
pressadmin-2
2023 ШЫҚӘСАЗЫ АУСЕИҾКААРАТӘ АМЗАР ШЬАҚӘЫРӶӘӶӘОУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аминистрцәа Реилазаара «2023 шықәсазы Аусеиҿкааратә амзар» шьақәнарӷәӷәеит.
Аминистрцәа реилазаара Ақәҵарала, аԥсшьаратәии аныҳәатә иусуратәым амшқәеи ахьеиқәшәо инамаданы, ииагахоит абарҭ аԥсшьарамшқәа:
Ажьырныҳәамза 1 (амҽыша) – ажьырныҳәамза 3 (аҩаша) ахь ииагахоит;
Ажьырныҳәамза 7 (асабша) – ажьырныҳәамза 9 (ашәахьа) ахь ииагахоит;
Ажьырныҳәамза 8 (амҽыша) – ажьырныҳәамза 10 (аҩаша) ахь ииагахоит;
Ажьырнаҳәамза 14 (асабша) – ажьырныҳәамза 16 (ашәахьа) ахь ииагахоит;
Мшаԥымза 16 (ашәахьа) – мшаԥымза 17 (ашәахьа) ахь ииагахоит;
Нанҳәамза 26 (асабша) – нанҳәамза 29 (аҩаша) ахь ииагахоит;
Цәыббрамза 30 (асабша) – жьҭаарамза 2 (ашәахьа) ахь ииагахоит;
Абҵарамза 26 (амҽыша) – абҵарамза 27 (ашәахьа) ахь ииагахоит.
ЏЬЕМАЛ ГӘБАЗ ИМАҴУРАҬЫԤ АҞЫНТӘИ ИХЫ ДАҚӘИҬТӘУП.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Џьемал Гәбаз Аԥсны аҿари аспорти русқәа рзы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы ақәиҭтәра азы Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
АПРОФИЛТӘ ПАРЛАМЕНТТӘ ЕИЛАКЫ АҾЫ АТӘЫЛАХЬЧАРАТӘ ШӘАРҬАДАРА АЗҴААРАҚӘА ИРЫЛАЦӘАЖӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ахаша, ԥхынҷкәынмза 7 рзы имҩаԥысыз атәылахьчареи амилаҭтә шәарҭадареи рзы апарламенттә еилакы инарҭбаау аилатәара аҿы Аԥсны атәылахьчаратә шәарҭадареи уи иамоу арратә потенциали ирыдҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Аилатәара мҩаԥигеит аилак ахантәаҩы Ҭемыр Шергелиа.
Аилатәара рхы аладырхәит аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Владимир Ануа, атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Нодар Аҩӡба, атәылахьчара Аминистрра аштаб Хада анапхгаҩы Владимир Савченко.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АШӘАРҬАДАРА АЗҴААРА ИНАМАДАНЫ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәеи Ашәарҭадара Ахеилак аусуцәеи алархәны аусуратә еиԥылара мҩаԥигеит.
АԤСНЫТӘИ ХАТӘГӘАԤХАРАЛА ДОНЕЦК ЕИБАШЬУАЗ ИԤСЫБАҨ ИԤСАДГЬЫЛ АХЬ ИААРГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра иатәу амедицинатә усбарҭа аусзуҩцәа Краснодар ақалақь аҟынтәи ареспубликаҟа иааргеит Донбасс ахақәиҭтәразы хатәгәаԥхарала еибашьуаз, 1998 шықәса рзы ииз Тапаӷәуа Беслан Гьаргь-иԥа иԥсыбаҩ, ҳәа адырра ҟанаҵоит Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра апресс-маҵзура.
АҞӘА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ИААДЫРТИТ ТАРАС ШАМБА ИБАҞА.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 7 рзы Аҟәа ақалақь аҿы иаадыртит Аԥсни Урыстәылеи аполитикатәии ауаажәларратә усзуҩ, азиндырратә наукақәа ракандидат Тарас Шамба ибаҟа.
Абаҟа аартра ацеремониа рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа, Аҳәынҭқарра Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бадра Гәынба, Жәлар Реизара-Апарламент Аиҳабы Лаша Ашәба, Адунеизегьтәи Аԥсуа-база жәлар Рконгресс ахантәаҩы Мусса Еқьзеқь, адепутатцәа, аминистрцәа, Тарас Мирон-иԥа Шамба иуацәа, иҩызцәа.
Бадра Гәынба, абаҟа аартра ацеремониа аҿы дықәгыло, Тарас Шамба иналукааша аԥснытәии урыстәылатәии аполитикатә усзуҩны дыҟан ҳәа иазгәеиҭеит.
«Кавказ ажәларқәа реилибакаара, Урыстәылеи Кавказ ажәларқәеи реимабзиаратә еизыҟазаашьақәа рыҿира иадҳәалоу аусура иара илагала ду алоуп. Алада Урыстәыла ауаажәларратә еиҿкаарақәа жәпакы рхадацәа иара Кавказ ажәларқәа Урыстәылатәи Рконгресс ацхантәаҩыс далырхит. Тарас Шамба иабжьгарақәа акыр иуадаҩу, аимак-аиҿак зцу аполитикатә дискуссиақәа рҭышәныртәалара иацхраауан», – ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Екзеков игәаанагарала, Тарас Шамба иԥсҭазаара зегьы зызкыз – Иԥсадгьыли иуаажәлари Реизҳазыӷьара иазкны ус аура акәын.
