pressadmin-2

pressadmin-2

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Ԥхынҷкәынмза 8 рзы Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәарҭа аҿы Аԥсны Аҳәынҭқарра аҿы Урыстәыла аусқәа рҿы аамҭалатәи  агәрага Максим Литвинови Аԥсны аусуратә визитла иҟоу Архангельтәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ  - Агубернатор Иусбарҭеи Анапхгареи реиҳабы Ваге Петросиани реиԥылара мҩаԥысит.

Ацҳаражәҳәарҭа апресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, аиԥылара аҿы аганқәа Архангельтәи аобласти Аԥсни аусеицура абжьаҵара аперспективақәа ирылацәажәеит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба аусутә онлаин-еилацәажәара мҩаԥигеит Адәныҟатәи аусқәа рминистрра Аттестациатә комиссиа алахәылацәеи Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа аусзуҩцәеи алархәны.

Аԥсны ахада инапынҵала Урыстәыла иҟоу Аԥсны Ацҳаражәҳәарҭа маҷ-маҷ арефрормақәа ирхыжьхоит.

Аусутә онлаин-еилацәажәараҿы аминистр Инал Арӡынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Ацҳаражәҳәарҭа Аԥсны амилаҭтә интересқәа ирыҵагыло, хра змоу институтны иҟалар шакәу.

«Ацҳаражәҳәарҭа оперативлеи хаҭабзиаралеи ҳацтәылауаа еиуеиԥшым рызҵаарақәа рганахь ала рырзаҳалқәеи, рзыҳәақәеи, рҭаххарақәеи ирызхьаԥшлароуп. Ацҳаражәҳәарҭаҿы иҟазароуп алҵшәа иазырхо, ипрогрессивтәу аҭагылазаашьа» ҳәа иҳәеит иара.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касландӡиа/.  Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс VIII аизара ду аделегатцәа Иреиҳаӡоу Ахеилак аилазаара ҿыц шьақәдырӷәӷәеит.

Аԥсны аҟынтәи Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак аилазаара иалалеит  Арда Ашәба,  Алина Барцыц, Џьамбул Инџьгиа, Нури Кәарҷиа, Вадим Ҳаразиеи Виачеслав Чыркбеи; Санкт-Петербург аҟынтәи  – Мусса Еқзеқь; Ҟарачы-Черкесстәи Ареспублика аҟынтәи – Мухадин Аубеков, Умар  Кончев, Мурат Муков,  Армида Чагәаа; Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика аҟынтәи –  Владимир Пшеноков, Москва ақалақь аҟынтәи  –  Беслан Агрба, Олег Барцыц, Беслан Кобахьиа, Мурадин Курчуков; европатәи атәылақәа рҟынтәи –  Ерҟан Ҳаџьымба; Ҭырқәтәыла аҟынтәи – Биулент Аҩӡба, Шамиль Баркан, Атилла Бганба, Мураҭ Гечба, Мехмеҭ Инаԥшьба, Шамиль Ешба; Аџьариа аганахьала – Натали Лазба, Шьамтәылантәи – Шараф Маршьан.

Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак алахәылацәа ралхра ашьҭахь аделегатцәа  уи ахантәаҩы иалхра ахь ииасит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза 8  рзы амшиира азгәанаҭоит аинформациатә Маҵзура Sputnik Аԥсны. Раԥхьаӡа уи Аԥсны ицәырҵит ԥхынҷкәынмза 8, 2014 шықәса рзы. Убри амш инаркны агентра асаит аҿы есыҽны, ессааҭ Аԥсны еиԥш уи анҭыҵгьы имҩаԥысуа хадара злоу ахҭысқәа рзы аинформациа анылоит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Архангельсктәи аобласт агубернатор актәи ихаҭыԥуаҩ Ваге Петросиан дидикылеит.

Аҳәынҭқарра Ахада асас аԥсшәа иаҳәо, иазгәеиҭеит Аԥсны анапхгара Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи реизыҟазаашьақәа аҵак ду шанаҭо.

«Бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит Аԥсны. Ҳара ҩызак иаҳасабала шәбара ҳаигәырӷьоит. Хтәылақәа русеицура, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациа асубиектқәеи ирыбжьоу аимадарақәа Аԥсни Урыстәылеи рыжәларқәа реизҳазыӷьара иазкуп. Урыстәыла акәша-мыкәша аҭагылазаашьа уадаҩуп иахьа, уи еилыкка иаанарԥшит Урыстәыла иадгылоу, ҩызара азызуаҵәҟьа, аԥхьаҟагьы Урыстәыла иадгылаҩцәаны иҟало», - иҳәеит  Аҳәынҭқарра Ахада. 

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиеи Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Еқьзеқьи аусеицуразы аԥкаанҵа рнапы аҵарҩит.

Иарбоу аусшәҟәы ахықәкы —  адемографиатә политикеи арепатриантцәа рыҽрымадареи рзы аусхкы аҿы азеиԥш хыдҵақәа рынагӡара.

