АЖӘАБЖЬҚӘА

17.Цәыббра.2023

Брианск ақалақь анапхгараҭара аиашьаратә қалақьқәа рделегациақәа официалла рыдкылара мҩаԥнагеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 17, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Цәыббрамза 17 рзы Брианск ақалақь ахада Марина Дбари Бриансктәи ақалақь ахадара аиҳабы Алеқсандр Макарови  ақалақь Амш азгәаҭара иазку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рылахәхаразы иааз ҳаҭыр зқәу асасцәеи аиашьаратә қалақьқәа рделегациақәеи официалла рԥылара мҩаԥыргеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аҟәа ақалақь Ахадара аофициалтә саит.

Аҟәа ақалақь Ахадара аусбаҩ Ирина Шьониа Аҟәа ақалақь ахада Беслан Ешба  Брианск ақалақь Амш инамаданы иааишьҭыз адныҳәалара даԥхьеит.

«Ақалақь ауааԥсыра реизҳазыӷьара ахьӡала ҳара аусеицура ацҳақәа бжьаҳҵоит, адыррақәа рыла, акультурала, аԥышәеимадара, уҳәа еиҿаҳкаауеит. Акыр ҳаҭыр ҳзақәуп аиҩызаратәи аимабзиаратә еизыҟазаашьақәа. Ари амш азы азин сышәҭозар, Брианк ақалақь аҭычреи аизҳазыӷьареи азеиӷьасшьар сҭахуп! Ари аныҳәа зеиӷьаҟам ала имҩаԥысааит!» - ҳәа иаҳәоит Аҟәа ақалақь иҟаиҵаз адныҳәалара аҿы.

Ақалақь асасцәа «1943-2023 шықәсқәазы имҩаԥысуаз Аџьынџьтәылатәи еибашьра Дуӡӡа аан  Брианск ақалақь ахақәиҭтәра ҟалеижьҭеи 80-шықәса аҵра» ҳәа агәалашәаратә медалқәа ранашьахеит.

Арратә Ахьӡ-Аԥша Ашҭеи Ахьӡ Камшәара Аҳәыгәреи рҿы аофициалтә дкылара ашьҭахь, ақалақь агәалашәаратә ҭыԥқәеи арратә мемориалқәеи рҿы ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа мҩаԥысит.


Read 212 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 11:46
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.