Аҟәа. Рашәарамза 27, 2024 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақьтә Еизара адепутатцәа реилатәара мҩаԥысит аԥшьаша, рашәарамза 27 рзы. Уи аҳаҭыртә шәҟәқәа ранашьарала иалагеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақтә Еизара апресс-маҵзура.
Аизара ахантәаҩы Дмитри Осиеи уи ихантәаҩы Иракли Харчлааи ааигәа иазгәарҭараны иҟоу ақалақь Амш аламҭалазы шықәсырацәа инеиԥынкыланы иаадыԥшыз азанааҭдырреи ламысцқьала рзанааҭтә уалԥшьақәа рынагӡареи рзы хәҩык ақалақь Ахадара аусзуҩцәа, аҳҭнықалақь Ахадара адкыларҭа амаӡаныҟәгаҩ Ольга Кич, амуниципалтә Усбарҭа «Атехникатә инвентаризациа абиуро» атехник-аҭаҩҩы, уаанӡа акыр шықәса уи анапхгара азҭоз Лев Малыиа, азеиԥш ҟәша анапхгаҩы Мирана Ашәба, Анхара-коммуналтә Нхамҩа Адепартамент аспециалист Хада Мимоза Габниа, амуниципалтә Усбарҭа «Атехникатә инвентаризациа абиуро» атехник- аинвентаризациа амҩаԥгаҩ Ирина Шьакаиа аҳаҭыртә шәҟәқәа ранаршьеит.
Аџьшьара зауз зегьы рыхьӡала Лев Малыиа Ақалақьтә Еизара адепутатцәа иҭабуп ҳәа раҳәо иазгәеиҭеит: «Шәара аферымкәа, аҿыц лагалақәа ирызхиоу шәоуп, ҳара Шәара ҳшәықәгәыӷуеит, ишәыдышәкыло аӡбамҭақәа ақалақь уи ауааԥсыреи реизҳазыӷьара ишазырхоу агәра ҳгоит. Ҳара ҳганахьала иаашәырԥшыз агәцаракра азы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Сара сыхәҭаала гәык-ԥсыкала ишәзеиӷьасшьоит аҭынчра, ахирра, шәнапы злаку аус аҿы аманшәалареи аихьӡарақәеи».
Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анапгаҩы инапынҵақәа назыгӡо Асҭамыр Ҳагәышь имҩаԥгаз аусура азы аҳасабырба ҟаиҵеит.
Асҭамыр Ҳагәышь иҟаиҵаз адыррақәа рыла, ҳазҭоу ашықәс фымз рыҩныҵҟа Аҟәа ақалақь аҿы 76 цәгьоура ҟаҵан, урҭ рахьынтә 34 – ихьанҭоу ацәгьоурақәа. Иаартуп 70 цәгьоура, урҭ рахьынтә 29 – ихьанҭоу ацәгьоурақәа роуп.
2023 шықәса аиԥш-зеиԥшу аамҭахәҭа азы 103 цәгьоура ҟалеит, иаартуп – 97. Урҭ рахьынтә ихьанҭоу ацәгьоурақәа – 47, иаартуп – 43.
Фымз рыла иаарԥшын 6 566 амҩатә ԥҟарақәа реилагара, урҭ рахьынтә 349 – ижәны амашьына аԥсҟы акра иадҳәалоу азинеилагарақәа. 270-ҩык амашьына арныҟәцаразы азин аршаҳаҭгақәа рымхын.
Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анапхгаҩы инапынҵақәа назыгӡо иҟаиҵаз аҳасабырба ианазыӡырҩ ашьҭахь, Аҟәа ақалақьтә Еизара ахантәаҩы Дмитри Осиа, адепутатцәа Саид Ашәбеи Варлам Џьапуеи Асҭамыр Ҳагәышь имаҵуратә уалԥшьақәа ибзианы инаигӡоит, аобиективреи иаҭахханы иҟалар агәаӷьреи ааирԥшуеит ҳәа иазгәарҭеит.
Зус шьахәла издыруа уаҩуп ҳәа Асҭамыр Ҳагәышь дихцәажәеит аилатәара иалахәыз аҳҭнықалақь ахада Беслан Ешба. Беслан Ешба Асҭамыр Ҳагәышь икандидатура адгылара арҭарц, уи имаҵураҭыԥ аҿы дшьақәдырӷәӷәарц азы аҳәара ҟаиҵеит.
Имаӡоу абжьыҭирала 15-ҩык адепутатцәа рҟынтәи 13 - ҩык Асҭамыр Ҳагәышь Аҟәа ақалақь аҩныҵҟатәи аусқәа Русбарҭа анапхгаҩы имаҵураҭыԥ аҿы ишьақәырӷәӷәара азы рыбжьы рҭиит.
Асҭамыр Хагәышь 2013 шықәса раахыс ареспублика аҩнуҵҟатәи аусқәа рҟны аус иуеит. 2016 шықәсазы инапынҵақәа қәҿиарала иахьынеигӡоз азы «Зус бзианы иназыгӡо амилициа аусзуҩ» ҳәа агәкыдҵа-дырга ианашьан.
Иара убри ашықәсазы ауаажәларратә еиҿкаара «Урыстәыла АҩАР ашәарҭадаратә маҵзура аветеранцәеи аусзуҩцәеи Рассоциациа» амедал ианашьан.
Иара убасгьы, Аԥсны АҩАР амедал «Аԥсны Аҳәынҭқарра ААР аҟны қәҿиарала аусуразы» I, II, III аҩаӡарақәа ианашьоуп.
Аԥсны амҵәышәмпыл 100-шықәса ахыҵра инамаданы, Аԥсны амҵәышәмпыл Афедерациа апрезидент Ераст Агәмаа иҟаиҵаз аҳәареи ақалақь ахада Беслан Ешба Аизара ахь иааишьҭыз ашәҟәи инақәыршәаны, Аҟәа ақалақьтә Еизара Аԥсны зҽаԥсазтәыз абаҩарҵәыратә культуреи аспорти русзуҩцәа Владимир Хашбеи Алеқсандр Седови ргәалашәара анаунагӡатәра азы аӡбамҭа рыдыркылеит.
Амемориалтә ӷәы шьақәыргылахоит Аԥсни Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалтә Республикеи зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥсны ҳаҭыр зқәу аспорт азҟаза, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара акавалер Ҳашба Владимир Алеқсандр-иԥа дахьынхоз, Акьыртаа имҩала игылоу аҩны № 28 ахаҿратә ҭӡы аҿы.
Иара убри амҩала игылоу, Аԥсни Қырҭтәылатәи Асоветтә Социалтә Республикеи зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ, Аԥсны ҳаҭыр зқәу аспорт азҟаза, «Ахьӡ-Аԥша» аорден III аҩаӡара акавалер Седов Алеқсандр Михаил-иԥа дахьынхоз аҩны №9 ахаҿратә ҭӡы аҿы ишьақәыргылахоит амемориалтә ӷәы.