АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Рашәара.2023

Зшәгаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аӡхәыҵалацәа Аҟәатәи ақалақьтә ӡҭаларҭа иаҵанакуа амшын аҵа агәаҭара иазку аусурақәа мҩаԥыргеит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Зшәгаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аӡхәыҵалацәа Аҟәатәи ақалақьтә ӡҭаларҭа иаҵанакуа амшын аҵа агәаҭареи арыцқьареи ирызку аусурақәа мҩаԥыргеит.  Акорреспондент Аԥсныпресс диҿцәажәо абри азы адырра ҟаиҵеит зшәгаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аиҳабы Ҭенгиз Сабуа.

Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш аусурақәа есышықәса имҩаԥгахоит.

«Амшын аҵа агәаҭареи арыцқьареи раан аӡхәыҵалацәа есымша аиха иалху еиуеиԥшым амаҭәарқәа, аихаҵәқәа, уи моу, аметалл иалху атәарҭақәагьы рԥыхьашәоит», –  ҳәа иҳәеит иара.

Ҭенгиз Сабуа ҷыдала ишазгәеиҭаз ала, амшын аҵа агәаҭараан ус баша иузышьҭымхуа аихаҵәқәеи аихацқәеи рыԥшааит, урҭ ихҵәаны, хәҭа-хәҭала рықәгара ада уаҳа ԥсыхәа ыҟам.   

«Абри зегьы ҳара асхема аҿы иаҳарбоит, анаҩс урҭ анаҩс аҽыкәабаразы азин ахьыҟам аҭыԥқәа адырбарц азы ақалақь Ахадара ахь инаҳашьҭуеит. Иара убас иԥҽу ацәқәырԥаеиҩсагақәа рааигәара аҽыкәабаразы азин шыҟам ала адыргақәа рышьақәыргылара, мамзаргьы иарбоу аҭыԥқәа зынӡа рыҩкаареи хымԥадатәиуп», – ҳәа иҳәеит Ҭенгиз  Сабуа.

Зшәгаа маҷу аӷбақәа рзы аҳәынҭқарратә Инспекциа аиҳабы иҟаиҵаз адыррақәа рыла, аԥкаагатә аӡҳәаарбагақәа макьаназы ишьақәыргылаӡам, аха мышқәак ирылагӡаны урҭгьы ҟалоит.  

«Ареспублика аплиажқәа зегьы рҿы амшын аҵа агәаҭареи арыцқьареи ирызкны аусурақәа мҩаԥгазароуп. Уи ҳара ҳаӡхәыҵалацәа, мамзаргьы хазхаҭала аус зуа аӡхәыҵалацәа инарыгӡоит. Уажәзы ҳара Аҟәатәи ақалақьтә плиаж аҿы аусурақәа ҳхаркәшахьеит, Синоп, Алашарбага аҳаблақәа, иара убас Очамчыра ақалақь, Тамшь ақыҭан аусурақәа нагӡатәны иҳамоуп. Сара сгәаанагарала, мчыбжьык иахымгакәа иазԥхьагәаҭаны иҳамоу ауснагӡатәқәа зегьы рхыркәшара ҳахьӡоит», –  ҳәа адырра ҟаиҵеит Ҭенгиз Сабуа.    


Read 237 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.