Мусса Еқзеқь, ари аусшәҟәы анапаҵыҩра Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс аҿаԥхьа игылоу ахыдҵақәа жәпакы рыӡбара иацхрауеит ҳәа иазгәеиҭеит.

Вадим Ҳаразиа Мусса Еқзеқь Иреиҳаӡоу аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩыс иалхра идиныҳәалеит, иара убас имҩаԥысуа аусура шацҵахо азгәеиҭеит.

«Иҟалар ҟалап ари асуеицура ҵакыс иамоуи ҳәа аӡәы иҳәаргьы? Аха Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак адемографиатә проблемақәа рыӡбара аганахьала иҟанаҵо ашьаҿақәа акыр аҵак ду амоуп. Ҳара ҳазну амҩа акуп», –  ҳәа иҳәеит Вадим Ҳаразиа.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аманда Касланӡиа/. Ԥхынҷкәынмза 8  рзы Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс VIII аизара ду аусура иацнаҵеит.

Апленартә еилатәара ааиртит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс Иреиҳаӡоу Ахеилак ахантәаҩы Мусса Еқьзеқь.

Уи аизара ду аделегатцәеи асасцәеи дрыдныҳәалеит: «Аизара ду аусура актәи амш азы ҳара Аконгресс хәы-шықәса рыла инанагӡаз аусура инарҭбааны ҳалацәажәеит. Ҳара ҳақәгәыӷуеит иарбоу аамҭа иалагӡаны иҟаҳҵаз зегьы аԥсуа-база жәлар рзы хра злоу усны иҟалеит ҳәа».

Апленартә еилатәара мҩаԥигоит Адунеизегьтәи аԥсуа-база жәлар Рконгресс анагӡаратә маӡаныҟәгаҩ  Инар Гыцба.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. 31 шықәса раԥхьа, ԥхынҷкәынмза  8, 1991 шықәса рзы Асоветтә Социалисттә Республикақәа Реидгыла хыбгалеит.

Асоветтә республикақәа хԥа – Урыстәылатәи Асоветтә Федеративтә Социалисттә Республика (РСФСР), Белоруссиеи Украинеи «Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реиҩызара аԥҵара азы Аиқәшаҳаҭра» рнапаҵаҩра мҩаԥысит.    Анаҩс уи анапаҵыҩра ахьымҩаԥысыз аҭыԥ инамаданы «Беловежсктәи аиқәшаҳаҭра» ҳәа иахьӡхеит.

Аиқәшаҳаҭра анапаҵыҩра Беловежтәи абна (Белоруссиа) имҩаԥысит.

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 6, 2022 шықәса. Аԥсныпресс.  Аԥсны ауааԥсыра Ашықәс Ҿыц аламҭалазы ДЖәР, ЛЖәР, Херсонтәии Запорожтәии аобластқәеи рахь агуманитартә цхыраара ашьҭра аиҿкаара аҽалархәразы агәазыҳәара аадырԥшит.

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа иҟаиҵаз адҵа ала, Аԥсны араионқәа рҿы амандарина адкыларазы апунктқәа еиҿкаахоит.

Аԥшьаша, ԥхынҷкәынмза 8 рзы,  асааҭ 10:00 инаркны 18:00 рҟынӡа, араионқәа рҿы инхо ауааԥсыра рыура амандарина абарҭ аҭыӡҭыԥқәа рахь иааргар алшоит:

Аҟәа араион, Гәымсҭа ақыҭа (ЗҲәА Аԥсны аҭаҭын);

Ақалақь Очамчира, Шьынқәба имҩа, аҩны №65, (араион Ахадара ахыбра аҿаԥхьа аплошьад аҿы),

Ақалақь Гәдоуҭа, Гәлиа имҩа (Гәдоуҭатәи автостанциа);

Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 7, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Ԥхынҷкәынмза   6, 2022 шықәса рзы Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа Азербаиџьан атәылуаҩ  Мамедов Жавид Маликоглу, Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа – Масальски Евгени Иван-иԥеи Богданова Серафима Иван-иԥҳаи рганахьала ахарадҵатә ӡбамҭа аднакылеит.  Иарбоу ахаҿқәа Аԥсны Аҳәынҭқарра Ашьаустә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 224, ахәҭа 3, апункт «в»  (анаркотикатә маҭәашьарқәа еизакны мҽхакы ҭбаала изакәанымкәа раахәареи реиҭарсреи) инақәыршәаны ацәгьоура аҟаҵара аҿы ахара рыдҵан, ҳәа иаанацҳауеит Апрокуратура Хада аофициалтә саит.  

Жавид Мамедови Евгени Масальскии рхьырхәра аҳасабала зрежим рӷәӷәоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса аҭакрала ахгареи 800 нызықь мааҭ аҳәынҭқарра ахашәалахәы азы ахараԥса ашәареи рықәҵоуп. Серафима Богданова лхьырхәра аҳасабала азеиԥш режим змоу ариашаратә колониа аҿы 15 шықәса аҭакрала ахгареи 800 нызықь мааҭ аҳәынҭқарра ахашәалахәы азы ахараԥса ашәареи лықәҵоуп.

Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2025
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.