«Иара абаза жәларқәа реидкылара аус илагала ду алоуп. 25 шықәса ирылагӡаны уи Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс напхгара аиҭон, иџьынџьуаа рыԥсҭазаара аиӷьтәра азы илшо зегьы ҟаиҵон. Тарас Шамба даара згәы ҭбааз уаҩын, уи иҟәышреи илаз ахарахәыцреи ирыбзоураны акыр иуадаҩыз азҵаарақәа рыӡбара алыршахон», - ҳәа иҳәеит иара.
АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АԤСУА-АБАЗА КОНГРЕСС VIII АИЗАРА ДУ АФОРУМ АДЕЛЕГАТЦӘЕИ АСАСЦӘЕИ ДРЫДНЫҲӘАЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа дызлахәыз Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс VIII аизара ду афорум аделегатцәеи асасцәеи дрыдныҳәалеит. Уи иқәгылараҟны иҳәеит :
«Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс аԥҵара арыцхә ҳара ҳхьанарԥшуеит Аԥсны жәлар ашәарҭа ду ианҭагылаз аамҭа ашҟа. 1992 шықәса жьҭаарамзазы Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аилашакьымҭазы/анцоз Лыхны ақыҭан имҩаԥысит ҳтоурыхтә ԥсадгьыл - Аԥсны ахьчаразы игылаз ажәлар реидкылара хықәкыс ишьҭыхыз I Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс.
Аԥсуа жәлар рлахьынҵа аӡбаразы аҵак ду змаз Аԥсуа-абаза конгресс иалшеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьчараҟны мчы змаз еиҿкаарак аҳасабала ҳдиаспора ахаҭарнакцәеи, аԥсуааи, абазақәеи, егьырҭ ҳаиашьаратә жәларқәеи реидкылара.
Аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа раан Аконгресс аусура есааира аҽарҭбаауан. Уи хра злоу амилаҭтә, аҳәынҭқарратә зҵаарақәа рылацәажәара, аԥышәеимдара ахьымҩаԥысуаз, Аԥсны, Ҟарачы-Черқьестәи Ареспублика, Урыстәылатәи Афедерациа, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, Европа атәылақәа жәпакы ирықәынхо аԥсуааи абазақәеи еидызкылоз ҭыԥны иҟалеит.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДРАМАТӘ ТЕАТР АҾЫ ИААТИТ АДУНЕИЗЕГЬТӘИ АԤСУА-БАЗА ЖӘЛАР РКОНГРЕСС VIII АИЗАРА ДУ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аҟәа ақалақь, С.Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр аҿы Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс VIII аизара ду аартра мҩаԥысит.
Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс –абар шьҭа 30 шықәса ирылагӡаны рҭоурыхтә ԥсадгьыл иқәынхо реиԥш, аҳәаанырцә: Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Шьамтәыла, Иорданиа, европатәи атәылақәа, Еиду Америкатәи Аштатқәа, уҳәа егьырҭ атәылақәа рҿы инхо аԥсуаа, абазаа, аублаа еидызкыло ауаажәларратә еиҿкаароуп.
ВЛАДИМИР ПУТИН АԤСНЫ АСОЦИАЛ-ЕКОНОМИКАТӘ ҾИАРА АЦХЫРААРА АҬАРА АЗЫ АИҚӘШАҲАҬРА ШЬАҚӘИРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса Аԥсныпресс. Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин 2022-2025 шш. ареспублика асоциал-економикатә ҿиара иазку аҳәынҭқарратә программа анагӡараҿы ацхыраара аҭаразы Аԥсни Урыстәылеи ирыбжьарҵаз Аиқәшаҳаҭра шьақәирӷәӷәеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит РИА Новости.
Уи иазку аусшәҟәы азинтә информациа аофициалтә интернет-портал аҿы икьыԥхьуп.
«Шәача ақалақь аҿы, абҵарамза 24, 2014 шықәсазы Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы знапаҵыҩра мҩаԥгаз Аиқәшаҳаҭра анаҩстәи аҿиара ахьӡала ареспублика аекономика аиҭашьақәыргылареи ауааԥсыра рыԥсҭазаара аҩаӡара ашьҭыхреи рҿы ганрацәала адгылареи ацхыраареи аҭара иазырхаз жәларбжьратәи аиқәшаҳаҭрақәа бжьаҵан», - ҳәа иазгәаҭан аилыркаагатә шәҟәынҵа аҿы.
НЕСТОР ЦУЖБА АԤКЬАҬМПЫЛ АЗЫ ТИУМЕНЬТӘИ АОБЛАСТ АԤХЬАХӘГАРА АҾЫ АИААИРА ИГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 5, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Нестор Цужба абҵарамза 28 инаркны ԥхынҷкәынмза 3 аҟынӡа Тиумень ақалақь аҿы имҩаԥысуаз аԥкьаҭмпыл азы Тиуменьтәи аобласт Аԥхьахәгара аҿы аиааира игеит. Атурнир зынӡа рхы аладырхәит Урыстәыла еиуеиԥшым арегионқәа рҟынтәи 150-ҩык инарзынаԥшуа аспортсменцәа.
Нестор Цужба 9-10 шықәса зхыҵуа ақәратә категориа иаҵанакуа рыбжьара дықәгылон. Атурнир зегьы аҿы уи 1 геимк ауп дахьаҵахаз.
Нестор Цужба – Арзамеҭ Ҭарба ихьӡ зху Аԥсны ареспубликатә ԥкьаҭмпылтә школ адиректор, Аԥсны аспорт азҟаза, аԥкьаҭмпыл азы азыҟаҵаҩ Елизабет Акәыциа лҿы иҽазыҟаиҵоит.