АЖӘАБЖЬҚӘА

03.Мшаҧы.2024

Аслан Бжьаниа Виктор Садовничи иира Амш идиныҳәалеит.

Аҟәа. Мшаԥымза 3, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет аректор Виктор Садовничи иубилеи идиныҳәалеит.

 

Адныҳәаларатә цҳамҭаҿы иҳәоуп:

 

«Ҳаҭыр зқәу Виктор Антон-иԥа, ишәыдысныҳәалоит шәиубилеи.

Шәара ректорс шәыҟазаара аамҭа аҩныҵҟала М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университет Урыстәылатәи Афедерациа аҟнеиҧш, адунеи зегьы аҟынгьы иреиҳау аҵараиурҭақәа рыбжьара заҳаҭыр ҳараку, аԥхьагылара змоу аҵараиурҭақәа ируакхеит.

Москватәи аҳәынҭқарратә университет атәылақәа жәпакы рхаҭарнакцәа рзы, Аԥсны Аҳәынҭқаррагьы уахь иналаҵаны, Alma-Mater аҵакы змоу ҵараиурҭоуп. Иахьа уи аушьҭымҭацәа ироуз адыррақәа ҳтәылаҟны еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҿы рхы иадырхәоит.

Ҳаҭыр зқәу, Виктор Антон-иԥа, Шәара ишәылшаз рацәоуп урыстәылатәи иреиҳаӡоу ашколи аҭҵаарадырреи рырҿиаразы, жәларбжьаратәи аҭҵаарадырратә усеицзура амҽхак арҭбааразы. Абри инамаданы, иазгәасҭарц сҭахуп, Аҧснытәи аҳәынҭқарратә университети М. В. Ломоносов ихьӡ зху Москватәи аҳәынҭқарратә университети қәҿиарала имҩаԥысуа русеицзура атәгьы.

Ҳаҭыр зқәу Виктор Антон-иԥа, шәиубилеи аҽны ишәзеиӷьасшьар сҭахуп агәабзиара, анасыԥ, аҭҵаарадырраҿы аихьӡарақәа».


Read 32 times - Аҩаша, 09 Мшаҧы 2024 13:30
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.