АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Рашәара.2023

Гагра ақалақь ӡыла аиқәыршәара еиҭашьақәыргылоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 14,  2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Иҟалаз ақәыршҩи аӡыҳәынҵәатә ҩарӡқәеи ирыхҟьаны Гагра ақалақь аҿы ашьыжь, асааҭ  5 инаркны ӡыла аиқәыршәара аанкылан.  

«Аӡхагаларатә станциақәа «Репруа-1», «Репруа-2» русура аанкылан, избан акәзар аӡыҳәынҵәатә ҩарӡқәа аӡхагаларатә станциа иаҿасуан. Аӡи аӡыҳәынҵәатә ҩарӡқәеи маҷк ианықәҵ ашьҭахь ҳара аӡхагаларатә станциа ашҟа ҳалбааит, иҟоу аҭагылазаашьа гәаҳҭеит. Уажәы ауааԥсыра ӡыла реиқәыршәара еиҭашьақәыргылоуп», – ҳәа иҳәеит Гагра араион ахада ихаҭыԥуаҩ Адамыр Цишба. 

Уи иажәақәа рыла, афымцамч ала аиқәыршәара аганахьала уадаҩра ыҟам.

Гагра иахьаҵанакуа ареспубликатә мҩаду ахәҭакала амашьынақәа рныҟәаразы иаартуп.

«Автомашьынақәа рныҟәара аамҭала ишьақәыргылоу ареверсивтә хырхарҭала иныҟәоит. Амҩа ахаҳәи-мҿыҳәи рацәаны иҿықәнагалеит, уи инагӡаны макьаназы арыцқьара залыршам», - ҳәа иҳәеит Адамыр Цишба.

Амшцәгьа ахҟьаԥҟьақәа рықәгара ашьҭахь, Гагра араион  Ахадара азарал аихшьаалақәа рыҟаҵара иалагоит.  

Амшцәгьа иахҟьаны адәыӷбақәагьы рныҟәара аанкылахеит.

Аԥсныпресс Аԥснытәи Аихамҩақәа апресс-маҵзура аҟынтәи иаиуз адыррақәа рыла, амаршрут ахь ицәырымҵӡеит афымцадәыӷба «Ласточка», апассаџьыртә дәыӷба «Москва -Аҟәа» Цандрыԥшь аҳабла азааигәара иаанкылан, адәыӷбақәа «Санкт-Петербург – Аҟәа», «Тҟәаԥс - Гагра» рреисқәа аамҭала иаанкылахеит.

Иаанкылаз адәыӷбақәа ирҭаз апассаџьырцәа рымҩа ахьынӡахаз астанциақәа рҟынӡа рыиагара Аԥсны Аихамҩа ахарџь ала имҩаԥысуеит.


Read 255 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.