
pressadmin-2
ЕЛЕНА ЖИЛИНСКАИА ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АКОНКУРС «ЖӘЛАР РДИПЛОМАТИА АԤЫЗА» ҲӘА ХЫС ИЗМОУ ЖӘЛАРБЖЬАРАТӘИ АКОНКУРС АҾЫ АԤХЬАХӘ ЛГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны иҟоу Урыстәыла атәылауаа рзинқәа рыхьчаразы Ацентр анапхгаҩы Елена Жилинскаиа Жәларбжьаратәи аконкурс «Жәлар рдеплоиматиа аԥыза» аҿы ахьтәы аԥхьахә ланашьахеит.
Аконкурс афинал амилаҭтә акзааразы Урыстәылазегьтәи афоруми Пермь ақалақь аҿы имҩаԥысуаз ажәлар Реиҩызара азы Пермтәи иаарту афоруми рҳәаақәа ирҭагӡаны имҩаԥысит. Араҟа Аԥсны ахьӡала дықәгылеит Елена Жилинскаиа.
Лара аҳәаанырцә инхо аџьынџьуаа адгылара рыҭара иазку апроект аӡыргара мҩаԥылгеит.
АРЕПАТРИАЦИА АЗЫ АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ЕИЛАКЫ АҾЫ ЕРДЫНЧ АҬЕИБА ДЫРГӘАЛАДЫРШӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы аҿы аҭырқәа қалақь Хаилар аҿы иҟоу аԥсуа-база жәлар Адунеизегьтәи Рконгресс аҭыԥантәи аҟәша анапхгаҩы Ердынч Аҭеиба иԥсҭазаара алҵра инамаданы алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә мҩаԥысит.
Алахьеиқәҵаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит Ҭырқәтәыла, Германиа, Голландиа аҟынтәи аԥсуа диаспора ахаҭарнакцәа, иара убас апрофессор, ажурналист Екатерина Бебиа, Аԥсуаҭҵааратә Институт адиректор Арда Ашәба, арепатриациа азы аҳәынҭқарратә Еилакы ахантәаҩы Вадим Ҳаразиа.
Еизаз зегьы зыԥсҭазаара иалҵыз минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит.
Еизаз рҿаԥхьа дықәгылауа, Вадим Ҳаразиа иҳәеит: «Ишыжәдыруа еиԥш, ааигәа иԥсҭазаара далҵит ҳашьа еиҳабы, ҳҩыза бзиа, апатриот иаша, аԥсуа хаҵа, Ҭырқәтәыла «аԥсуара» аиқәырхара аус азы акыр аџьабаа збахьаз, зыԥсадгьыли зыуаажәлари рхьаа зхьааз - Ердынч Аҭеиба. Уи мыцхәы аҽықәыргылара бзиа ибаӡомыз, убри азы иахьатәи ҳаиԥылара ҭаацәашәала имҩаԥысуеит ҳәа уҳәаратәы иҟоуп», - ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит иара.
АСЛАН БЖЬАНИА ОЧАМЧЫРА АҚАЛАҚЬ АҾЫ ЗЕИҬАШЬАҚӘЫРГЫЛАРА МҨАԤЫСУА АКУРОРТ-ЗҨЫДАТӘРАТӘ БАЗА ДАҬААНЫ АУСУРАҚӘА РЦАШЬА ГӘЕИҬЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион ахь аусуратә ҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны, Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Очамчыра ақалақь аҿы зеиҭашьақәыргылара мҩаԥысуа акурорт-зҩыдатәратә база аҿы аусурақәа рымҩаԥысшьа гәеиҭеит. 16-еихагылакны иҟоу Очамчыратәи аԥсшьарҭаҩны 260 номер амазаауеит, уи 600 шьҭаларҭа-ҭыԥла еиқәыршәахоит. Иарбоу аобиект иааиуа 2023-тәи ашықәс азы, аԥсшьараамҭа алагамҭа, рашәарамзазы ахархәарахь рыҭара азԥхьагәаҭоуп.
