АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Рашәара.2023

Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гагра араион аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа еиликааит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа  иҟалаз ақәоура бааҧс иахҟьаны араион аинфраструктура ааха ӷәӷәа аиуит.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Лев Кәыҵниа Ахада адырра ииҭеит арыцҳара ахьыҟалаз аҭагылазаашьа зеиҧшроу азы:

«Уажәы амашьынамҩа аартуп, хырхарҭа ԥсахрала аусура цоит. Рыцҳарас иҟалаз, аихамҩа ҵнаӡәӡәааит, уахь макьана аусура аанкылоуп».

Аминистр, иара убас иҳәеит Москвеи Санкт- Петербургынтәии иаауаз Гагра аҳәаа Цандрыԥшь араион аҟны ишгылоу, аԥсшьаҩцәа ракәзар, агәҭынчымра шаадырԥшуа.

Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистрра анапхгаҩы Аҳәынҭқарра Ахада адырра ииҭеит апассаџьырцәа ацхыраара шрырҭо, амикроавтобусқәа рыла дасу иахьцоз ақалақьқәа рахь ишырго.

Ахҭыс ахьыҟалаз аҭыԥ аҟны шьыжьаахыс Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы Аминистрра аусзуцәеи акоммуналтә усбарҭақәеи  амҩақәеи дрыцқьоит. Уи иабзоураны ҩ-сааҭк раԥхьа амҩа аартра алыршахеит, амашьынақәа рныҟәара хацыркхеит.

Ахада аҭагылазаашьа ҷыдала дахылаԥшуеит.

 

 


Read 245 times - Ахаша, 14 Рашәара 2023 20:32
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.