АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Хәажәкыр.2024

Аԥснытәи аспортсменцәа 18 шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла аԥхьахәгара рхы аладырхәуеит.

Аҟәа. Хәажәкырамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Хәажәкырамза 26 рзы Ориол ақалақь аҿы иалагеит  18 шықәса зхымҵыц арԥарцәа рыбжьара зхы иақәиҭу аиқәԥара азы Урыстәыла Аԥхьахәгара. Атурнир рхы аладырхәуеит еиуеԥшым акапантә категориақәа ирыҵанакуа  11-ҩык аԥснытәи аспортсменцәа.

48 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылоит Мурад Пкьын, а/к 51 кьыла иҟоу рыбжьара  – Никита Лежьиа, а/к 55 кьыла иҟоу рыбжьара – Алан Герзмаа, Даниил Допуеи Максим Адлеибаи, а/к  65 кьыла   –  Баграт Сақаниеи Даниил Ԥлиеи, а/к 71 кь –  Леон Малиа, а/к 80 кьыла – Леонид Арсҭаа, а/к 92 кьыла – Роман Маркариан, а/к 110 кьыла –  Сулхан Хәытаба.  

Аицлабрақәа реихшьаалақәа рыла адунеи Европеи Раԥхьахәгарақәа ирылахәхо Урыстәыла еизгоу акоманда аԥҵахоит.

Аԥсны аҿари аспорти рызҵаарақәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аԥхьахәгара актәи амш аихшьаалақәа абас ала ишьақәгылеит:

Афинал 1/16 ахәҭа:

51 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара - Никита Лежьиа (Калининградтәи аобласть) - Иргит Ертине (Тыва) – 8:8 (+ -).

48 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара - Никита Павлов (Воронежтәи область) - Мурат Пкьын (КРД) – 0:10

афинал 1/8 ахәҭа:

48 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара - Ахмед Батыров (Ингуштәи Ареспублика) - Мурат Пкьын (КРД) – 1:7

51 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара - Зелимхан Чаниев (Ингуштәи Ареспублика) - Никита Лежьиа (Калининградтәи аобласть) – 10:0

афинал 1/4 ахәҭа:

48 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара - Алимхан Будаичиев (ХМАО) - Мурат Пкьын (КРД) – 2:8

афинал 1/2 :

48 кьыла иҟоу акапантә категориа иаҵанакуа рыбжьара - Мурат Пкьын (КРД) - Сарыглар Чингис (Тыва) – 0:11.       


Read 246 times - Аԥшьаша, 28 Хәажәкыр 2024 11:51
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.