АЖӘАБЖЬҚӘА

27.Рашәара.2024

«Гугл Аиҭагаҩ» аԥсуа бызшәагьы уахь иналаҵаны даҽа 110 бызшәа ацлеит.

Аҟәа. Рашәарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс.  Google  адырра  аланарҵәеит Translate афункциақәа рырҭбаара азы. Шьҭарнахыс уи иацлоит аԥсуа, авартәи, чечентәи, ауаԥстәи абызшәақәа уахь иналаҵаны  иҿыцу 110 бызшәа.  Аамҭа кьаҿ иалагӡаны арҭ абызшәа ҿыцқәа translate.google.com аҿы, иара убас Google Translate ацҵақәа рыҿгьы  иҟалоит. Уи жәаҳәарада, асервис аҭоурых аҿы шьаҿа дуны иҟалоит.

Ари иҿыцу алагала адунеи зегьы аҿы хыԥхьаӡара рацәала ауаа реимадара аҿы иҟоу абызшәатә ԥынгылақәа риааиреи аиҭагара аинструментқәа рҟынӡа анаӡара алыршареи рзы Google аҽазышәарақәа иреиуоуп. 2022 шықәсазы Google  иацнаҵеит 24 иҿыцу абызшәақәа. Убри аан ахархәара аиуит Zero-Shot Machine Translation Иара убас аилазаара адунеи аҿы зегьы реиҳа аларҵәара змоу абызшәақәа адгылара рыҭара иазырхоу, «1000 бызшәа» ҳәа хыс измоу аԥшьгара аланагалеит.

Уи аԥхьа Yandex аҿы аиҭагара апроект аус адулара знапы алаку аԥсуа лингвист, аҭҵааҩы Давид Дасаниа Yandex иамоу аиҭагаратә сервис нхыҵкавказтәи абызшәақәа ралагаларазы азԥхьагәаҭарақәа амоуп ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит. Урҭ абызшәақәа рсиа аҿы иҟоуп аԥсуа, абаза, ачерқьес, ҟарачы-балкартәи, ногаитәи, ауаԥстәи, чечентәи, ингуштәи, еиуеиԥшым даӷьсҭантәи абызшәақәа. 

Ари нхыҵкавказтәи ажәларқәа рбызшәақәа рыла ицәажәо рзы акыр зҵазуа хҭысны иҟалеит. Уи урҭ аимадареи аинформациа аиуреи рзы иреиӷьу аинструментқәа рзаԥнаҵоит. Арҭ абызшәақәа Google Translate, Yandex Translate реиԥш иҟоу иреиҳау аиҭагатә сервисқәа ралагалара еиуеиԥшым абызшәатә ҭынхақәа реиқәырхареи инарҭбаау абызшәатә хкырацәареи уи ауаажәларра рҿы ахархәареи рганахьала акыр зҵазкуа шьаҿаны иҟалоит. 


Read 94 times - Амҽыша, 30 Рашәара 2024 17:41
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.