АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Рашәара.2024

Ашкол аушьҭымҭацәа амедалқәа ранашьара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥснытәи адраматә театр аҿы сынтәа медалла ашкол иалгаз аушьҭымҭацәа амедалқәеи  аҳамҭақәеи ранашьара иазкыз аныҳәатә церемониа мҩаԥысит.

Ашкол аушьҭымҭацәа ирыдныҳәаларц арахь иааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниеи Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Абесалом Кәарҷиеи.  

Аныҳәатә церемониа алагамҭаз игеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә гимн.  Еизаз минуҭктәи аҿымҭрала 1992-1993 шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьраҿы иҭахаз ргәаладыршәеит.  

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа ашол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит.

«Акыр иаԥсоу аушьҭымҭацəа! Ишәыдысныҳәалоит иахьатәи амшныҳәа. Уи аԥсҭазаара ҿыц, аԥсҭазаара ду иалагамҭаны иҟалоит.

Иахьа шәара акрызҵазкуа даҽа шьаҿа ӷәӷәак ҟашәҵоит, аҭакԥхықәра зцу аԥсҭазааратә амҩа ду шәанылоит. Шәара шәҿаԥхьа алшара дуқәа аатуеит. Шəаԥхьаҟа ишьҭоуп шəҵара-дырра аизырҳара, еиуеиԥшым азанааҭқəа рыла шәышьақəгылара иазку аусқəа, иреиҳау аҵараиурҭақәа рыҟны аҵара. Сгәы иаанагоит шәеиҳараҩык шәыԥсҭазаара здышәҳәаларц шәҭаху азанааҭқәа алышәххьеит ҳәа. Агәра ганы сыҟоуп қәҿиарала ари амҩа шәшаныло», - ҳәа иазгәаҭоуп адныҳәаларатә цҳамҭа аҿы.

Аслан Бжьаниа иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аргылараҟны ишаҭаху иахьатәи аамҭа иақәшәо адырра ҿыцқәа, азыҟаҵара бзиа змоу аспециалистцәа.

«Аԥснытәи аушьҭымҭацәа аихьӡара бзиақәа рыманы аҳәаанырцәтәи аҵараиурҭақәа ирылгоит, Аԥсныҟа ихынҳәуеит азыҟаҵара бзиа змоу специалистцәаны. Ижәдыруазарц сҭахуп шәара ишшәыдҳәалоу ҳаԥсадгьыл аԥхьаҟатәи аԥеиԥш, агәыӷрақәа. Шәара шәдыррақәа, шәбаҩхатәра, шәылшарақәа ҳҳәынҭқарра аҿиара ҵәатәы шьаҟаны иаҵагылар алшоит», – ҳәа иҳәеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Уи ҷыдала иазгәеиҭеит амедалистцәа.  

«Аҩызцәа, даҽазныкгьы гәык-ԥсык ала ишәыдысныҳәалоит ашкол аҿы шәҵара ахыркәшара. Ара иҟоуп ахьи араӡны медалқәеи рыла иалгаз, қәҿиарала зҵара хзыркәшаз. Ҳәарада, ари ус дууп. Шәара – ҳара ҳгәадуреи ҳгәыӷрақәеи здаҳәалоу абаиԥароуп.  Шәара иаашәырԥшыз ахақәкра, аҵара агәадкылара, адырра ҿыцқәа раиура азыҳаҵҳаҵра ала шәеиҵбацәа хра злоу аҿырԥшы рышәҭоит.

«Сара агәра згоит ашкол ашьҭахь шәызныло аԥсҭазааратә мҩа ду аҿы ақәҿиарақәеи аихьӡарақәеи шышәзыԥшу, аԥсадгьыл уаҵәтәи аԥеиԥш знапы иану, иаԥсоу абиԥараны шәышнаҵагыло! Ари, ҳәарада, ҭакԥхықәрала зус иазнеиуа ҳарҵаҩцәа шәааӡараҿы зхы иамеигӡоз шәҭаацәеи ирыбзоуроуп. Шәара шәырҵаҩцәа аҵара шәдырҵеит, шәҭаацәа ракәзар, шәыԥсҭазаараҿы адгылара ду шәырҭоит. Шәара шәҭаацәеи шәырҵаҩцәеи рзы мацара акәымкәа, шәыԥсадгьыл зегьы азы гәадураны шәыҟоуп.  Шьапымшла еихыжәгааит аԥсҭазаара ҿыц ахь шәшьаҿа! Ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, инагӡахааит шәыгәҭакқәа зегьы!» - ҳәа аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит Аҳәынҭқарра Ахада.

