АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Цәыббра.2023

Апартиа «Амцахара»: атәыла адәныҟаполитикатә Хылаԥшырҭа ахада Инал Арӡынба иқәгыларақәа ззырхаз атәылаз алахьынҵатә ҵакы змоу азҵаарақәа рылацәажараан иааирԥшыз агәҭынчымра ицеиҩаҳшоит.

Аҟәа. Цәыббрамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Аветерантә партиа «Амцахара» аҳәамҭа аланарҵәеит.

«Аоппозициа иадгыло амассатә информациа ахархәагақәеи егьырҭ аинформациатә ресурсқәеи рпубликациақәа рҿы аҵыхәтәантәи аамҭазы Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынбеи атәыла араионқәа рактивқәеи реиԥылара аихшьаалақәа ҟаҵо еиуеиԥшым ахәшьараҭаратә згәаҭарақәа ҟарҵоит.  

Аԥсны адәныҟполитикатә Хылаԥшырҭа ахада имҩаԥиго аиԥыларақәа Ҳаԥсадгьыл акәша-мыкәша ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ашәарҭара атәы дирдыруеит изыӡырыҩцәа, хаҭала Аԥсни агәыларатә тәылақәеи реизыҟазаашьақәа дырзааҭгылоит. Инал Арӡынба ҳауаажәлар иҟоу ашәарҭарақәа рзы адырра риҭоит.

Апартиа «Амцахара» ахаҭарнакцәеи егьырҭ аибашьра аветеранцәеи злахәыз аиԥыларақәа рҿы, Инал Арӡынба иахьа даҽа аамҭак еиԥшымкәа ҳажәлар аҩныҵҟатәи аполитикатә еиҿагыларақәа мап рыцәкны,  аӡәк еиԥш еидгыланы атәыла аекономикатә ҿиара азы ирылшо зегьы ҟарҵароуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.

Аџьынџьуаа иаартны ишиашоу, гәрагарала рацәажәара аформат хра злоу акакәны иҳаԥхьаӡоит. Инал Арӡынба иԥыларақәа рӷьырак амассатә информациа ахархәагақәа рыда имҩаԥысуан, убри аан аоппозициатә ресурсқәа рыла «аинформациатә ауаҟьан-чаҟьан» аԥҵаразы  аконтекст иалжәаан иган иқәгылара ахәҭақәа. Ас еиԥш аманипулиациақәа иаамсҭашәам, иахәҭам ҳәа иҳаԥхьаӡоит. Урҭ иҟаҵоу аҳәамҭақәа рҵакы архәанчоит. Уимоу, иарбоу ахымҩаԥгашьа ауаажәларра рҿы аибарххара арҵысуеит.

Ауаажәларратәи аполитикатәи амчрақәа зегьы рахь Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверинитет арӷәӷәаразы рҽеидкыланы акзаареи аҳәоуеиқәшәареи аадырԥшырц  азы ааԥхьара ҟаҳҵоит».


Read 122 times - Амҽыша, 17 Цәыббра 2023 15:35
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.