АЖӘАБЖЬҚӘА

18.Цәыббра.2023

Абахҭа аҟынтәи ибналаз Гурген Киракосиан дааныркылеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 18, 2023 шықәса. Аԥнсыпресс. Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ашьаусԥшааратә Усбарҭа аусзуҩцәа ашьжьымҭан, цәыббрамза 18 рзы Каман ақыҭа азааигәара дааныркылеит уаанӡа Аамҭалатәи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа аҟынтәи дахьыбналаз азы зыԥшаара иаҿыз, Аҟәа араион Иашҭхәа ақыҭан инхо Гурген Киракосиан. 

Уаанӡа иҟаз адыррақәа рыла, нанҳәамза 13 рзы 1988 шықәсазы ииз Киракосиан Гурген Арменак-иԥа Аԥсны Ашьауӷатә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 99 ахәҭа 1 (Ауаҩшьра), иара убас ахәҭаҷ 217 ахәҭа 1 (иҭҟьо амцабџьар изакәанымкәа аҵәахреи аныҟәгареи) инарықәыршәаны  ахара идҵан. Уи ахьырхәра аҳасабала ирӷәӷәоу арежим змоу акалониа аҿы  15 шықәса ҭакрала ахгара иқәҵан.  

Уажәы иаанкылоу абаандаҩы  атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра Аамҭалатәи аусеилыргаанӡатәи аԥхьакырҭа ахь днагоуп.   

 

 


Read 469 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 19:27
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.