АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Хәажәкыр.2024

Адепутат Ҭемыр Беиа Апарламент аҿы адгьыл азҵаарақәа рыӡбара иадҳәалоу аҭагылазаашьа далацәажәеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы ахантәаҩы Ҭемыр Беиа Аԥсны массала адгьылқәа рыҭира мҩаԥысуеит ҳәа ауаажәларра рыҩныҵҟа иҟоу ацәажәарақәа дрыхцәажәеит.  

Ҭемыр Беиа «напхгара зиҭо Аилак ахь адгьылқәа рхархәара, ахықәкы аԥсахрала категориак аҟынтәи даҽа категориак ахь аиагаразы  хыԥхьаӡара рацәала аусшәҟәқәа неиуеит» ҳәа иазгәеиҭеит. Иара убас уи Апарламент ахь инеиуа адгьылтә зҵаарақәа  рхыԥхьаӡара аҵыхәтәантәи аамҭазы аҽамԥсахӡеит ҳәа  иазгәеиҭеит.

«Аха  сара тәылауаҩыки депутатки раҳасабала агәҭынчымра сызцәырызго ишьақәгылаз атенденциа азгәасымҭар  ауам.  Лассы-лассы ҳара ҳахь атәыла Анапхгара аҟынтәи еиуеиԥшым адгьылтә зҵаарақәа ахәаԥшразы инашьҭхоит, урҭ заанаҵы ақалақьқәеи араионқәеи Рхадарақәа рҿы иахәҭоу аструктурақәеи акомиссиақәеи ирхысуеит, анаҩс  ганрацәала иҭҵаау хра злоу ахықәкқәа змоу аҳасабала Апарламент ахь инашьҭхоит.  Аха анаҩс, апроцедурақәа зегьы рхысра ашьҭахь, ҳара  зны-зынла адгьылхәҭақәа рхархәаразы азин егьырҭ ахаҿқәа рахь ииасит, мамзаргьы  ус баша хархәарада, «игәыгәҭажьны»,  иаанхеит, уаҟа акгьы мҩаԥысӡом  ҳәа  ажәабжьқәа ҳаҳауеит.  Иҟалар алшоит урҭ (иазоужьыз адгьылхәҭақәеи урҭ қьырала иаанызкылази, мамзаргьы урҭ рхархәаҩцәа) даҽа хаҿқәак  рахь аиагара азы «иреиӷьу аамҭақәа» ирзыԥшызар. Адгьыл аҭиразы арзаҳалқәа рацәаны иубар алшоит иахьа аинтернет ҳақәа рыҿгьы. Убри аан ишдыру еиԥш, Аԥсны адгьыл аҭира азы азин ыҟаӡам.  Иара убас иҟалалоит иалкаау аобиект аргыларазы адгьыл азоурыжьуеит, аобиект афакт ала иргылахоит, аха аргылара мҩаԥысуеит иарбоу адгьыл  1/20 ахәҭа аҿы, убри аан егьи иаанхаз адгьыл ахәҭа ахархәара амамкәа ишыҟац иаанхоит», - ҳәа иҳәеит Ҭемыр Беиа.

Адепутат дарбанызаалак атәылауаҩы иԥсҭазаараҿы, аиҿкаара, мамзаргьы анаплакы аусура аҿы аусуратә планқәа, адгьылхәҭақәа рганахьала  уахь иналаҵаны, еиуеиԥшым аамҭақәа, ауадаҩрақәа, афорс-мажорқәа, уҳәа цәырҵыр алшоит ҳәа иазгәеиҭеит.

«Аха, аиԥш-зеиԥшу ахҭысқәа анырацәахалак, ари атенденциа  алкаақәак  рыҟаҵарахь унаргоит. Убри аан сара исыздырӡом аҳәынҭқарреи хазхаҭалатәи ахаҿи рыбжьара аимак –аиҿак иадҳәалоу, мамзаргьы аҳәынҭқарра аԥшьгарала адгьылтә еизыҟазаашьақәа раԥыхра иадҳәалоу  хҭыск.  Аиҳарак ҳара хазхаҭалатәи ахаҿқәа рыбжьара ицәырҵуа адгьыл аимакра иадҳәалоу ахҭысқәа ртәы ҳаҳауеит. Уаҟа аҳәынҭқарра абжьааԥны арбитр иаҳасабала ицәырҵуеит. Убри аан, аимак-аиҿак аӡбараан, абжьааԥны, аҳәынҭқарра ауп иаҵахо», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит адепутат.

