қарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ аполковник Ахьиба Ҭемыр Иосиф-иԥа.
Аҟәа. Рашәарамза 13, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа «Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы изы» Аусԥҟа инапы аҵаиҩит.
Аусԥҟа атекст иаҳәоит:
Лаҵарамза 06, 2014 шықәсазы иҭыжьыз «Арратә ҳакԥхықәреи арратә маҵзуреи рзы» Аԥсны Аҳәынҭқарра Азакәан №3498-c-V, ԥхынҷкәынмза 24, 2018 шықәсазы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ишьақәирӷәӷәаз «Арратә маҵзура ахысра азы Аԥҟара № 374 инарықәыршәаны:
Аинрал-маиор Киут Роберт Витали-иԥа Аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура ахантәаҩы имаҵураҭыԥ аҟынтәи ихы дақәиҭтәзааит, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩныҵҟатәи аусқәа русбарҭақәа рахь амаҵзурахьы аиасра инамаданы, ҽҳәараанӡа арратә маҵзураҟынтәи ихы дақәиҭтәзааит.
Аԥсны аҳәынҭқарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы аамҭала инапынҵақәа рынагӡара идҵазааит Аҳәынҭ
қарратә шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ аполковник Ахьиба Ҭемыр Иосиф-иԥа.