Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура араионтә ҟәша аусзуҩцәеи Аҳәынҭстандарт аусзуҩцәеи рыцны, Гагра араион Бзыԥҭа ақыҭан атәылауаҩ Бганба Спартак Расим-иԥа инхарҭаҭыԥ иаҵанакуа абаҳча аҿы ирыԥшааит иагьимырхит 28 маининг-аппаратқәа.
Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа аусзуҩцәа Шармаҭ Асҭамыр Алхас-иԥа итәу, аус зуа амаининг-ферма рыԥшааит Очамчыра араион Мықә ақыҭан. Акриптовалиута арҳара иазку 15 аппарат аҿыхны аканфискациа азун.
Очамчыра ақалақь аҿы имҩаԥгаз апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа ирылҵшәаны ирыԥшааит иагьрымырхит Кәакәасқьыр Ельдар Емзар-иԥа ихатәыҩны ишьақәыргылаз акриптовалиута арҳара иазку аппаратқәа жәаба.
Аиқәыршәагақәа зегьы Аҳәынҭстандарт ашьҭаҵарҭа ахь инагоуп.