Ашкол аушьҭымҭацәа дрыдныҳәалеит аҵарадырра аминистр Инал Габлиа.

«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа! Гәык-ԥсыкала ишәыдыныҳәалоит иахьатәи амшныҳәа! Шәышьҭахьҟа иншәыжьит иссиру, хашҭшьа змам ашколтә шықәсқәа. Шәаԥхьаҟа ишәзыԥшуп аинтерес зҵоу аамҭа бзиа. Шәаԥхьаҟатәи шәыԥсҭазаараҟны ишәзеиӷьасшьоит аманшәалара, аихьӡара ҿыцқәа! Шәыгәҭакқәа рынагӡара шәашьҭаз, усҟан хымԥада зегь шәықәҿиоит.

Иҭабуп ҳәа расҳәоит шәырҵаҩцәа, шәҭаацәа. Шәара шәеиԥш, дара рызгьы иахьатәи амш акраҵанакуеит. Агәра ганы сыҟоуп урҭ ишәыдырҳәало ргәыӷрақәа шынагӡахо! Аушьҭымҭацәа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, аманшәалара, рнапы зларкуа аусқәа рҿы ақәҿиарақәа! Шәара ҳтәыла уаҵәтәи аԥеиԥш зыдҳәалоу биԥароуп. Мҩамш!» – ҳәа иҳәеит иара.

Сынтәа ахьтәы медал ала ашкол иалгеит ааҩык, араӡны медал ала – ԥшьҩык.

Иааизакны атәыла аҿы  сынтәа ашкол иалгаз рхыԥхьаӡара 1900 – ҩык рҟынӡа инаӡоит.

Аушьҭымҭацәа амедалқәа ранеишьеит аҵара аминистр Инал Габлиа.

Убас ахьтәы медалқәа ранашьахеит:

–  Авоиан Емилиа Артур-иԥҳа – А. К. Наӡаӡе лыхьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №15 аушьҭымҭа.

–  Бараҭелиа Аида Дмитри-иԥҳа – Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аушьҭымҭа.

– Бармышаа Ансоу Радик-иԥа – Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аушьҭымҭа.

– Габуниа Еснаҭ Лиосик-иԥа – Е. А. Ешба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №5 аушьҭымҭа.

– Дбар Нара Нарчоу-иԥҳа – Б. У. Шьынқәба ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №1 аушьҭымҭа.

– Кәаӡба Алеқсандр Роберт-иԥа – А. К. Наӡаӡе лыхьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №15 аушьҭымҭа.

– Кәыҵниа Нестор Ҭемыр-иԥа – А. К. Комаров ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №6 аушьҭымҭа.  

– Лазба Адилиа Рустам-иԥҳа – Н. А. Лакоба ихьӡ зху Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 аушьҭымҭа.

Араӡны медалқәа ранашьахеит:

– Вавилов  Витали Вадим-иԥа – А. П. Чехов ихьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №14 аушьҭымҭа.

– Дудукчиан Лилиа Андреи-иԥҳа – Гагра араион, Бзыԥҭа аҳаблан иҟоу, К. Инал-иԥа ихьӡ зху абжьаратәи ашкол №2 аушьҭымҭа.

– Қриа Лана Витали-иԥҳа – И. Н. Воронов ихьӡ зху Ҭҟәарчалтәи абжьаратәи ашкол №3 аушьҭымҭа. 

–  Шьакаиа Аинар Зураб-иԥа – А. К. Наӡаӡе  лыхьӡ зху Аҟәатәи абжьаратәи ашкол №15 аушьҭымҭа.

Ахьи араӡни медалқәа зауз ашкол аушьҭымҭацәа иара убас Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала аԥаратә ҳамҭақәа ранашьахеит.  

Аԥсны аҵара Аминистрра аԥшьгарала ахьи араӡни медалқәа иара убас иранашьахеит еиуеиԥшым амзызсқәа ирыхҟьаны ианаамҭаз амедалқәа змауз 1991 – 2002 шш. аушьҭымҭацәагьы.  

Аныҳәатә хәылԥазы аԥсуа естрада артистцәа рконцерт ала ихыркәшахеит. 

 

 

 

 

 

      


Read 193 times - Амҽыша, 30 Рашәара 2024 13:50
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.