Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ҳаԥхьаҟа иарбоу аусеицура ашьаҭаркра азы, иқәыргылаз аидеиақәа атәыла анапхгара аҟынӡа анагара дшазхиоу азгәеиҭеит.
Аиԥылара далахәын Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа абжьгаҩ – аконсултә ҟәша анапхгаҩы Гаис аль-Харки.
Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Шьамтәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Мохаммад Џьалал-иԥа Али Шьамтәыла Абанк Хада ахантәаҩы Мохаммад Ессам Хазмех диԥылеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны адәныҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аиԥылара аҿы аганқәа аҩ-тәылак рыбжьара абанктә система аҿы аусеицура иаҵоу аҵакы ахадара азгәарҭеит, Шьамтәылеи Аԥсни рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еимадара аҿиареи амҩаԥгареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, иара убас абанктә зҵаарақәа рыла аспециалистцәа наҟ-ааҟтәи реиҭанеиааира алыршара шхымԥадатәиу азгәарҭеит.