Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. /Алеқсеи Шамба, Ельвира Горзолиа/. Адунеизегьтәи атеатр Амш — адунеи зегьы аҿы есышықәса, хәажәкыраза 27 рзы иазгәарҭо атеатр аусзуҩцәа зегьы ринтернационалтә занааҭтә ныҳәа ауп. Ари ахҭыс традициала ишьақәгылаз иаку адевиз: «Атеатр ажәларқәа рыбжьара аҭынчра арӷәӷәареи аилибакаареи рхархәага аҳасабала еиԥш» ауп. Аныҳәа азгәарҭоит арежисиорцәа, адраматургцәа, актиорцәа, атеатралтә критикцәа, апродиусерцәа, уҳәа зыԥҭазаара атеат иадызҳәалаз зегьы. Адныҳәаларақәа рыдыркылоит зыда иагьа игениалзаргьы аспектакль зыҟамло ауаа: аибыҭаҩцәа, арлашаҩцәа, абжьырежиссиорцәа, асахьаҭыхыҩцәа, адекораторцәа, абилеҭдкылаҩцәа, амаҭәакнаҳаҩцәа (амаҭәахьчаҩцәа). Атеатралтә ҟазара абзиабаҩцәа рзы «Атеатр Амш» убасҵәҟьа иныҳәамшны иҟоуп, избан акәзар ари амш инамаданы «акультура аныхабаақәа» рҿы еиҿкаахоит еиуеиԥшым аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа, атеатралтә фестивальқәа, театрқәк рҿы ҷыдала ари амш азы аспектакль ҿыцқәа раԥхьарбарақәа мҩаԥысуеит. Азанааҭныҳәа аламҭалазы Аԥсны атеатрқәа ԥшьба рнапхгаҩцәа ааигәатәи аамҭақәа рзы ирымоу аусуратә планқәа ирылацәажеит, иара убас артистцәеи ахәаԥшцәеи атеатр Амшныҳәа рыдырныҳәалеит.
Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр адиректор Хада Алхас Ҷолокәуа иажәақәа рыла, хәажәкырамза 27 рзы ахәаԥшцәа идырбахоит Антон Чехов еихьӡылоу ипиеса ала арежиссиор қәыԥш Бенар Ақаҩба иқәиргылаз аԥхьарбаратә спектакль «Саншьа Иуана» («Дядя Ваня»). Ҳазҭоу ашықәс азы атеатр Уфа ақалақь аҿы имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи атеатралтә фестиваль алахәхара азԥхьагәаҭоуп. Уи иара убас рхы аладырхәраны иҟоуп Урыстәыла, Ҟазахсҭан, Узбекьысҭан, Ҭырқәтәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи атеатрқәа жәпакы. «Башкириа аҳҭнықалақь ахь ҳара иаҳгоит арежиссиор Адгәыр Ақаҩба иқәиргылаз аспектакль «Акалҭеилымх» («Ловелас»)», – ҳәа иҳәеит атеатр адиректор. «Гәык-ԥсыкала Адунеизегьтәи атеатр Амш рыдысныҳәалоит Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә драматә театр аҿы амаҵ зуа зегьы реиԥш, Фазиль Искандер ихьӡ зху Аурыс драматә театр, Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә аҿар ртеатр, Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи Аҳәынҭқарратә акомедиа атеатр рҟынтәи ҳколлегацәагьы. Зыԥсҭазаара зегьы асцена иазызкыз зегьы ақәҿиаақәеи аманшәалареи рзеиӷьасшьоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Алхас Ҷолокәуа. Уи игәаанагарала, ари амш аҽны акырӡа аанагоит акыр шықәса инеиԥынкыланы қәҿиара дула Асовет Еидгыла иреиӷьу атеатралтә плошьадкақәеи уи анҭыҵгьы аԥснытәи атетралтә ҟазара ӡырызгоз аиҳабацәа рабиԥара иаҵанакуа артистцәа ҳаҭырла ргәалашәара. Уи иара убас ааигәа Аԥсуа театр ахь усураҳәа иааз аҿар дрыдныҳәалеит. «Сара агәра згоит урҭ аԥеиԥш бзиа шроуа, иреиӷьу арольқәагьы раԥхьаҟа ишырзыԥшу. Дара зегьы аҟыбаҩ злоу уаауп, ҳара ҳтеатр урҭ ирызгәдузар ауеит», – ҳәа иҳәеит иара.
