АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Цәыббра.2023

Аԥсны инхо Ленинградтәи аблокада иалахәыз рҟынтәи аӡәызаҵәык иаанханы иҟоу аԥҳәыс амацәаз иҭакыз Ленинград ауааԥсыра рҟынтәи Афедеративтә Республика Германиа анапхгараҭара ахь иҟарҵаз ааԥхьара ахкьыԥхь лнапы иадыркит.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла аус ацура Ахаҭарнакра анапхгаҩы Дмитри Федотов ареспублика аҿы инхо, Ленинградтәи аблокада иалахәыз рҟынтәи аӡәызаҵәык иаанханы иҟоу Нонна Мол-Оглы - амацәаз иҭакыз Ленинград ауааԥсыра рҟынтәи Афедеративтә Республика Германиа анапхгараҭара ахь иҟарҵаз ааԥхьара ахкьыԥхь лнапы иаиркит.

Цәыббрамза алагамҭазы Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан амацәаз иҭакыз Ленинград ауааԥсыреи уи ахьчаҩцәеи аблокада зхызгаз зегьы рыхьӡала агуманитартә шәатәқәа рызшәара алыршаразы Афедеративтә Республика Германиа анапхгараҭара ахь ааԥхьара ҟарҵеит. Ари ааԥхьараҿы ахәҭакахьала, шәмилаҭк инареиҳаны рхаҭарнакцәа ахьынхоз ақалақь Ленинград аҿы, 1941-1944 шш. рзы миллионҩык инареиҳаны ауааԥсыра рыԥсҭазаара иалҵит ҳәа иазгәаҭоуп.  

Дмитри Федотов Нонна Мол-Оглы ааԥхьара атекст дылзаԥхьеит, убри аан милаҭла иауриуоу рзы мацара агуманитартә шәатәқәа рзоужьра азы аӡбамҭа шиашам азгәеиҭеит.  «Ҳара ҳзы ари азҵаара акыр аҵанакуеит. Аетникатә ҟазшьа ала ашәатәқәа аныҟарҵо, убри аан егьырҭ анырхашҭуа, ари зынӡа ииашаӡам жәаҳәарада», - ҳәа иҳәеит иара.

Ааԥхьара атекст аҿы, Афедеративтә Республика Германиа анапхгара иарбоу азҵаара ахшыҩзышьҭра аҭаны иахәаԥшырц азы уаанӡа акырынтә иҟаҵаз аҽазышәарақәа лыҵшәаданы иаанхон ҳәа иазгәаҭоуп.

«Аблокада иалахәыз зегьы ииашаны ашәатәқәа рызшәара амыцхәрас, Афедеративтә Республика Германиа анапхгара 2019 шықәсазы Санкт-Петербург ақалақь аҿы «Аибашьра аветеранцәа рыхәшәтәырҭа» амодернизациа аҳасабала уалбашақә инагӡаз «агуманитартә уснагӡатә» амҩаԥгарала рҭаԥхықәра анагӡара хдырқәшеит. Аха иара уигьы ус аҵыхәтәанӡа изынагӡамхеит. Афедеративтә Республика Германиа анапхгара ахь ҳхы рханы – ашықәсқәа цацыԥхьаӡа зхыԥхьаӡара иаҳа-иаҳа иагхо Ленинградтәи аблокада иалахәыз, аӡәгьы далымхыкәа зегьы агуманитартә шәатәқәа рызшәара азы  аамҭа мгакәа ииашоу аӡбамҭа рыдыркыларц ааԥхьара ҟаҳҵоит», - ҳәа иаҳәоит ааԥхьара атекст аҿы.

Ааԥхьара знапы аҵазҩыз зегьы иазгәарҭоит, иахьатәи амш азы Аџьынџьтәылатәи еибашьраан амацәаз иҭакыз Лениград ақалақь ауааԥсыра адунеи атәылақәа жәпакы рҿы ишынхо. «Милаҭла еиуеиԥшымыз, амацәаз иҭакыз ақалақь аҿы аџьамыӷәа цәгьа зхызгаз, зыԥсы ҭаны иаанхаз, ҳара ҳхыԥхьаӡара иахьа 60 нызықьҩык иреиҵоуп… Ҳара ӷәӷәала ҳақәыӡбуеит Афедеративтә Республика Германиа еиҿагылоу апозициа. Уи инақәыршәаны, акыр аамҭа раахыс агуманитартә шәатәқәа рызшәахоит милаҭла иауриуоу аблокада зхызгаз ауаа, аха убри аан, «анацәкьыс иалцәыцәаау» еиуеиԥшым ихыҭҳәаау амзысқәа рыла иахьа зыԥсы ҭоу аблокада зхызгахьоу ауаа милаҭла реилыхрада аԥара рызшәара иаахҵәаны мап ацәыркуеит. Убри аан иазгәаҭатәуп даҽакгьы. Зымпыҵакра залмыршахаз ақалақь Ленинград ауааԥсыра ахьҭеи амлеи иаркны, цәгьаԥшьышьа рыҭаны рықәхразы анацистцәа гәымбылџьбаратәи рыгәҭакқәа рынагӡараан милаҭла аилыхра ҟаҵамызт», - ҳәа инаҵшьны иазгәаҭоуп ашәҟәы атекст аҿы.  

Ааԥхьараҿы иара убас иргәаладыршәеит анемец-фашисттә мпыҵахалыҩцәа ргыгшәыграқәа Ниуринбергтәи атрибунали хыԥхьаӡара рацәала аусшәҟәқәеи рыла ишышьақәырӷәӷәоу. Иҳаҩсыз ашықәс азы Санкт-Петербургтәи ақалақьтә Ӡбарҭа Ленинград аблокада арратә цәгьоураны, ауаҩра иаҿагыло ацәгьораны, иара убас Асовет Еидгыла ажәларқәа ргеноцидны  иазханаҵеит.

Цәыббрамза 8, 1941 шықәсазы иалагаз Ленинградтәи Аблокада 900 мшы инарзынаԥшуа иҟан.  Ақалақь ахь афатә-ажәтә зланауго ҳәа мҩа заҵәыкны иҟаз - «Аԥсҭазаара амҩа – изықәҵааланы иҟаз Ладыжтәи аӡиа акәын. Аблокада ахәҭакахьала иахыххеит ажьырныҳәамза 18, 1943 шықәса рзы, аха уи зынӡа аԥыхра – ажьырныҳәамза 27, 1944 шықәсаҟынӡа – Ленинград ауааԥсыра даҽа шықәсык иазыԥшхар ақәхеит.   

Жьҭаарамза, 2022 шықәсазы Санкт-Петербургтәи ақалақьтә Ӡбарҭа  Ленинград аблокада аан анемецтә нацистцәа инарыгӡоз аусмҩаԥгатәқәа зегьы арратә цәгьоураны, Асовет Еидгыла ргеноцидны аԥхьаӡаразы аӡбамҭа аднакылеит. Ақалақь апрокуратура ала еизгаз аматериалқәа рыла Ленинградтәи аблокада иалаӡыз рхыԥхьаӡара 1 093 842 иреиҵаӡам. Анацистцәеи урҭ рыдгылаҩцәеи Ленинград ақалақьи уи ауааԥсыреи ирырҭаз азарал ахәԥса иҟоу акурс ала 35,3 триллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит, ҳәа ишьақәдыргылеит апрокуратура аҿы.

 

 

 


Read 136 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 10:53
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.