
pressadmin-2
КАРЕН КИУЛИАН ГАГРА АРАИОН АХАДА ИХАҬЫԤУАҨЫС ДҞАҴОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Гагра араион ахада Иури Ҳагәышь Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ ҿыц Карен Киулиан идгалара мҩаԥигеит.
Иури Ҳагуәышь 2020-шықәса раахыс ари амаҵураҭыԥ иахагылаз Хачик Минасиан инаигӡаз иусура азы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, ахада ихаҭыԥуаҩыс ҿыц иҟаҵоу Кареи Киулиан ақәҿиарақәа изеиӷьаишьеит.
Ахәҭкахьала, Карен Киулиан иоуз агәрагара азы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ абарҭ азҵаарақәа ахылаԥшра риҭоит:
Атранспорти аимадареи;
Агропроааглыхратә сектор;
ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 15 РЗЫ АԤСНЫ АСАХЬАҬЫХЫҨЦӘА РЕИДГЫЛА АЦӘЫРГАҚӘҴАТӘ ЗАЛ ХАДА АҾЫ АЛЕҚСАНДР ШЕРВАШИӠЕ -ЧАЧБА ДИИЖЬҬЕИ 155-ШЫҚӘСА АҴРА ИАЗКУ АЦӘЫРГАҚӘҴА ААТУЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 12, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 15- 24 рзы Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ацәыргақәҵатә Зал Хада аҿы иналукааша аԥсуа сахьаҭыхыҩ, асценограф, аҟазадырҩы, асахьаркыратә критик Алеқсандр Шервашиӡе-Чачба диижьҭеи 155-шықәса аҵра иазку ацәыргақәҵа мҩаԥысуеит.
Аекспозициа аҿы иҟалоит 80 инареиҳаны аусумҭақәа – асахьаҭыхыҩ петербургтәи иԥсҭазаара иалагӡаны, Александриатәии Мариинтәи атеатрқәа рҿы аус аниуаз иаԥҵаз акостиумқәа рескизқәеи адекорациақәеи. Ацәыргақәҵа аҿы ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит асахьаҭыхыҩ зыхьӡ нагоу алегендартә «Аурыс балет» аҿы Диагилев инапхгарала (1920 -1948 шш.) асценографс иусура аамҭа азы иаԥиҵаз аусумҭақәа рсериа – абалет «Лебединое озеро» (Лондон), «Весна священная», «Веселая смерть» (Париж) рзы аескизқәа.
ЛАША АШӘБА АТӘЫЛАХЬЧАРА АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АКОМИТЕТ АХАНТӘАҨЫ ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба усуратә визитла Аԥсны иҟоу Аҳәынҭқарратә Дума адепутаттә гәыԥ Аиҿкааҩ, атәылахьчаразы Аҳәынҭқарратә Дума Ахантәаҩы Андреи Картаполов дызлахәыз аиԥылара мҩаԥигеит.
Аиԥылара иалахәын Аԥсны Жәлар Реизара- Апарламент Атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы аилак алахәцәа: Ҭемыр Шергелиа - Аилак ахантәаҩы, Фазлыбеи Аҩӡба – Апарламент Аиҳабы ихаҭыԥуаҩ, адепутат Асҭамыр Герхьелиа.
АЛЕҚСАНДР АНҚӘАБИ АЛЕҚСАНДР НОВАКИ УРЫСТӘЫЛЕИ АԤСНИ РЫБЖЬАРА АСОЦИАЛ-ЕКОНОМИКАТӘ УСЕИЦУРА АЗЫ АНАПХГАРАБЖЬАРАТӘИ АКОМИССИА АИЛАТӘАРА АԤКААНҴА РНАПЫ АҴАРҨИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҩаша, ԥхынҷкәынмза 6 рзы, Москва ақалақь аҿы имҩаԥысит Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа XIX аилатәара.
Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа ацхантәаҩцәас иҟоуп: Аԥсны аганахьала – аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб, Урыстәыла аганахьала – УА Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак.
Аусура анхыркәшаха ашьҭахь Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новаки Аԥсны Аҳәынҭқарра аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаби Аԥсни Урыстәылеи рыбжьара асоциал-еконоикатә усеицура азы Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа XIX аилатәара Аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.
«Ареспублика Аԥсны — ҳара ҳааигәара иҟоу ҳәынҭқарроуп. Ҳара иахьа ҳрылацәажәеит аперспективара злоу аиневстициатә усеицура ахырхарҭақәа, аенергетикеи атуризми рыҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ҳарзааҭгылеит. Иахьа ҳазааҭгылаз аҿиара ахырхарҭақәа ируакуп – аҳаирпланқәа рышьҭыԥрааратә цәаҳәа аиҭашьақәыргылара азҵаарагьы», - ҳәа Аԥкаанҵа анапаҵыҩра ашьҭахь иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Анапхгара ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак.