Шә.Ԥачалиа ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә акомедиа атеатр. Атеатр аԥҵан 1955 шықәсазы. Актәи аԥхьарбараны иҟалеит аԥсуа актиор дуӡӡа, арежиссиор, адраматург, Асовет Еидгыла жәлар рартист Шарах Ԥачлиа икомедиа «Ачара ду». Адраматург иԥсҭазаара даналҵ ашьҭахь атеатр уи ихьӡ ахырҵеит. Атеатр адиректор Адамыр Гәынба ишазгәеиҭаз ала, аусура аҿы аиҳарак ахшыҩзышьҭра зырҭо аколлектив Аԥсны аҩныҵҟа агастрольқәа рымҩаԥгара. «Қәҿиара дула имҩаԥысуеит кыргызтәи адраматург Мара Баиџьиева лыпиеса ала арежиссиор Сырбеи Сангәлиа иқәиргылаз аспектакль «Хәылбыҽхак асабша». Хәажәкырамза 29 рзы уи арбара мҩаԥысраны иҟоуп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә Университет аҿы», – ҳәа иҳәеит иара. Адамыр Гәынба иажәқәа рыла, агастрольқәа ахәыҷқәеи ахбыџқәеи рганахьала атеатрлтә ҟазара ахь ринтерес аизҳара аадырԥшуеит. «Ҳара хымԥада уи аусура аҿы ҳасаб азаҳуеит. Уажәы уи арежиссиор Алхас Шамба ила аԥсуа шәҟәыҩҩы Шьоҭа Ҷкадуа ирҿиамҭақәа руак ала ахәыҷтәы спектакль ақәыргыларазы аиқәшаҳаҭра бжьаҵоуп», – ҳәа иҳәеит иара. Ааигәатәи аамҭа азы лаҵарамза 20 рзы иԥсы ҭазҭгьы 110 шықәса зхыҵуаз Асовет Еидгыла жәлар рартист Шәарах Ԥачалиа ииубилеи иазку агәалашәаратә усмҩаԥгатә амҩаԥгара азԥхьагәаҭоуп. Актиорцәеи ахәаԥшцәеи рахь ихы рханы, Адамыр Гәынба атеатралтә ҟазара ианакәызаалакгьы абжьааԥнызаара адҵреи аиаша шьахәла аилкаареи рҿы хадара злоу ацхыраара ҟанаҵоит. «Шәадныҳәалаз атеатр Амш! Шәыԥсҭазаараҿы еиҳахааит агәырӷьара зцу ахҭысқәа, агәеизҳара, аныҳәақәа, шәҟазара ҳаҭыр-пату ақәызҵо ахәаԥшцәа! Арҿиареи аҳаракыра ҿыцқәа рахь анаӡаразы агәацԥыҳәареи!», – ҳәа азеиӷьашьара ҟаиҵеит Ҭҟәарчалтәи атеатр анапхгаҩы.
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратәи аҿар ртеатр. Атеатр арепертуар аҿы иҟоуп аиҳарак ала Шекспир ирҿиамҭақәа рыла еилоу аклассика еиԥш, аԥсуа авторцәагьы уахь иналаҵаны, ҳаамҭазтәи авторцәа рырҿиамҭақәагьы. Ҳазҭоу ашықәс ажьырныҳәамзазы Урыстәылантәи иааз арежиссиор Наталиа Николаева Алеқсандр Вампилов еихьӡыло ипиеса ала аспектакль «Аԥеиҳабы» ықәлыргылеит. Наталиа Николаевеи аҿар ртеатри аусеицуаа рыбжьоуп 2018 раахыс, аспектакль атруппеи лареи иҭрыжьит аспектакльқәа В. Шекспир ипиеса ала «Ахамаԥышәа лыбжьара» («Укрощение строптивой»), Е. Шварц ипиеса ала «Аҳ ҟьантаз» («Голый Король»). Рашәарамза анҵәамҭазы Урыстәылатәи арежиссиор Викториа Печерникова афранцыз драматург Жан Ануиа итрагедиа «Антигона» ықәлыргылараны иҟоуп. Иара убас сынтәа иазԥхьагәаҭоуп арежиссиор Есма Џьениа лыспектакль ақәыргылара, аха автори конткретла апиесеи макьаназы ишьақәырӷәӷәаӡам. Ашықәс анҵәамҭазы ахәаԥшыҩ қәыԥшцәа рзы традициала иқәыргылахоит ашықәсҿыцтәи алакә. Аҿар ртеатр адиректор Аслан Еныкь атеатр аусура ахырхарҭақәа руак асцена аҿы акыр аамҭа идырбахо аспектакльқәа рырҿыца иазкуп, иаагозар, Едуардо де Филиппо