АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Хәажәкыр.2024

Гагра ақалақь аҿы аԥшаҳәа Хада ареконструкциа мҩаԥыргоит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра ақалақь аԥшаҳәа Хада ареконструкциа актәи аетап  ԥхынҷкәынмза  2023 раахыс имҩаԥысуеит.  Иарбоу аусурақәа рхымԥадатәра еилкаахеит иҳаҩсыз ашықәс абҵарамзазы иҟалаз аԥсабаратә цәырҵра бааԥсы ашьҭахь. Усҟан Аԥсны агаҿа азегьы иахаҵанакуа акыр аԥсахасҭа аиуит. 

«Гагра ақалақь аҿы ари аҩыза амшцәгьа аҵыхәтәаны иҟалахьан 70 шықәса раԥхьа. Ҳара иаразнак ҳаԥшаҳәа аиҭашьақәыргылара ҳалагеит, уи шьаҭанкыла еилабган», - ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба.  

Зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа агаҿа аҵакыра амҽхак 1800 метра рҟынӡа инаӡоит, ашьаҟамҩатә зонақәа 10 нызықь ԥшьыркцатә метр иҟоуп. Иахьазы имҩаԥгоуп еилабгаз аԥшаҳәа аԥҽыхақәа рықәгара, иара убас аҭахкагақәа рҵыргәақәа  абетон ақәырҭәаразы аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Убасҵәҟьа акоммуникациақәа рышьҭаҵара иаҿуп. Анаҩстәи аетап ала аграниттә хаҳәцәы ақәҵареи арлашагатә шьаҟақәа рыргылареи абаркьылқәа рышьақәыргылареи мҩаԥгахоит.

Аргылараҿы ахархәара аиуоит акаррозиеи амшынӡы аҵаареи  иацәымшәо иҷыдоу амаҭәахәқәа. Иаагозар арлашагатә шьаҟақәа, Адамыр Цишба иажәақәа рыла, ицинрку аиха иалххоит, уи иабзоураны ашьаҟақәа рхархәара аҽҳәара акыр иацҵахоит.

«Абаркьылқәеи арлашагатә шьаҟақәеи ҳара иаҿаҳҵеит Урыстәыла, агранит акәзар – Ҭырқәтәыла. Ааигәа уи зҭоу аӷба Аҟәаҟа иаараны иҟоуп», - ҳәа иазгәеиҭеит Адамыр Цишба. 

Гагра араион абиуџьет аҟынтәи иахьатәи амш азы хыхь иарбоу ахықәкқәа рзы амаҭәахә аахәара азы ахархәара аиухьеит 61,7 млн. мааҭ, аусурақәа аналага инаркны имҩаԥгаз афинансркра азеиԥш еицҵалыҵ 76 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡоит.  

«Аха ари аицҵалыҵ иҵыхәтәанӡам. Макьаназы имаҷымкәа аусурақәа мҩаԥгатәны иҟоуп. Ҳара амшын аԥшаҳәа Гагра ауааԥсыра реиԥш араион  иаҭаауа асасцәагьы иаргәырӷьо иҟаларц азы иҳалшо зегьы ҟаҳҵоит», – ҳәа иҳәеит араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба.


Read 247 times - Аԥшьаша, 28 Хәажәкыр 2024 18:06
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.