ВЛАДИМИР АНУА УРЫСТӘЫЛА АҲӘЫНҬҚАРРАТӘ ДУМА АТӘЫЛАХЬЧАРА АЗЫ АИЛАК АХАНТӘАҨЫ АНДРЕИ КАРТАПОЛОВ ДИԤЫЛЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны атәылахьчара Аминистрра аҿы атәылахьчара аминистр Владимир Ануеи Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Дума атәылахьчаразы Аилак ахантәаҩы Андреи Картаполови реиԥылара мҩаԥысит.
Аиԥылара иара убас рхы аладырхәит атәылахьчара аминистр ихаҭыԥуаҩцәеи гәыԥҩык Жәлар Реизара-Апарламент адепутатцәеи.
АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АХАДА 2022 ШЫҚӘСА АИХШЬАЛА АЗУРАЗЫ АРЕСПУБЛИКА АҚАЛАҚЬҚӘЕИ АРАИОНҚӘЕИ РХАДАЦӘА АЛАРХӘНЫ АИЛАЦӘАЖӘАРА МҨАԤИГЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа аилацәажәара мҩаԥигеит 2022 шықәса аихшьала азуразы ареспублика ақалақьқәеи араионқәеи рхадацәа алархәны.
Аилацәажәараан иазааҭгылеит афымцамч, аҭыԥантәи абиуџьетқәа рынагӡара, Аԥсны аинвестициадԥхьалара аиӷьтәра уҳәа ирызкыз азҵаарақәа.
Иара убас иахцәажәеит асоциалтә усхк, ааглыхратәи ақыҭанхамҩатәи аарыхра амҽхак инаданы иактуалтәу азҵаарақәа.
Аҳәынҭқарра Ахада аҭыԥантәи ахаланпхгаратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәа иргәалаиршәеит рнапы иану араионқәа рыҟны иҟоу аҭагылазаашьазы ирыду аҭакԥхықәра атәы, аусхкқәа зегьы рыҟны аинформациа асистематә ҟазшьа аҭареи, хырхарҭацыԥхьаӡа хәҭа-хәҭала адырра амазареи ирымоу аҵакы наҵшьны.
АСЛАН БЖЬАНИА ДОНБАСС АУААԤСЫРА АМАНДАРИН РЗЫШЬҬРАЗЫ ГУЛРЫԤШЬ АРАИОН АҾЫ ИҞОУ АИХШАРҬАТӘ БАЗА ДАҬААИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа Гәылрыԥшь араион аихшарҭатә база даҭааит, уа Донбасстәи ахәыҷқәа рзы агәыҳалалратә цхыраара ашьҭразы аусурақәа мҩаԥысуеит. Аԥсны ахьынӡанаӡааӡо иахьазы еиқәыршәоуп 60 тонна амандарин ашьҭразы. 10 тоннак инареиҳаны адкыларҭатә ҭыԥқәа рахь инаргеит атәылауаа.
«Ҳарҭ ҳацклаԥшны еилаҳхуеит, нас еизгоу амандарин рыҭрақәа ирҭаҳҵоит, Донецктәи Лугансктәи Жәлар р-Республикақәеи, Херсонтәи, Запорожсктәи ахәыҷқәа рҟынӡа инаӡарц азы. Аусура минуҭкгьы иаанкылам, ирласны иеизакхар, ахәыҷқәа ашықәс ҿыц азы ашәыр роуртә иҟалоит», - ҳәа иазгәарҭон аусуҩцәа атәыла Ахада ианиҿцәажәоз.
АСЛАН БЖЬАНИА ИДЫРГАЛЕИТ АԤСНЫ АҲӘЫНҬҚАРРА АГАЗЛА АИҚӘЫРШӘАРАЗЫ АСХЬЕМА ХАДА АПРОЕКТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 9, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа имҩаԥигеит Акционертә уаажәларра «Газпррм промгаз» аделегациа злахәыз аиԥылара.
Аиԥылараҿы аҳәынҭқарра Ахада идыргалеит Аԥсны Аҳәынҭқарра агазла аиқәыршәразы Асхьема хада апроект.
