2007 шықәса инаркны Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум Урыстәылатәи Афедерациа Ахада ихылаԥшреи хаҭала иалахәхареи рыла имҩаԥысуеит. Афорум адунеи акәакьқәа зегьы рҟынтәи зықьҩыла алахәылацәа аҭаауеит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп урыстәылатәи еиԥш аҳәаанырцәтәи аилазаарақәа рнапхаҩцәа, аҳәынҭқарақәа рнапхгаҩцәеи аполитикатә усзуҩцәеи, аҳәынҭқарра Анаԥхгарақәа, аԥыза-министрцәа рхаҭыԥуаҩцәа, агубернаторцәа, уҳәа. Аԥсны Аҳәынҭқарра аделегациа иара убас Афорум еиуеиԥшым аусмҩаԥгатәқәа изныкымкәа ирылахәхахьеит.
Сынтәа афорум «Исуверентәу аҿиара – ииашоу адунеи ашьақәгылара шьаҭас иамоуп. Еиҵагыло абиԥарақәа рзы ҳамчқәа еилаҳҵап» ҳәа алозунг ала имҩаԥысуеит. Петербургтәи жәларбжьаратәи аекономикатә Форум аусуратә программа даара игәылҭәаауп, уи иалагалоуп 150 инареиҳаны асессиақәа, амастер-классқәа, аусуратә еиԥыларақәа. Адискуссиақәа ирылаху ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа рҿы урыстәылатәи аекономика аҿиара иалацәажәараны иҟоуп, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа атехнологиатә суверенитет, аҩныҵҟатәи аполитика асоциалтә приоритетқәа, аџьа аџьармыкьеи уи аҭагылазаашьеи рхцәажәарақәеи, иара убас глобалла аиҭасымҭа аепоха аан адунеитә економика аҿы аҭагылазаашьа, уҳәа атемақәа ирҭааҭгылоит.