа иҳәеит Ашәба Лаша.
Аиԥылараҟны Аҳәынҭқарра Ахадеи адепутатцәеи рыбжьара имҩаԥысит иаартыз аицәажәара. Ахада адепутатцәа рҿаԥхьа иқәгылараан анагӡаратә мчхара имҩаԥнаго аусуреи раԥхьа иргыланы хымԥада иӡбатәны иқәгылоу ауснагӡатәқәеи дрылацәажәеит.
Аҳәынҭқарра Ахада далацәажәеит иара убас аҩныҵҟатәии адәныҟатәии аполитика, ҷыдала хшыҩзышьҭра аиҭеит атәылауаа усурҭа ҭыԥла реиқәыршәара иадҳәалоу апроблемақәа рыӡбаразы амчхара амахәҭақәа зегьы русеицура шаҭаху атәы.
Аҳәынҭқарра Ахада адепутатцәа ргәаанагарақәа дырзыӡырҩит атемақәа жәпакы инарымаданы, рызҵаарақәагьы рҭакқәа ҟаиҵеит.
Адепутатцәа рԥылараан Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит ииасыз 30 шықәса рыла Аԥсны знысыз амҩаҟны ишыҟаз адәахьынтә иаауаз ашәарҭараан ҳажәлар реидгылара инаркны аҩныҵҟаполитикатә хҭысқәа раан урҭ реиҟәшарагьы. «Абри аан зықьҩыла ҳауаажәлар иӡбамкәа иҟоу хыԥхьаӡара рацәала ауадаҩрақәа ирыниоит. Абри иахҟьаны хықәкылатәи ацхыраара иаҳәо идҵаалоит еиуеиԥшым амчхара аусбарҭақәа рышҟа – Ахада ишҟа, Аԥыза-министр, Апарламент адепутатцәа рышҟа ишаҟаразаалак рыпроблемақәа рыӡбаразы.
Аҵыхәтәантәи хышықәса рыҩныҵҟала Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа хықәкылатәи ацхырааразы идҵаалахьеит 8700 – ҩык инареиҳаны атәылауаа, урҭ рхыԥхьаӡараҟны иҟоуп аԥсабаратә рыцҳара ирнаҭаз аԥхасҭа инадҳәаланы ацхыраара, урҭ рыхшара рҵара ахәԥса ахшәааразы, ӷәӷәала ичмазаҩу рыхәышәтәразы. Абри аамҭа аҩныҵҟа Ахада Ицхыраагӡатә фонди абиуџьети рыҟнытә атәылауаа рыцхыраара иазоужьуп 1 млрд мааҭк инеиҳаны, ҷыдала, 1 040 736 185 мааҭ», - иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны акәша-мыкәша «аҵыхәтәантәи ашықәсқәа рыла еиҳа иҭынчрахеит ԥаса аасҭа» ҳәа. «Ҭынч анхаразы-анҵыразы, ҳхәыҷқәа рзы ҳгәы ҭынчзарц азы, ҳарцәымшәо ҳаҟазарц азы ар ыҟазароуп, иҟазароуп ар мчы. Иҳамазароуп ҳаамҭазтәи ар, ракеталеи дронлеи еиқәшәоу, Аҳаирхьчара асистема, анышьхьчага аракетақәеи акатерқәеи; ҳаамҭа иақәшәо еилаҳәоу, еибыҭоу, иазыҟаҵоу асолдаҭцәа рыла ишьақәгылоу ар; Аԥсны адгьылҵакыра аӷа данақәла ахьчаразы ицәырҵуа ауснагӡатәқәа рыӡбаразы ар, ҳаамҭазтәи техникала, танкла, ҳаирпланла, вертолиотла еиқәыршәоу», - иаҵшьны иҳәеит Аслан Бжьаниа.
12,5 нызықь тонна инареиҳаны амандарина експорт ҳасабла Урыстәылаҟа идәықәҵоуп.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. 2023 шықәсазы ацитрустә сезон алагара инаркны Урыстәылаҟа експорт ҳасабла идәықәҵахеит 12,56 нызықь тонн инареиҳаны амандарина, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит Аҳәынҭқарратә ҳазалхратә Еилакы аҿы.
Тоннак акамшьиа акразы 2 нызықь мааҭ шәатәхоит.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 11, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара тоннак акамшьиа акразы ахәԥса шьақәнарӷәӷәеит.
Убас, тоннак акамшьиа акразы шьҭарнахыс ишәатәхоит ҩ-нызықь мааҭ, ҳәа Аԥсныпресс акорреспондент адырра ирҭеит атәыла ақыҭанхамҩа Амнистрра аҿы.
Аминистрцәа реилазаара ԥхынҷкәын 1 азы имҩаԥысыз аилатәараан ирыдыркылеит 2023-2024 шш. рзы ҭагалан-аӡынтәи аԥсыӡкраамҭаз аӡтәы биоресурсқәа рхархәаразы ахәԥсазы ақәҵара.
Акамшьиа акра азы ахәԥа ақәҵара акәша-мыкәша аимак-аиҿак ахылҿиааит. Афинансқәа Рминистрра абиоресурсқәа рхархаразы ашәатәқәа 3500 мааҭ рҟынӡа ашьҭыхразы ажәалагала ҟанаҵоит. Ақыҭанхамҩа аминистр Беслан Џьопуа иажәақәа рыла, 2005-2006 шш. рзы аԥсыӡкраамҭа инаркны тоннак акамшьиа акра азы ахәԥса хынтә иазҳаит. Иҳаҩсыз ашықәс азы тоннак акамшьиа азы ахәԥса 1800 мааҭ рҟынӡа инаӡозҭгьы, сынтәа уи 2000 мааҭ, даҽакала иуҳәозар 11% рыла ашьҭыхра азы ажәалагала ҟаҳҵоит», - ҳәа иазгәеиҭеит иара. Усҟан акамшьиа акразы ахәԥса шьақәыргылаӡамызт.