Алеқсандр Новак иажәақәа рыла, Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аилатәара аҿы иара убас ирылацәажәеит ааглыхра, ақыҭанхамҩа, атуризм аусхкқәа рҿы еиуеиԥшым аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи русеицура аҿиара. «Сара сгәаанагарала ҳара хра злоу аперспективақәа ҳамоуп. Зегьы ирыцку, ҳара Аԥсны ахатәы хашәалахәқәа реизырҳареи ауалафахәқәа рышьҭыхреи уахь иналаҵаны, Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара апрограмма иарбоу еиӷьу алҵшәақәа раарԥшрахьы шьаҿа-шьаҿала ҳцәырҵуа ҳахьалагаз ауп», – ҳәа иҳәеит иара.
«Ҳара иахьа Анапхгарабжьаратәи Акомиссиа аилатәара аҿы иҳаҩсыз ҩы-шықәса ирылагӡаны инагӡаз аусура аихшьаалақәа ҟаҳҵеит. Идыру амзызқәа рыла ҳара хаҭала ҳаиқәшәартә еиԥш изыҟамлеит, аха иахьа уи азы алшара ҳауит. Ҳаззааҭгылаз азҵаарақәа рацәан. Урҭ зегьы Аԥсны азы актуалра рыҵоуп, ҳаизыҟазаашьақәа рыҿиара азы акырӡа аанагоит. Ҳара инаҵшьны иазгәаҳҭеит иҳабжьоу аимабзиаратә усеицуратә еизыҟазаашьақәа рырҿиареи рырӷәӷәареи ҳшазхиоу. Уи аенергетика, азакәанԥҵара аҿиара, иааизакны Аԥсны аекономикатә суверенитет арӷәӷәара азҵаарақәа роуп», - ҳәа иҳәеит атәыла аԥыза-министр Алеқсандр Анқәаб.
АКУЛЬТУРА-УСУРАТӘ ПЛАТФОРМА “ГӘЫМА” АҾЫ ИААТИТ АШЫҚӘСҾЫЦТӘИ АКЦИА «АШАНА-ҴЛА».
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы иаатит ашықәсҿыцтәи акциа «Ашана-ҵла».
Акциа аиҿкаара рхахьы иргеит агәыҳалалратә фондқәа «Ашана», «Кьиараз».
Ашықәсқәа инеиԥынкыланы афондқәа «Кьараз», «Ашана» аусзуҩцәа еиуеиԥшым агәыҳалалратә акциақәа мҩаԥыргоит. Иарбоу акциақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны, уи азы агәазыҳәара змоу дарбанызаалак зматериалтә ҭагылазаашьақәа ԥку аҭаацәа рҟынтәи ахәыҷқәа ашықәсҿыцтәи ргәазыҳәарақәа рынагӡара азы алшара иоуеит.
Аҟәатәи алицеи-интернат аҵаҩцәа зматериалтә ҭагылазаашьа уадаҩу аҭаацәа рҟынтәи ахәыҷқәеи згәабзиара уашәшәыроу ахәыҷқәеи Аҵаа Бабаду ихьӡала ирыҩыз ашықәсҿыцтәи асаламшәҟәқәа рыла аԥҟақәа рсахьа аманы оригами ҟарҵеит. Урҭ рыла акультура-усуратә платформа «Гәыма» аҿы ишьақәдыргылаз ашықәсҿыцтәи аԥсаӡҵла дырхиеит.
Акциа зҽалазырхәуа аԥсаӡҵла аҿы икнаҳау аоригами кныхны уа иану агәазыҳәара нарыгӡоит. Аҳамҭақәа афондқәа рофисқәа рахь рынашьҭра ҟалоит.
Агәыҳалалратәии ауаажәларратәи аиҿкаара «Кьараз» аԥшьгаҩцәа ируаӡәку Камма Гоԥиа акциа далацәажәеит.
АСИДА ШЬАҞРЫЛ АԤСНЫ АУААԤСЫРА АУАҨЫ ИЗИНҚӘА РЫХЬЧАРА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АМШ РЫДЫЛНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ауаҩы изинқәа рыхьаразы Азинмчы змоу Асида Шьаҟрыл Аԥсны ауааԥсыра ауаҩы изинқәа рыхьчара Жәларбжьаратәи Амш рыдылныҳәалеит.
«Ҳаҭыр зқәу Аԥсны ауааԥсыра!
