АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Цәыббра.2023

Ахақәиҭра Ашҭаҿы имҩаԥысит Аиааира Апарад аҽазыҟаҵара. Абх. Абх.Абх. Абх.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Ахақәиҭра Ашҭаҿы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазку апарад аҽазыҟаҵара мҩаԥысит.

Атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩ Давид Бжьаниа, 1992-1993шш. Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатәи еибашьра аҿы Аиааира агара Амш  30-шықәса ахыҵра иазку апарад  иалахәхоит  20 рҟынӡа аршьаҟатә колоннақәа.

Давид Бжьаниа иажәақәа рыла, апарад иалахәхоит Аԥсны атәылахьчара Аминистрра хазы игоу арратә ҟәшеиҵақәеи Аԥсны Аҳәынҭқарра амчратә структурақәеи ахылаԥшырҭақәеи, ахәҭакахьала, Аҳәынҭқарратә Хьчара Амаҵзура, Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрра, аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура, иҷыдоу азкызаара змоу Ацентр хаҭалатәи аилазаарақәа, иара убас Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәарҭадара Амаҵзура иатәу Аҳәаахьчаратә Усбарҭа абыжьбатәи урыстәылатәи арратә база ахаҭарнакцәеи  Алада Уаԥстәыла атәылахьчара аршьаҟатә колоннеи.

«Апарад иалахәхоит Арбџьармчқәа рҿы иҟоу атехника зегьы, ҳреспублика арра-ҳаиртәи атанктәи амчқәа», - ҳәа иҳәеит иара. 

 

 


Read 133 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.