Апроект аус адулан газла аиқәыршәразы асхьема хада азырхиаразы Аԥсны Аҳәынҭқарра аекономика аминистрреи "Газпром промгази" рыбжьара изҵаҩыз Аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны.
Аиқәшаҳаҭра аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусурақәа зегьы рымҩаԥгара ҿҳәарас иаҭан шықәсык. Еиқәшаҳаҭрала иаҵаҩын, агазификациа Асхьема хада апроект ала иазԥхьагәаҭаз аетапқәа зегь рымҩаԥгара аҿҳәара ҳәаақәызҵоз амҩатә хсаала.
АԤСНЫ АГУМАНИТАРТӘ ЕИДАРА АИЗГАРА МҨАԤЫСУЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны зхы иақәиҭхаз иҿыцу Урыстәылатәи арегионқәа рҿы инхо ахәыҷқәа рзы агуманитартә цхыраара аизгара мҩаԥысуеит, ҳәа иаанацҳауеит Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа инапынҵа ала, ареспублика араионқәа зегьы рҿы еиҿкаауп агуманитартә цхыраара аизгара апунктқәа. Ареспублика ауааԥсыра активла иарбоу акциа рхы аладырхәуеит. Очамчыра араион аҿы убас еиԥш иҟоу апунктқәа руак иахьа даҭааит Аҳәынҭқарра Ахада Аслан Бжьаниа.
Аҳәынҭқарра Ахада араион ауааԥсыра агуманитартә акциа рхы ахьаладырхәо азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит:
ҚЫРҬТӘЫЛА АТӘЫЛАУАҨԤҲӘЫС ТАКАЛАНӠЕ КРИСТИНА ЛГАНАХЬАЛА АУСЕИЛЫРГАРА ИРЕИҲАӠОУ АӠБАРҬА АХЬ ИДӘЫҚӘҴАХЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Арратә прокуратура Қырҭтәыла атәылауаҩԥҳәыс Такалаӡе Кристина лганахьала ихацыркыз аусеилыргара ала ахарадҵатә ӡбамҭа аднакылеит. Кристина Такалаӡе ашпионаж азы ахара лыдҵоуп.
Аусеилыргара аверсиа инақәыршәаны, лара еизылгон, анаҩс Қырҭтәыла иҷыдоу амаҵзурақәа ирылҭон Аԥсны Аҳәынҭқарра арратәии аҳәынҭқарратәии амаӡа иаҵанакуа адыррақәа.
Аусеилыргара ахәаԥшразы Аԥсны Иреиҳаӡоу аӡбарҭа ахь идәықәҵоуп. Кристина Такаланӡе лганахьала Аҟәатәи ақалақьтә ӡбарҭа ала аҭакрала ахьырхәра алхуп.
АԤСНЫ АҴӘАХЫРҬАТӘ БАНК ԤХЫНҶКӘЫНМЗАЗЫ УРЫСТӘЫЛАТӘИ АТӘАНЧАХӘҚӘА РШӘАРА АГРАФИК ШЬАҚӘНАРӶӘӶӘЕИТ.
Аҟәа. Ԥхынҷкәынмза 8, 2022 шықәса. Аԥсныпресс. Аԥсны Аҵәахырҭатә Банк Аԥсны инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаҩра змоу атәанчаҩцәа ԥхынҷкәынмза, 2022 шықәсазы ртәанчахәқәа рызшәара аграфик шьақәнарӷәӷәеит. Ианиз ашықәс инамаданы атәанчаҩцәа х-гәыԥкны еихшахоит. Атәанчахәқәа ршәара алагоит ԥхынҷкәынмза 16 рзы.
Ԥхынҷкәынмза 16, 19, 20 рзы атәанчахәқәа рызшәара иалагоит 1-тәи агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа (1950 шықәсанӡа ииз уахь иналаҵаны);
Ԥхынҷкәынмза 21, 22 , 23 декабря - рзы атәанчахәқәа рызшәара иалагоит 2-тәи агәыԥ иаҵанакуа атәанчаҩцәа (1951 – 1956 шш. ииз уахь иналаҵаны);