АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Рашәара.2023

Гәдоуҭа араион аҿы аӷьычраҿы игәҩароу даанкылоуп.

Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс.  Гәдоуҭа араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша аоперативтә еилазаареи Афон Ҿыц амилициа аҟәшеи русзуҩцәеи рыла Амазаратә ҟазшьа змоу ацәгьоура, даҽакала иуҳәозар атәым мал ампыҵакра иадҳәалоу ацәгьоура аартхеит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра асаит.    Даанкылоуп ацәгьоураҿы игәҩароу, 1982 шықәсазы ииз, Очамчыра араион Лашькьындар ақыҭаҿы инхо Ԥлиа Давид Теренти-иԥа.  

Давид Ԥлиа, Афон Ҿыц ақалақь аҿы дшыҟаз амилициа ахь адырра ҟазҵаз имашьына асаркьа ԥҽны зтәы рӷьычыз ихатәы маҭәақәеи аусшәҟәқәеи зҭаз асахҭан шәыра иӷьычит.   Иӷьычыз амазара амилициа аусзуҩцәа игәҩароу имырхит. Уи иаразнак имҩаԥгаз аоператив-ԥшааратә усмҩаԥгатәқәа рышьҭахь даанкылан.

Атәым мазара ампыҵакра  афакт азы Ԥлиа Давид иганахьала аусеилыргара хацыркуп. Гәдоуҭа араионтә ӡбарҭа аӡбамҭала игәҩароу аҩнытә ҭакрара ахьырхәра иқәҵоуп.


Read 209 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.