Есышықәса, ԥхынҷкәынмза 10 рзы адунеи зегьы аҿы иазгәарҭоит ауаҩы изинқәа рыхьчара Амш –абри амш аҽны, 1948 шықәсазы, Еиду Амилаҭқәа Реиҿкаара Ассамблеиа Хада ауаҩы изинқәа рыхьчаразы Азеиԥш Декларациа аднакылеит. Уи усҟантәи аамҭазы адунеи ауааԥсыра зегьы акыр аџьамыӷәацәгьа иҭазыргылаз аҩбатәи адунеизегьтәи аибашьра ашьҭахь акырӡа аҵак ду змаз ауаҩы изинқәа рышьақәырӷәӷәаразы ашьаҭа ӷәӷәа зкыз усшәҟәхеит. Хымԥада иҳәатәуп, Аԥсны ажәларгьы 1994 шықәсазы, ӷәӷәала ашәарҭадара ашьақәҟьара азы ашәарҭара шыҟазгьы, ақырҭуа-аԥсуа еибашьра анеилгаҵәҟьа ашьҭахь ауаҩы изинқәа рзы Азеиԥш деклорациа иарбоу атәылауаҩратә зинқәеи ахақәиҭреи шьақәзырӷәӷәоз Ареспублика Аконституциа рыдыркылеит. Ари афакт аԥсуа ҳәынҭқарра авторитартә акәымкәа, адемократиатә напхгараҭара асистема ала аҿиара амҩа ишанылаз арҵабыргуан. Ари машәыршақәгьы иҟамлаӡеит. Ари змилаҭтә хаҭара аиқәырхареи ахьыԥшымреи ахқәиҭреи рзы ақәԥара иадҳәалоу, зқьышықәсала иаауа аҭоурых змоу аԥсуа жәлар идырны иалырхыз мҩоуп.
Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟаз аибашьрақәа роума, сталинтәи арепрессиақәа роума Аԥсуа жәлар рзинқәеи рхақәиҭреи реилагара иақәшаҳаҭхартә ирзыҟамҵа
ВАЛЬТЕР БЫҬӘБА АҨНЫҴҞАТӘИ АУСҚӘА РМИНИСТРРА АППАРАТ ХАДА АҾЫ АУСУРАТӘ ЕИЛАТӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба ахылаԥшырҭа анапхгаҩцәа, Аминистрра аппарат хада аҟәшеиҵақәа реиҳабацәа алархәны, есымчыбжьытәи аихшьаалатә усуратә еилатәара мҩаԥигеит.
Ауаажәларратә шәарҭадара Амилициа аусура атәы еиҭеиҳәеит аминистр ихаҭыԥуаҩ – ауаажәларратә шәарҭадара амилициа анапхгаҩы Беслан Ҷкадуа.
Уи ишазгәеиҭаз ала, амҩатә ҭагылазаашьа ахылаԥшра акыр ирӷәӷәоуп, аиҳарак аԥсшьрамшқәа раан.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ “АҞӘА АҚАЛАҚЬ АХРАҾЫ” АГАРАЗЫ ТРАДИЦИАЛА ИМҨАԤЫСУА АНАПЫЛАМПЫЛ АЗЫ АТУРНИР ААТИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, Сергеи Багаԥшь ихьӡ зху аспорт Ахан аҿы иаатит «Аҟәа ақалақь Ахраҿа» агаразы 2004-2006 шш. рзы ииз арԥарцәа рыбжьара традициала имҩаԥысуа анапылампыл азы атурнир.
Уи рхы аладырхәит Гагра, Пицунда, Аҷандара, Очмчыра, Гәылрыԥшь, Ареспубликатә хәыҷтәы-қәыԥштә спорттә школ, иара убас Аҟәа ақалақь, уҳәа рҟынтәи акомандақәа. Аҟәа ақалақь акоманда аилазаараҿы иҟоуп аҳҭнықалақь Ахадара аҿари аспорти рзы Аусбарҭа анапылампыл асекциа аспортсменцәа.
Атурнир ԥхынҷкәынмза 11, 2022 шықәсанӡа имҩаԥыслоит.
ԤХЫНҶКӘЫНМЗА 12 РЗЫ МОСКВА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИМҨАԤЫСРАНЫ ИҞОУП «ХЬЫБЛА ГЕРЗМАА ШӘААЛЫԤХЬОИТ» ҲӘА ХЫС ИЗМОУ АФЕСТИВАЛЬ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 10, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынза 12 рзы Москватәи аконсерваториа азал Ду аҿы имҩаԥысуеит аиубилеитә XX афестиваль «Хьыбла Герзмаа шәаалыԥхьоит».
Аопертә сцена апримадонна асценаҿы илыцықәгылоит лҩызцәа, еицырдыруа авокалистцәа Вероника Џьиоева (сопрано), Дмитри Корчак (тенор), Васили Ладиук (баритон).
Зыхьӡ нагоу анагӡаҩцәа аклассикатә музыка абзиабаҩцәа ирыздырхиеит иналукаааша адунеи зегьы аҿы еицырдыруа ашедеврқәа рыла ишьақәгылоу зеиӷьаҟам апрограмма.
АЛЕКСАНДР АЧБА ИЗАКӘАНЫМКӘА АБЏЬАР АҴӘАХРА АЗЫ ДЫГӘҨАРАНЫ ДЫҞОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 9, ахәашаҽны даанкылан Аԥсны атәылахьчара аминистр ицхырааҩ Алеқсандр Ачба. Уи изакәанымкәа абџьар аҵәахра азы дыгәҩарахеит, ҳәа иаанацҳауеит Аԥсны апрокуратура Хада.
Апрокуратура Хада адыррақәа рыла, Алеқсандр Ачба изакәанымкәа атапанча «М-57», иара убас уи иатәу 22 цыра апатронақәеи идырбалеит. Урҭ аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура аусзуҩцәа рыла имхра мҩаԥган.