иџьашьаху икомедиа «Ауаҩи аџьентльмени» («Человек и джентльмен»), араҟа ицәырҵраны иҟоуп адекорациа ҿыцқәеи акостиумқәеи. Аслан Еныкь атеатр Аԥсны аҩныҵҟа агастрольқәа азԥхьагәаҭоуп ҳәа иазгәеиҭеит, Нхыҵ Кавказҟа агастроль ҳасабла ацаразы агәҭакқәагьы ыҟоуп. «Арепертуар макьаназы ишьақәыргылаӡам, адкылара назыгӡо агани ҳареи аиҿцәажәарақәа ҳабжьоуп. Агәыӷра ҳамоуп зегьы шьахәла имҩаԥысып ҳәа», - иҳәеит иара. Иара убас, сынтәа иаразнак акыр зҵазкуа ҩ-рыцхәк азгәарҭараны иҟоуп – Аҿар ртеатр жәа-шықәса ахыҵреи Аԥсны жәлар рартистка, атеатр аԥҵаҩы, асахьаркыратә напхгаҩы Софа Хьынтрыгә-иԥҳа Агәмаа лиубилеи. Убри аҟнытә ари ҩбаны иҟоу аиубилеи инарҭбааны азгәаҭара азԥхьагәаҭоуп. «Аԥсны аус зуа атеатрқәа ԥшьба рҟынтәи сколлегацәеи ҳтәыла аҿы еиԥш аҳәаанырцәгьы асцена аҿы аусура иадҳәалоу зегьи срыдныҳәалар ҭахуп. Актиорцәа еихсыӷьра змам анапеинҟьарақәа, иҿыцу аспектакльқәеи аинтерес зҵоу арольқәеи рзеиӷьасшьоит», – ҳәа иҳәеит Аслан Еныкь.
Аурыс драматә театр. Фазиль Абдул-иԥа Искандер ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә аурыс драматә театр – атәылаҿы уаҳа зда ыҟам аурыс театр ауп. Уи Аԥсны, Урыстәыла, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҟынтәи ахәаԥшцәа адзыԥхьало хадара злоу акультуратә центр ауп. Атеатр арепертуар урыстәылатәи, аԥснытәи, адунеизегьтәи адараматургиа иреиӷьу ахкқәа рыла ишьаҭаркуп. Атеатр арепертуалтә политика зсахьаркыратә ҩаӡара ҳараку аспектакльқәа рыла излауа ала инарҭбаау аудиториа рымҽханакра иазырхоуп. Ақәыргыларазы арҿиамҭақәа ралхраан атеатр аԥснытәии аҳәаанырцәтәии аудиториа иҵабыргу гәыкалатәи рреакциа цәырызгаша аматериал иазхьаԥшуеит. Атеатр активла агастрольқәа нанагӡоит. 2017 шықәса инаркны Аурыс драматә театр агастрольқәа рыла ирҭааит Урыстәыла 35 қалақь, инанагӡахьеит 100 инарзынаԥшуа аспектакльқәа, урҭ ирыхәаԥшит 50 000-ҩык рҟынӡа ахәаԥшцәа. Арҭ иприциденттәу арбагақәа рҟынӡа анаӡара атеатр Урыстәылатәи Афедерациа акультура Аминистрра апрограмма «Агастроль дуқәа» рылахәхара, иара убас атеатр зыхьӡ нагоу жәларбжьаратәи афестивальқәа рахь иаиуз ааԥхьареи ирыбзоурахеит. Атеатр амиссиа – аԥснытәии урыстәылатәии акультурақәа еимаздо «цҳаны» аҟалара, Аԥсны уаҳа зда ыҟам аурыс бызшәала ицәажәо атеатр аҭакԥхықәра ду анагӡара ауп; Аԥсны ахәдуқәа, аҟазшьаҷыдақәа, адоуҳа рыла ишьаҭарку ауниверсалтә ҵакы змоу акультуратә аалыҵ аԥҵара; ахәаԥшцәа ҳаамҭазтәи атеатр иреиӷьу ахкқәа радыԥхьалара, уи аформақәеи ацәырҵрақәеи рыхкырацәара деилыркаара; Аԥсны асоциал-культуратә ҿиареи атәыла жәларбжьаратәи астатус аиӷьтәреи ралыршара. Аурыс театр аԥсҭазаара традициала ишышьақәгылахьоу еиԥш, уахи-ҽни ахҭысқәа рыла игәылҭәаауп ҳәа уҳәар алшоит. Иҿыцу ақәыргыламҭақәа, агатрольқәа, арежиссиортә лабораториа «Сандро», иара убас ҵыхәаԥҵәара змам арепетициақәа. Убри зегьы хыԥьаӡара рацәала иалырхуа аспектакльқәа