АЖӘАБЖЬҚӘА

28.Рашәара.2024

Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысит акциа «Ицқьоу ақалақь».

Аҟәа. Рашәарамза 28, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» мҩаԥысуеит Аҟәа ақалақь аҿы.  Аҳҭнықалақь ауааԥсыра, еиуеиԥшым аусбарҭақәеи анаплакқәеи русзуҩцәа  ақалақь амҩадуқәеи апаркқәеи  анаплакқәа ирыҵанакуа аҵакырақәеи рҿы еилдыргон. Акциа шымҩаԥысуа атәы Аԥсныпресс акорреспондент иҿцәажәо  еиҭарҳәеит Аҟәатәи Ашьхарыуаа рышкол №10 адиректор Аида Кәарҷелиа, Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата анапхгаҩы Ҭамила Мерцхәлаа, Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти русқәа рзы Адепартамент  адиректор Ельза Ҳагба.

Аида Кәарҷелиа лажәақәа рыла, 10-тәи ашкол иааиԥмырҟьаӡакәа ақалақьзегьтәи акциақәа ирылахуп, уи анаҩсгьы шықәсык рахь  2–3-нтә аилыргаратә усмҩаԥгатәқәа мҩаԥнагоит. Уажәгьы ашкол аусзуҩцәа рколлектив ашкол ааигәа-сигәа идрыцқьеит, еилдыргеит.

«Аҳҭнықалақь аҿы инхо зегьы рыҩны, русбарҭақәа акәша-мыкәша еилдыргало, аҭеиҭыԥш иахылаԥшуа иалагар, усҟан ҳақалақь даараӡа иԥшӡахоит, зегьы реиҳа ицқьоу ақалақь ҳәа ԥыхьа иамаз ахьӡ-аԥша азыхынҳәуеит», - ҳәа инаҵшьны иазгәалҭеит лара.

Аԥсны Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата анапхгаҩы Ҭамила Мерцхәлаа Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата аусзуҩцәа гәахәарыла ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа ахь ицәырҵит ҳәа иазгәалҭеит.

«Ҳара Ахақәиҭра Ашҭа аԥхьа иҟоу апарк аҿы иҟоу агәам-сам зегьы ақәгара ҳҽазаҳшәоит», – ҳәа еиҭалҳәеит Ҭамила Мерцхәлаа. Ахәаахәҭра-ааглыхратә Палата ари апарк ахылаԥшра ахахьы иагеит.

«Даара иаҳҭахуп ақалақь аҿы иҟоу аиҿкаарақәагьы ари аҿырԥштәы иқәныҟәарц, доусу рхылаԥшра аҵаҟа иҟоу аҵакырақәа рахь аилыргаразы ицәырҵыц, – ҳәа лажәа иацҵо иазгәалҭеит лара. – Ари даара акыр аҵанакуеит, избан акәзар, уажәы акурорттә аамҭахәҭа иашыкьаҳәымҭоуп, Аҟәа ақалақь акәзар, иҟан аамҭа уи зегьы реиҳа ицқьоу ақалақь ҳәа ахьӡ анахҵаз. Араҟа  акырӡа аҵанакуеит ақалақь ауааԥсыра, атәылауаа рыхдырра. Убри аҟнытә дарбанызаалак апаркқәеи аскверқәеи  рыдагьы рыҩнқәа рааигәа-сигәа аҵакырақәа ррыцқьареи рҭеиҭыԥш ахылаԥшреи рзы руалԥшьа анагӡара рыхәҭоуп ҳәа исыԥхьаӡоит».

Ҭамила Мерцхәлаа ацқьара, раԥхьаӡа иргыланы ҳара ҳхаҭақәа ҳарԥшӡоит ҳәа иазгәалҭеит:

«Ҳара иахьа араҟа ҳаҟоуп ашьыжь асааҭ 9 инаркны. Ииасуа зегьы иазгәарҭоит ҳаиҿкаара аусзуҩцәа иаадырԥшуа активра. Сара сгәы иаанагоит ақалақь егьырҭ аҭыԥқәа рыҿгьы убасҵәҟьа аусура мҩаԥысуеит ҳәа».

Аҟәа ақалақь Ахадара аҿари аспорти Русбарҭа адиректор Ельза Ҳагба ҳақалақь есымша ишыцқьаз еиԥшҵәҟьа аринахысгьы ус иаанхалароуп ҳәа иазгәалҭеит.  

«Сара сгәаанагарала ас еиԥш акциақәа есымза имҩаԥысуазароуп, ақалақь аҿы инхо дарбанызаалак иқалақь гәакьа азы аҭакԥхықәра идзароуп. Иахьа ҳара ҳколлектив аӡә дагымкәа зегьы ҳусбарҭа ааигәа-сигәа иҟоу аҵакыра аилыргаразы ицәырҵит. Сара сгәаанагарала ари шьҭа хра злоу традицианы иҟалеит, ҳауаажәлар цәырҵны аҳҭнықалақь аиқәыршәазаара иазку аусмҩаԥгатәқәа анымҩаԥырго», - ҳәа иацылҵеит лара.

Ақалақьзегьтәи аекологиатә акциа «Ицқьоу ақалақь» Аҟәа ақалақь аҿы иааиԥмырҟьаӡакәа имҩаԥысеит.

 

 

 

 

 


Read 170 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.