Ҭемыр Беиа аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилакы  аҿы иусура аамҭа иалагӡаны иколлегацәеи иареи  «адгьылхәҭақәа шәҟәыла реиқәышәареи анаҩс урҭ егьырҭ ахаҿқәа рахь рыиагареи «ззанааҭс ишьҭызхыз»  џьоукы-џьоукы зныкамкәа-ҩынтәымкәа адгьыл иадҳәалоу аусшәҟәқәа реиҳарак аҿы  рцәырҵра иадҳәалоу афактқәа ирықәшәахьеит», ҳәа иазгәеиҭеит.

«Избан убри аарԥшра залмыршахо аусшәҟқәа Апарламент ахь инеиаанӡа?» - ҳәа азҵаара ықәиргылоит адепутат Ҭемыр Беиа.  "Уи даараӡа агәарагара сцәыуадаҩуп!"

Адепутат агәра ганы дыҟоуп адгьыл хәҭақәа ззоурыжьхо ахаҿқәа рыбжьара  ахархәаҩцәеи ақьырагаҩцәеи, аиҳарак идуум адгьылхәҭақәа рҿы ахатәы нхамҩа змоу рыбжьара зыламыс цқьоу ауаа шыҟоу.  

Ҭемыр Беиа иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу азҵаарақәа Апарламент аԥхьа инаргыланы иахәаԥшуеит.

«Иҳәоу зегьы азхәыцразы иматериалны аҟазаара адагьы, атәылауааи еиҵагылараны иҟоу абиԥарақәеи ирыхәартә еиԥш адгьылтә зҵаарақәа рыӡбара азеиԥш знеишьақәа реиҭахәаԥшра азы ицхыраагӡаны иҟалоит. Ҳара Апарламент аҿы адгьылтә зҵарақәа рыӡбара цқьа ҳацклаԥшны ҳазнеилоит, адгьыл азҵаарақәа зегьы рыла хазы-хазы ақәыргылаҩцәа ааԥхьара раҳҭалоит, иара убас Аилак аилатәарақәа рахь ус иуҳәар ҟалозар, аҭагылазаашьа атәы аҭыԥқәа рҿы издыуа атәыла Анапхгареи аҭыԥантәи ахаланапхгара аусбарҭақәеи рхаҭарнакцәа ааҳаԥхьалоит», – ҳәа иазгәеиҭеит Ҭемыр Беиа.

Адепутат иара убас «адгьылхәҭақәа анаҩс хархәашьас ироуз ахылаԥшреи агәаҭареи рмеханизмқәа аиқәышәара» азы ажәалагала ҟаиҵоит.  

Аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы Апарламенттә Еилакы  «уаанӡа ззоужьра мҩаԥгаз адгьылхәҭақәа, урҭ рхархәара ахықәкызаара, уҳәа ицәырҵуа азҵаарақәа нагӡаны аӡбара залыршахаанӡа  иҿыцу адгьылтә зҵаарақәа рыӡбара аанкылара» азы ажәалагала ҟанаҵоит.  

Ҭемыр Беиа иара убас ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа рахь ааԥхьара ҟаиҵоит урҭ ирыҵанакуа аструктурақәа еиҳа инҭырҳәцааны адгьылтә зҵаарақәа рыҭҵаара иазнеиларц азы.

«Избан акәзар, дара роуп зегьы раасҭа еиӷьны аҭыԥаҿы иҟоу аҭагылазаашьа атәы здыруа, урҭ роуп ажәлар рҭынханы, рмалны иҟоу ҳадгьылқәа анаҩстәи рԥеиԥш зыдҳәалоу», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит аграртә политикеи аԥсабаратә ресурсқәеи аекологиеи рзы апарламенттә Еилаы ахантәаҩы, адепутат Ҭемыр Беиа. 

 

 

 

 

 


Read 236 times - Аԥшьаша, 28 Хәажәкыр 2024 11:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.