заураны иҟоу ахәаԥшцәа ирызкуп, атеатр ахь ааира азы агәазыҳәара еиҳа-еиҳа иазҳауа аҟаҵара иазырхоуп. Хәажәкырамза 21 азы имҩаԥысыз апресс-конференциа аҿы атеатр адиректор Хада Иракли Хьынҭәба ишазгәеиҭаз ала, иҳаҩсыз ашықәс азы Аурыс театр асцена аҿы имҩаԥысит 305 усмҩаԥгатә, урҭ рахьынтә 270 – арепертуатә спектакльқәа рырбара ауп. Атеатр иҭнажьит аԥхьарбарақәа фба, 12-нтә агастрольқәа рымаҩԥгара аҳасабала Урыстәылаҟа ицеит. Ҳазҭоу атеатралтә сезон азы убасҵәҟьа иазԥхьагәаҭоуп идуу агастрольтә программа анагӡара. Атеатр Москва, Санкт-Петербург, Новосибирск, Омск, уи моу Сахалин ақалақьқәа рҿы иеиӷьу аспектакльқәа ахәаԥшцәа иднарбоит. «Зегьы ирыцку ахәаԥшцәа атеатр ахь аныҟәара азы агәазыҳәара роурц аҟаҵара, егьирахь – ҳара иаҳбап. Ҳара иааиуа ауаа атеатр даҽазнык аҭаара ргәаԥхо аҟаҵара ҳҽазаҳшәоит. Ҳара ҳхыдҵа хаданы иҟоуп – ауааԥсыра атеатр абзиабара дыркра», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара. Атеатр адиректор Хада агәра ганы дыҟоуп, атеатр ауаҩы дызлаҟоу ала деиӷьны дшыҟанаҵо, уи икультуратә ҿиара аҩаӡара шышьҭнахуа, ацивилизациатә, азакәан иашьашәалоу ахымҩаԥгашьа аформақәа илааӡара шалнаршо. «Атеатралтә ҟазара ауаҩы иҩныҵҟатәи ауадаҩрақәа риааира иацхраауеит, убри аан иҭагылазаашьа акыр иуадаҩзаргьы. Атеатр ахь уаннеиуа, аоптимизм улалоит, угәалаҟазаара шьҭыҵуеит, еиҳа уҩныҵҟатәи адунеи еилукаауа уалагоит. Убри аҟнытә сара аиҳарак ахәаԥшцәа ирзеиӷьашьо – шәымшәан атеатр ахь анеира. Атеатр – агәҿыӷьра иаҭыԥны иҟаӡам, атеатр ари шьахуп, иласуп, игәазырҳагоуп, аинтересс аҵоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит Иракли Хьынҭәба. 2024 шықәсазы – В.Шекспир ипиеса ала Антон Корнилов ила иқәыргылоу аспектакль «Виндзортәи аҳәатәхамҵаҳәсақәа» раԥхьатәи аԥхьарбара мҩаԥысуеит хәажәкырамза 31, мшаԥымза 1 рзы. Амакет афотосахьақәа рылагьы иубоит, ахәаԥшцәа иџьашьаху ақәыргыларатә мҽхакы ҭбаа змоу, даараӡа иԥшӡоу аспектакль рзыԥшуп. «Адекорациақәа, акостиумқәа, алашара – зегьы иҳаракӡоу аҩаӡараҿы иҟоуп. Иҟалароуп аиашазы аспектакль-аныҳәа ҳәа изышьҭоу ахҭыс. Актиаорцәа, бзиа ижәбо актиорцәа шәдыршанхараны иҟоуп», – ҳәа асоциалтә ҳақәа рҿы идаҟьа аҿы иҩит Иракли Хьынҭәба. ***
Жәларбжьаратәи атеатр Амш 1961 шықәса раахыс иазгәарҭо ныҳәоуп. Уи актиорцәа, арежиссиорцәа, алашаранџьнырцәа, агримҟаҵаҩцәа, атеатралтә сахьаҭыхыҩцәа, амаҭәанаҳаҩцәа (амаҭәахьаҩцәа), абилеҭдкылаҩцәа, уҳәа зыԥсҭазаара атеатр иадызҳәалаз ауаа зегьы рзанааҭтә ныҳәа ауп. Хәажәкыраза 27 рзы адунеи зегьы аҿы имҩаԥысуеит атеатралтә қәгыларақәа, атематикатә цәыргақәҵақәа, аспектакльқәа, аекскусиақәа.
Ареспубликатә ҳәынҭқарратә Усбарҭа «Аԥснымедиа» аколлектив атәыла атеатралтә коллективқәа зегьы ирзеиӷьанашьоит ақәыргыламҭа ҿыцқәа, акультуратә аартрақәа, инарыгӡо аусхкқәа зегьы рҿы хра злоу аҿиара, ақәҿиарақәа, аманшәалареи аихьӡара ҿыцқәеи!