АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2024

Гагра ақалақь аҿы иаадыртраны иҟоуп 100 ҭыԥк змоу ахәыҷбаҳча.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Лаҵарамзазы Гагра ақалақь аҿы шәҩык ахәыҷқәа рзы ашәқәа аанартуеит ахәыҷбаҳча ҿыц.  Уи алыршахеит араионтә биуџьет аҟынтәи имҩаԥгаз афинансркара иабзоураны.

Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Хана Гәынба лажәақәа рыла, ашколнӡатәи аусбарҭақәа разымхара  – ари акрызҵазкуа проблемоуп.

«Ҳара араион аҿы аус зуа ф-хәыҷбаҳчак рахьынтә ҩба ақалақь аҿы ишыҟоугьы, акыр ҵуеит аҭыԥқәа разымхара апроблема ҳамоуижьҭеи. Убри аҟнытә араион Ахадара аҿы Абазгаа рымҩала ахәыҷбаҳча ареконструкциа амҩаԥгаразы аӡбамҭа рыдыркылеит», – ҳәа илҳәеит лара.

Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа иарбоу аобиект аҿы ахыркәшарахь инеихьеит, ахәҭакахьала ихымԥадатәиу аинвентарьгьы ааргахьеит.

Аусбарҭа аҿы ԥшь-гәыԥк аадыртуеит, урҭ рҿы аҽазыҟаҵарақәа аԥсышәала мацара имҩаԥыслоит. Хана Гәынба лажәақәа рыла, иахьазы еиқәдыршәахьеит ахәыҷқәа рсиақәа, иара убас аперсонал азы (ааӡаҩцәа, ахәыҷхылаԥшыҩцәа, ахәыҟаҵаҩцәа, атехникатә усзуҩцәа, уҳәа). иҭацәу аҭыԥқәа рахь арзаҳалқәа рыдкылара мҩаԥысуеит.

«Хымԥада иазгәаҭатәуп, аҳәынқарратә маҵурауаа рхәыҷқәа ахәыҷбаҳчахь рыдкылара априоритеттә ҟазшьа аиуоит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Зҭакԥхықәра Ҳәаақәҵоу Аилазаара «Стройцентр Проект» анардкыларатә еиҿкаара ахаҭарнак  Сергеи Биџьба ишеиҭеиҳәаз ала, аусурақәа зегьы иазԥхьагәаҭоу аграфик инақәыршәаны имҩаԥысуеит, урҭ реиҳаракгьы нагӡоуп.

«Уажәы ҳара ахәыҷбаҳча иаҵанакуа аҵакыра аиқәыршәазаара иадҳәалоу аусурақәа мҩаԥаҳгоит.  Аобиект ахархәаразы рыҭара азԥхьагәаҭоуп лаҵарамза, 2024 шықәсазы. Аргылара-монтажтә усурақәа рыпроект-харџьынҵатә хәыԥса 58 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит», – ҳәа иазгәеиҭеит иара.


Read 238 times - Аԥшьаша, 28 Хәажәкыр 2024 18:08
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.