АЖӘАБЖЬҚӘА

14.Рашәара.2023

Аслан Бжьаниа Гагра араион аҿы аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгара азҵаара рзы анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигоит.

Аҟәа. Рашәарамза 14, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа абарҭ асааҭқәа рзы Гагра ақалақь аҿы акоммуналтә маҵзурақәеи Иҷыдоу аҭагылазаашьақәа рзы Аминистрреи рхаҭарнакцәа алархәны анҭыҵтәи аилатәара мҩаԥигоит.  Уи иахьа ашьжьымҭан Гагра араион аҿы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьаԥҟьақәа рықәгареи араион иаиуз азарал заанаҵтәи аихшьаалақәеи рызҵаарақәа ирызкуп.  

Аҳәынҭқарра Ахада  ипресс-маҵзура иҟанаҵо адыррақәа рыла, Аслан Бжьаниа излауа ала ирласны аихамҩа ала аныҟәара алагара алыршареи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа азы есыҽны адырра иҭареи рзы адҵа ҟаиҵеит.  

Иара убас иҷыдоу акомиссиа аԥҵоуп. Уи иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны араиони уи ауааԥсыреи ироуз азарал ахәшьара аҭареи иақәнагоу акомпенсациақәа рызшәареи ралыршара хыдҵаны иамоуп.   Убас, иҳаҩсыз ашықәс азы Аԥсны иҟалаз иҷыдоу аҭагылаззаашьақәа рҟынтәи ааха зауз ауааԥсыра ирызшәаз акомпенсациатә шәатәқәа рзеиԥш еицҵалыҵ  300 млн. мааҭ рҟынӡа инаӡеит.  


Read 270 times - Аԥшьаша, 15 Рашәара 2023 09:38
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.