АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Хәажәкыр.2024

Наур Гармелиа ифильм Ханты-Мансиск ақалақь аҿы ааԥхьахәқәа ԥшьба аиуит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ханты-Мансиск ақалақь аҿы имҩаԥысуаз  Жәларбжьаратәи акинофестиваль «Дух огня» аҿы зыдгалара мҩаԥгаз аԥснытәи арежиссиор Наур Гармелиа ифильм «Аҵыхәтәантәи ахәԥса» («Последняя цена») аконкурс «Российские дебюты» аҿы арежиссиор Алеқсандр Веледински напхгара зиҭоз ажиури аӡбамҭала атриумф аиуит.

Адебиутант аусура аҿы аибашьра зыбжеиҳарак еиланарбгаз аԥсуа ақалақьк аҿы инхо, аҭиразы араса аазрыхуа аурыс ҭаацәара рыԥсҭазаашьа атәы  еиҭаҳәоуп. Дара ари абизнес ала абеиахара гәазыҳәараны ирымоуп, аха арҭ агәҭакқәа ҟалашьа амам.

«Аҵыхәтәантәи ахәԥса» аԥхьахәқәа ԥшьба аиуит: Сергеи Соловиов ихьӡ зху иреиӷьу атәышьҭратәылатә дебиуттә фильм азы априз «Золотая тайга», ахәаԥшцәа рыбжьыҭира аихшьаалақәа рыла ахәаԥшцәа ргәазыбылра априз «Цветы Таёжной надежды», Павел Лебешиов ихьӡ зху иреиӷьу аоператортә усура азы априз, иара убас иреиӷьу амузыка аус адулара азы.

Наур Гармелиа диит  рашәарамза 15, 1991 шықәса рзы. 2016 шықәсазы далгеит Санкт-Петербургтәи Аҳәынҭқарратә акинои ателехәаԥшреи  Ринститут, «ахәмарратә кино арежиссиор» азанааҭҵара ала. (С. О. Снежкини М. Г. Бычковеи рҟазарҭа).

Наур Гармелиа – режиссиор афильмқәа «Ацҳа» («Мост») (2015 ш.), «Аишьцәа» («Братья») (2017 Ш.), «Аҵыхәтәантәти ахәԥса»(«Последняя цена») (2022 ш.).

XXII Акинематографиатә дебиутқәа Жәларбжьаратәи афестиваль «Дух огня" мҩаԥысуан Ханты-Мансиск ақалақь аҿы хәажәкырамза  23 -26 рзы. Ари ашықәс азы афестиваль атема хаданы иҟан – «Амилаҭтә кинематографиа иҷыдоу абызшәа» («Особый язык национальной кинематографии»). 2002 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациа жәлар рартист, акинорежиссиор Сергеи Соловиов Ханты-Мансиск ақалақь аҿы  акинематографиатә дебиутқәа жәларбжьаратәи афестиваль «Дух огня» амҩаԥгара аԥшьгаҩыс дыҟан. Иара афестиваль ирымԥсахуа апрезидентс дыҟан ԥсраҽнынӡа ԥхынҷкәынмза 13, 2021 шықәанӡа. 2022 шықәса инаркны афестиваль апрезидентс  дҟалеит акинорежиссиор Емир Кустурица.              


Read 136 times - Ахаша, 27 Хәажәкыр 2024 19:02
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.