АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2023

Аԥсны иҭыжьу аалыҵ ацәыргақәҵатә хәаахәҭра Пицунда ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 16 рзы Пицунда ақалақь, аныхабаа аҿаԥхьа иҟоу ашҭаҿы имҩаԥысит Аԥсны иаарыхәуи иҭыжьууи  ақыҭанхамҩатә аалыҵ ацәыргақәҵатә хәаахәҭра. Аусмҩаԥгатә ақыҭеи  ақыҭанхамҩеи  рыҿиара Ацентр ала  еиҿкаахеит.

Аҭыжьыҩцәа ишазгәарҭо ала, дара рзы ацәыргақәҵатә хәаахәҭра – раалыҵ аҭиразы алшра шьахәны иҟоуп.

«Сара уажәадагьы ацәыргақәҵатә хәаахәҭра схы аласырхәхьеит, уи азы алшара ансоулак хымԥада сҽаласырхәуеит. Ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа излауо ала лассы-лассы иҩаԥгалатәуп, избан акәзар, ҳара аҟыбаҩ злоу ауаа рацәаны иҳамоуп, дара зегьы рхала раалыҵ рзыҭиӡом, ацхыраара рҭахуп», - ҳәа лгәаанагара лҳәеит акыцӡры азы аҟаза Сабина.

Ацәыргақәҵатә хәаахәҭра аҭааҩцәа ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа иҷыдоу атмосфера аԥырҵоит ҳәа иазгәарҭон.

Ҳара ҳаиасны ҳашцоз иаабеит ари аҩыза аусмҩаԥгатә шымҩаԥысуаз. Ҳаангылан ҳааит. Ҳара ари даара ҳгәалаҟазаара шьҭнахит. Напыла иҟаҵоу аинтерес зҵоу амаҭәарқәа рацәоуп, ҳара иааҳхәахьеит даара иԥшӡоу арнамент зну амҿтәы мҳаҵә, иҵегьы џьара акы ааҳхәап ҳәа гәы иаанагоит», - ҳәа еиҭалҳәеит Пицунда ақалақь аҿы инхо Асида ҳәа зыхьӡу аԥҳәызба. Уи иазгәалҭеит ас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа гәахәара дула ишрыдыркыло аҭыԥантәи ауааԥсыра рыдагьы ақалақь иаҭаауа асасцәагьы.  

Сынтәала ари ақыҭеи ақыҭанхамҩеи рыҿиара Ацентр ала абар шьҭа ҩынтәны еиҿкаахо ацәыргақәҵатә хәаахәҭра ауп. Актәи ацәыргақәҵатә хәаахәҭра Афон Ҿыц ақалақь аҿы имҩаԥысит.

Ацентр адиректор Заур Гәлиа иажәақәа рыла, ацәыргақәҵатә хәаахәҭра сынтәадагьы имҩаԥысхьан, уи есааира еиҳа-еиҳа апопулиалра аҵаны иҟалоит. Сынтәа Ашықәс ҿыц аламҭалазы даҽа цәыргақәҵатә хәаахәҭра мҩаԥгахоит.

«Ацәыргақәҵатә хәаахәҭра – аарыхыҩцәеи аҭыжьыҩцәеи рзы ирыхәаша аимадара абжьаҵареи, аконтатктқәа рырҳареи, иара убас  раалыҵ аӡыргареи рзы зеиӷьаҟам лшароуп. Аха рыцҳарас иҟалаз, Аԥсны ухатәы аалыҵ дырбареи егьырҭ аҭыжьыҩцәеи аарыхыҩцәеи рԥылареи рзы иманшәалоу  аҭыԥқәа маҷны иҟоуп», - ҳәа инациҵеит иара.


Read 286 times - Амҽыша, 17 Цәыббра 2023 14:52
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.