АЖӘАБЖЬҚӘА

12.Цәыббра.2023

Аԥсуа культура афестиваль “Аԥсны” цәыббрамза 24 рзы Москва ақалақь аҿы иаатуеит.

Аҟәа. Цәыббрамза 12, 2023 шықәса. Аԥсныпресс /Алеқсеи Шамба/. Амультимедиатә апресс-центр  Sputnik Аԥсны аҿы москватәи абаҳча «Ермитаж» аҿы цәыббрамза 24 рзы имҩаԥгахо аԥсуа культура  4-тәи Афестиваль «Аԥсны» аартра иазкны авидеоцҳа «Москва-Аҟәа мҩаԥысит.

«Мокватәи аԥсуа Диаспора» анапхгараҭара ахантәаҩы Беслан Агрба, МАД анагӡаратә директор Даур Барганџьиеи аԥсуа культура Афестиваль «Аԥсны» амҩаԥгаҩ Давид Цужбеи истильрку аԥсуа иашҭа-гәара аҿы афестиваль асасцәа аԥсуа жәлар рыбзазара атрибутқәа рбара, амузыкатә инструментқәа рыла ахәмарра, иара убас амилаҭтә деликатесқәа ргьама абареи рылшоит ҳәа еиҭарҳәеит.

Беслан Агрба, афестиваль афестиваль иаҭаауа Москва инхо ауааԥсыреи аҳҭнықалақь асасцәеи Аԥсны аԥсшьараҭыԥ анаҩс ибеиоу акультуреи аҭоурыхи змоу ҳәынҭқаррак аҳасабала адырра азы ацхыраара рынаҭоит ҳәа иазгәеиҭеит.

Даур Барганџьиа афестиваль асасцәа ирзыԥшуп инарҭбаау апрограмма, иара убас узқәымгәыӷуа аҳамҭақәа рацәаны.  

«Афестиваль аҭааҩцәа рзы узқәымгәыӷуа аҳамҭақәа рацәаны ирхианы иҳамоуп.  Хықәкы хаданы иҳамоуп аиҳабацәа реиԥш аиҵбацәагьы рзы аинтерес аҵаны апрограмма аиҿкаара», - ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Давид Цужба иажәақәа рыла, сынтәа имҩаԥгахо афестиваль адраматургиа аганахьала еиҳа еизакны иҟалоит. «Афестиваль асасцәа аҭаара аҟынтәи ироуа иреиӷьу ацәанырра акыр аамҭа ргәаҵаҿы ишаанхо азы агәыӷра ҳамоуп», ҳәа иазгәеиҭеит иара.

Москватәи Аԥсуа Диаспора анапхгараҭара алахәыла Инна Барчани апроект «Аетнопарк Аԥсны" акуратор Кристина Ҭыжәбеи афестиваль аҿы акинотеатри алекториеи рҿы аԥснытәи акинематограф  абареи амастер-классқәа рҭаареи аԥсуа бызшәа аурокқәа ргареи, уҳәа убас ирацәаны алшарақәа аԥҵахоит ҳәа иазгәарҭеит. «Асцена хада аҿы иқәгылоит амилаҭтә музыкатәи акәашаратәи аколлективқәа. Афестиваль аҭааҩцәа атрадициатә чара аҿы асас ироль анагӡара иҽазишәар ауеит, иара убас ажәытәтәи аԥсуа қьабзқәеи аҵасқәеи аҵара «Аамсҭа Қьиабз» рзы адырра иоур алшоит. Еиҳа активра злоу аԥсшьара абзиабаҩцәа аҟаза Заур Жане ицны кавказтәи аиога ала рҽазыҟарҵар ҟалоит, анардқәа, ашахматқәа рзы атурнир аҿы рымчқәа ԥыршәар, иара убас аԥсуа ахыци ахәымпали рыла ахысра рҵар алшоит.   Иара убас афестиваль апрограмма аҿы иҟоуп – ашәҟәытә маркет, аҳаԥшьаӡратә ҟазарҭеи ажьиреи, ҳаамҭазтәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа рсахьақәа рцәыргақәҵа». 

Инна Барчан лажәақәа рыла, есышықәса афестиваль иаҭаауа рхыԥхьаӡара еиҳахоит.

«Ҳара аҭааҩцәа рхыԥхьаӡара ацлара ҳазыԥшуп. Афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаны еиҿкаахоит «Аиааиара Аллеиа». Араҟа иаарԥшхоит ҳажәлар Аиааираҟа инагаз амҩа аҿы изхысыз ихадоу ахҭысқәа. Иагьа  уадаҩреи, иагьа мыҟәмабареи рхыргазаргьы, ҳажәлар рзы ари ныҳәа дуӡӡоуп, ҳара ари агәалаҟазаара шьахә ҳфестиваль аҭааҩцәа рызнагара ҳҭахуп», - ҳәа илҳәеит лара.

Афестиваль арежиссиор  – Аԥсны зҽаԥсазтәыз артистка Мадина Аргәын. Аусмҩаԥгатә мҩаԥысуеит Аԥсны акультура Аминистрра адгыларала.

 


Read 108 times - Ашәахьа, 18 Цәыббра 2023 19:19
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.