АЖӘАБЖЬҚӘА

13.Рашәара.2023

Апрокуратура Хада ақәылара аҿы ахара здыз ԥшьҩык ауаа рганахьала Ҭҟәарчалтәи аӡбарҭа ашьауӷақәҵара иазашшит.

Аҟәа. Рашәарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Апрокуратура Хада  аӡбаратә усбарҭа ашьауӷатә усеилыргарақәа рзы Иреиҳаӡоу аӡбарҭа акассациатә коллегиа ахь лаҵарамза 24, 2023 шықәсазы заанаҵтәи аусеилыргара аусбарҭала ԥхынҷкәынмза, 2018 шықәсазы аулафахәы аазгоз Ҭҟәарчал ахәышәтәырҭа аусзуҩцәа рықәлара, иара убас гәыԥҩык ауаа еицны иҭҟьо амцабџьар изакәанымкәа аҵәахреи ахархәареи аиҭарсреи  инарымаданы  ахара здыз Миквабиа Р.Б., Миквабиа А.Б., Сар-оглы А.Р., Гогәуа М.С., рганаьала Ҭҟәарчалтәи аӡбарҭа  ишьақәнарӷәӷәаз ашьауӷақәҵара азы акассациатә дгалара ахәаԥшразы инанашьҭит. .  

Апрокуратура аганахьала иарбоу аӡбаратә ӡбамҭа азашшра шьаҭас иаиуит ашьауӷақәҵара аиашамра. Миквабиа Р.Б., Гогәуа М.С., Миквабиа А.Б. рганахьала аӡбарҭа ала ишьақәыргылоу ахьырхәра Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 59 санкциақәа рыла иазԥхьагәаҭаӡам; Сар-оглы А.Р. ҵаҵӷәыда дыриашоуп. Аҳәынҭқарратә харадҵа агәаанагарала, иарбоу аусеилыргарала  аӡбарҭа  ашьауӷатә процессуалтә закәанԥҵара ӷәӷәала аилагара аҭыԥ аиуит.

Ашьауӷақәҵара атекст ала: 

Миквабиа Рамин Баграт-иԥа ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡоуп, уи имазара имхрала ирӷәӷәоу арежим змоу ариашаратә калониа аҿы хәы-шықәса аҭакрала ахгара иқәҵоуп.

Иара аусеилыргаанӡатәии аӡбаратәии аусеилыргарақәа мҩаԥысуанаҵы аҩнытә баандаҩтәреи аҭакреи рыҽҳәара ахьынҵәаз инамаданы ихы дақәиҭтәуп.  

Миквабиа Аслан Бено-иԥа ахара идуп ҳәа дыԥхьаӡоуп. Уи аԥышәаратә шықәсык ацны згәаҭарала ҩы-шықәсеи фы-мзи аҭакрала ахьырхәра дақәыршәоуп. Убри аан аӡбарҭа азыӡба ала уи иқәҵаз ахьырхәра аҽҳәара ииасхьеит ҳәа иԥхьаӡаны  ахьырхәра аҟынтәи дақәиҭтәхеит.  

Гогәуа Мизан Севериан-иԥа шықәсык ацны згәаҭарала ҩы-шықәсеи хы-мзи аҭакрала ахьырхәра дақәыршәоуп. Убри аан аӡбарҭа азыӡба ала уи иқәҵаз ахьырхәра аҽҳәара ииасхьеит ҳәа иԥхьаӡаны  ахьырхәра аҟынтәи дақәиҭтәхеит. 

Сар-Оглы Аинар Русҭем-иԥа азеиԥш режим змоу ариашаратә калониа аҿы 4  шықәса аҭакрала ахгара иқәҵоуп. Убри аан иара аус иалахәымзаара инамаданы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аусеилыргаратә Закәанеидкыла ахәҭаҷ 159, ахәҭа   4, апункт «б» инақәыршәаны дыриашоуп,  аусеилыргаанӡатәии аӡбаратәии аусеилыргарақәа рҿы ахьырхәра аҽҳәара анҵәара инамаданы ахьырхәра ахгара аҟынтәи ихы дақәиҭтәуп.

Аусеилыргаанӡатәи аусеилыргара аусбарҭала Миквабиа Р.Б., Миквабиа А.Б., Гогәуа М.С. , Сар- Оглы А.Р.  ԥхынҷкәынмза 9, 2018 шықәсазы гәыԥҩык ауаа заанаҵы ицәыҵеицәажәаны Ҭҟәарчалтәи араионтә хәышәтәырҭа Хада амедицинатә усзуҩцәа руалафахәы аазгоз аинкассациа иақәлеит, анаҩс аԥсҭазаареи агәабзиареи ашәарҭара иҭазыргыло ахымҩаԥгашьа ала аԥара аазгоз ауаа аполиетилентә пакет еиқәаҵәақәа ирҭаз, зеицҵалыҵ  1 млн 383 ныз.  690 мааҭ рҟынӡа инаӡоз аԥаратә хархәагақәа мчыла ирымхны амашьына  ВАЗ-2107 ала ацәгьоура ахьыҟалаз аҭыԥ аҟынтәи рҽырӡеит ҳәа ахара рыдҵан.


Read 214 times - Ахаша, 14 Рашәара 2023 20:34
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.