АЖӘАБЖЬҚӘА

15.Рашәара.2023

Џьамал Делба ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацыркуп.

Аҟәа. Рашәарамза 15, 2023 шықәса. Аԥсныпресс. Очамчыра араион Апрокуратура Делба Џьамал Доди-иԥа ишьра инамаданы ашьаусеилыргара хацнаркит, ҳәа адырра ҟанаҵоит Апрокуратура Хада  асаит.              

Заанаҵтәи аусеилыргара Аусбарҭала ишышьақәыргылоу ала, рашәарамза 11, 2023 шықәса,  00 сааҭи 30 минуҭи инарзынаԥшуа, Очамчыра араион Гәыԥ ақыҭан,  2006 шықәсазы ииз Делба Инал Џьамал-иԥа, ауаҩшьра игәы иҭакны, зыхҭаларшә шьақәыргылам,  згәыцәеизадоу ашәарыцага шәақь ала, 1972 шықәсазы ииз Делба Џьамал Доди-иԥа иааигәаны диеихсит. Изеихсыз ахаҵа иоуз ахәрақәа ирыхҟьаны иаразнак иԥсҭазаара далҵит.  

Рашәарамза 11, 2023 шықәсазы ауаҩшьраҿы дыгәҩароуп ҳәа даанкыланы Очамчыра араион аҩныҵҟатәи аусқәа рыҟәша  аусеилыргаанӡатәи аамҭала аԥхьакырҭа ахь днаган Инал Делба.      


Read 264 times
Image
Image
Image
Image
Информационное Агентство "АПСНЫПРЕСС" (РГУ "АПСНЫМЕДИА") © 2024
Все права на любые материалы, опубликованные на сайте, защищены в соответствии с абхазским и международным законодательством об авторском праве и смежных правах. Использование любых аудио-, фото- и видеоматериалов, размещенных на сайте, допускается только с разрешения правообладателя и ссылкой на www.apsnypress.info.